Сергеи Владилен-иԥа азыӡба идикылеит аҩны иара ихарџь ала аиҭашьақәыргылара, анаҩс уи Оҭар Хәынцариа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә жәлартә инструментқәа роркестр ҳамҭас иаҭахоит аинструментқәа рыҟаҵаразы аҟазарҭеи, аԥсуа милаҭтә музыкатә инструментқәа рыҟны ахәмарра арҵара иазку азалқәеи раҳасабала хархәара аҭаразы. Иазгәаҭатәуп аорекстр анаԥҵаз аахыс аҽазыҟаҵарҭатә зал шамамыз.
Абри атәы иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аҟәа Администрациа Ахада Ҭемыр Агрба иԥылараан. Аҳәынҭқарра Ахада ақалақь Администрациа анапы ианиҵеит ари апроект анагӡараҟны ацхыраара, ҟарҵарц.