Print this page

Аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп

Цәыббра 10, 2025 44

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟала Гьаргь Гәлиа "Аԥсны зҽаԥсазтәыз ажурналист" ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵоуп.

60 шықәса зхыҵыз еицырдыруа ажурналист аҳамҭа ианашьоуп ​​амилаҭтә телерадиодырраҭара аҿиара аҿы иааирԥшыз илшамҭақәеи, изанааҭтә еихьӡарақәеи, ажурналисттә еиҿкаарақәеи иареи русеицуреи рзы.

Гьаргь Гәлиа Жәларбжьаратәи аинформациатә гәыԥ "Интерфакс" адиректор хада актәи ихаҭыԥуаҩс, анагӡаратә наԥхгаҩс дыҟоуп.