Print this page

Аибашьра ахыркәшара ахьӡала

Цәыббра 10, 2025 30

Аҩбатәи Адунеизегьтәи аибашьра ахыркәшара ашықәсахыҵра ахьӡала Москва, «Манежнаиа» ҳәа изышьҭоу ашҭа ҭбааҿы имҩаԥысуаз, Урыстәыла арратә хьӡи-ԥшеи Амш иазкыз агәалашәаратә усмҩаԥгатә рхы аладырхәит, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ Алхас Кәыҵниа зхадараҿы дыҟаз аԥсуа дипломатцәа.

Алхас Кәыҵниа иқәгылараҿы, Урыстәыла еиԥш, ԥыхьатәи Асовет еидгыла еиднакылоз ажәларқәа, урҭ ашықәс хьанҭақәа раан жәҩахыркны зымч-зылша еибыҭаны, аҭынчра аагаразы хацәнамырха еицықәԥоз  ирхаҭарнаку зегьы  Аиааира Ду рыдныҳәало ирзеиӷьеишьеит, Аԥсны жәлар рыхьӡала агәабзиареи, аҭынчреи, аҭышәынтәалареи. Инаҵшьны иазгәеиҭеит, иахьа аҭынчра аиқәырхареи аԥсҭазааратә маншәалареи наунагӡахарц Урыстәыла  имҩаԥнаго арратә операциа ҷыдаҟнгьы Аиааира шынагӡахо, уи азы рхы ишамеигӡо, аҭоурых изныкымкәа ишарҵабыргхьоу еиԥш, Аԥсны аҵеицәагьы.

Анаҩс, иалкаау арыцхә азгәаҭара аиҿкааратә хеилак ахьӡала Иан Бурлиаи, Аԥсны ацҳаражәҳәаҩ ианеишьеит агәалашәаратә медал «Иапониа аибашьраан игаз Аиааира 80 ш. ахыҵра».

Иара убас, ари арыцхә азгәаҭара ахьӡала, сентиабр 4 рзы, Аҟәа, Ахақәиҭра ашҭаҟны имҩаԥысит «Огненные картины воины» ҳәа хьӡыс измаз, жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә. 10 000 нызқь цыра ацәашьқәа рыла ашҭаҿы иҭыхын, Гагра ақалақь аҟны игылоу «Идырым аибашьҩы» ибаҟа асахьеи, «Абхазия помнит» ҳәа аҩыранҵеи. Аҿари аспорти русқәа рзы Аҳәынҭқарратә еилакы анапхгарала еиҿкааз ари аусмҩаԥгатә ахәҭакуп, адунеи жәпакы атәылақәеи ақалақьқәеи рҟны, 80 шықәса  раԥхьа аҭынчра аиқәырхаразы зхы иамеигӡаз зегьы ргәалашәара анаӡаӡатәразы имҩаԥысуа ауснагӡатә.

Хашҭра рықәымзааит наӡаӡа Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа – Афырхацәа!