Print this page

Аԥсуа доуҳа аӡыргаҩ

Цәыббра 08, 2025 59

Еицырдыруа аҧсуа поет, аҭоурыхҭҵааҩ, аиҭагаҩ, апублицист  Денис Чачхалиа 75 шықәса  ихыҵит.

Ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәы ҳәа ирылагылоу, ҳажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара иалахәу,  СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа ирылоу ажәа азҟаза ипоезиеи, иеиҭагақәеи, иҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи акыр ҵуеит.

Денис Кьыршьал-иҧа Чачхалиа диит 1950 ш. август 21 рзы Тҟәарчал ақалақь аҟны. 1961 ш. иҭаацәа нхара Аҟәаҟа ииасит. Абжьаратә школ даналга, 1968 ш. рзы дҭалоит  А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аиҭагара аҟәша. Идипломтә  усумҭа еиднакылеит  урысшәала ииҩыз иажәеинраалақәеи, икритикатә  статиақәеи, аҧсуа  поетцәа рҩымҭақәа аурысшәахь реиҭагақәеи.

Аҧсныҟа даныхынҳә аус иуан ареспубликатә газеҭ «Советская Абхазия» акорреспондентс, ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс. 1984-1990 шш. рзы рҵаҩыс дыҟан А.М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт аҟны (аҧсуа поезиеи апрозеи реиҭагаразы арҿиаратә семинар мҩаҧигон). Ҩаԥхьа Аҟәаҟа данаа нахыс Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд деиҳабын.

Денис Чачхалиа лассы-лассы  ипоезиатә, ипрозатә  ҩымҭақәа реизгақәа ҭыҵуеит, акьыҧхь ианылоит алитературеи, аҟазареи, аҭоурыхи ирызку истатиақәеи ирецензиақәеи. Урысшәала еиҧш, дыҩуеит аҧсышәалагьы. Ҽырҧшыс иаагозар, «Аҧсуа поезиа антологиа» (Аҟәа-Москва, 2001, 2009) иагәылоу иажәеинраала шьахәқәа аҧсышәала иҩуп.

 Денис Чачхалиа  аурысшәахь еиҧш,  аҧсшәахь акыр аҩымҭақәа еиҭеигахьеит.

Аԥсышәала ирцәажәеит аурыс поетцәа дуқәа А. Пушкин, Ф. Тиутчев, С. Есенин, А. Блок, А. Ахматова, М. Цветаева, иара убас анемец классикцәа Иоҳан Гиоте, Фридрих Шиллер, Ҳаинрих Ҳаине уҳәа егьырҭ амилаҭқәа рпоезиатә рҿиамҭа хьыршәыгәқәа. Аурысшәахь акәзар, ҟазарала еиҭеигахьеит аԥсуа поетцәа: Д. Гәлиа, И. Коӷониа, О. Беигәаа, М. Лакрба, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, А. Аџьынџьал, М. Лашәриа, Т. Аџьба, Н. Кәыҵниа, Р. Смыр, Г. Аламиа, Р. Лашәриа уҳәа ражәеинраалақәа. Зымҽхак ҭбаау иеиҭагақәа реизга «Поэзия отражений» азы 2020 ш. ианашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа.

Акыр шықәсак раахыс Денис Чачхалиа дынхоит, аусгьы иуеит Москва. Апериодикатә кьыҧхь ианыло Аҧсны аҭоурыхи, аетнографиеи, ақьырсианреи, ауахәаматә наптәреи ирызку истатиақәа реиԥш, иҭыҵуеит  ишәҟәқәа. Аха аҧхьаӡа иргыланы поетк иаҳасабала ауп дшеицырдыруа. Иажәеинраалақәа раҧхьатәи реизга «За чертой горизонта» Аҟәа иҭыҵит (1976), анаҩсан иҭижьит: «Два неба» (1982), «Степень родства» (1985), «Брод одинокой ольхи» (1988), «Абхазская лира». (Стихи и переводы. М., 2010). 2021 ш. аԥхьаҩцәа ироуз  апроза иаҵанакуа ишәҟәы «Смоковница»  еиднакылеит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥиҵахьаз ажәабжьқәеи, аҭоурыхтә повести, апиесақәеи. Ипиеса «Алибеи»  иалху аспектакль  ықәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны (арежиссиор – абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз Нелли Ешба). 

Урысшәала   иҩу ипоезиатә рҿиамҭақәа рҟны аԥсуа доуҳатә дунеи уагәылархалоит. Урҭ ирныԥшуеит ираӡоу, игәылыршәоу ихатә дунеи, ихатә цәаҩа, ихатә хәыцшьа.

Иҩымҭақәа акьыҧхь рбоит 1970 ш. раахыс. Иажәеинраалақәеи ипрозатә ҩымҭақәеи рнылон альманахқәеи аизгақәеи: «Творческий бульвар 25» (М., 1973), «Дом под чинарами» (Қарҭ, 1978), «Истоки» (М., 1984), «Литературная Абхазия»; ажурналқәа: «Алашара», «Советская литература» (1989, 1990), «Смена», «Черкесский мир», «Абаза»; агазеҭқәа: «Советская Абхазия», «Абхазия» (Аҟәатәи, Москватәи аҭыжьымҭақәа), «Республика Абхазия», «Литературная Россия» (Москва), «Общеписательская Литературная газета» (Москва), ашәҟәы «Сухумские мотивы; (2500-летию Сухума посвещается)». М., 2005) уҳәа егьырҭгьы.

1980-тәи ашықәсқәа раан Д.Чачхалиа иҽазҵәылхны аизгара далагеит аҧсуаа рҭоурыхи ркультуреи ирызку аҭоурыхтә, архивтә материалқәа. Апериодикатә кьыҧхь ианиҵеит астатиақәа жәпакы, урҭ иреиуоуп: «Уи Мсыр напхгара аиҭон» (Асулҭан – аҧсуа Али Беи аль Кабир изкны) (Алашара. 1984, 1984, №9), «Самобытный стиль абхазской архитектуры» («Советская Абхазия» (1986, 29 мая); «Новая картина А.Чачба» («Советская Абхазия», 1989, 7 марта); «Мықәтәи акафедрал» (Аҧсны аҟазара». 1989,  №1-2. К.Н. Аванасеви иареи еицырҩыз); «Древности твои Ткварчал» «Ткварчельский горняк». 1991, №42-44; «Мы джигеты, народ вольный». (О княжеском роде Чачба) («Республика Абхазия». 1992, 21 июня); «Хроника абхазских царей» (Абхазия. Московский выпуск). 1995); «Абхазская святыня старого Сочи». (О почитании очажной цепи на Кавказе) (Этнографическое обозрение. 1998); «Под сенью векового дуба» («Российская историческая газета». 1998) уҳәа егьырҭгьы.  Аҭҵаамҭақәа: «Абхазская Православная церковь. Хроника. Прибавления» (М., 1997), «Хроника абхазских царей. Статьи и заметки. Дополнения» (М., 2000), џьара-џьара иаарҧшуп актәи ашәышықәсазтәи Аҧсны ақьырсианра аҭоурыхи аҧсуаа рҭоурыхи ирыҵаркуа аамҭақәа.

Д.Чачхалиа аҧсуааи адыгақәеи (аче­рқьесқәеи) ирызку аҭыжьымҭақәа рсериа апроект авторси аредакторси дамоуп; раҧхьатәи ашәҟәы (К.Серена. Путешествие по Абхазии (афранцыз бызшәахьтә еиҭагоуп) ҭыжьын Москва, 1999 шықәсазы, аҩбатәи  (Ф.Боденштедт. По большой и Малой Абхазии. О Черкесии (анемец бызшәахьтә аиҭага) ҭыҵит Москва, 2002 шықәсазы, ахҧатәи – Э.Мартель. Кавказская Ривьера. Путешествие по югу Росии и по Абхазии (афранцыз бызшәахьтә еиҭагоуп) – Москва, 2002 шықәсазы. Аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа ҩба рҟны агәлаҵак аҳасабала икьыҧхьуп Д.Чачхалиа иҭҵаарадырратә статиақәа: «Джигетия на политической и этнографической карте Абхазии», «Историческая топонимика Большого Сочи середины XӀX века (фамильно-родовая номенклатура)». Москва иҭижьит  иара убас аҭӡы икыдырҵо амзар «Православная Абхазия» (2001).

Апоет, аҭоурыхҭҵааҩ еилеигӡо аусқәа рацәоуп. Ихаҭа ишиҳәо еиҧш, аханатә изымхо аамҭа ауп. Аҧсҭазаара ахьеилашуа ақалақь аҟны ҩба-хҧа ус реилагӡара мариам, егьџьабаауп. Аамҭа иацәигаша, дзыхьӡаша шьардоуп, агәҭакы бзиақәагьы имоуп.

Апоет-асатирик Кьыршьал Чачхалиа иҭаацәараҿы  ииз, иааӡаз апоет, аҭоурыхҭҵааҩ гәыла-ҧсыла иҧсадгьыли иаҧсуареи рымаҵ  иуеит. Апоезиа еиԥш, аҭоурыхҭҵаара дазҿлымҳахеижьҭеи акрааҵуеит,  дагьагәыланахалеит. Уи инаҷыданы ауаажәларратә усура дазхьаԥшуа далагеит. Акыр шықәса инеиԥынкыланы аҧсуа-абаза жәлар Жәларбжьаратәи Рассоциациа аусура далахәын, аамҭак азы ари ауаажәларратә еиҿкаара Амаӡаныҟәгаҩ хадас даман. Ассоциациа аделегациа даланы зныкымкәа аҳәаанырцәҟа дцахьеит, аҳәаанырцәтәи ҳашьцәа  дрықәшәахьеит, дрыҿцәажәахьеит. Уаанӡагьы, ихатә аҧшьгарала, аҧсуаа ахьынхо  атәылақәа дырҭаахьан, рыҧсҭазаашьа  дазҿлымҳан. Аҳәаанырцәтәи иныҟәарақәа еиҳагьы ихадырҭәаауан иҭҵааратә усура, ицхраауан аматериалқәа реизгараҿы.

Москватәи аҧсуа диаспора ахаҭарнак иҧсҭазаараҿы иреиӷьу аамҭақәа рахь иҧхьаӡоит Москватәи Алитературатә институт аҟны иусура,  игәалашәараҿгьы иаанхоит. Напхгара зиҭоз  аиҭагаҩцәа ргәыҧ еиднакылоз аҧсуа ҿар дрылан аурыс поет А. Бардодым. Уи Аҧсны ахақәиҭтәра ихы ақәиҵеит.

Аханатә еиԥш, еиуеиԥшым атемақәа ирызкны апериодикатә кьыԥхь аҟны иқәгыларақәа рызкуп Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа литературеи. Қәҿиарала ҩ-дунеик, ҩ-литературак реимадарақәа дырзааԥсоит. Уи шьарда аҵанакуеит Аԥсни аԥсуааи аҳәаанырцә рӡыргараҿы. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны, 2024 ш. «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ианашьан.

Иҭышәынтәалахьоу арҿиаҩы еиҳау аихьӡара ҿыцқәа ралыршаразы агәабзиара ацны игәҭакқәа рынагӡараҿы ақәҿиарақәа изеиӷьаҳшьоит.

 

Денис ЧАЧХАЛИА

 

 Анцәа иан илызку

аныҳәаԥхьаӡ

 

Анацәа ран, быхьӡырҳәагоуп,

Анан, кыр бымчуп Бара,

Сымҩа бшьапаҵахь инагоуп,

Сбашьапкуеит, срыцҳашь сара.

 

Сакәыхшоуп, Анан, бшьаргәыҵа,

Амықәшәатә зхысыз Бара,

Зԥазаҵә аџьараҿ дынкыдҵан,

Дықәҟацан иршьыз Бара.

 

Аӡӷабреи ареи еицызбаз,

Зҭыԥҳара еицамкыз Анԥсҳа,

Брықәныҳәа ҳҿар еиҵагылаз,

Рыхдырреи рылшеи иазырҳа.

 

Бырхылаԥш ақәыԥшцәа игароу,

Ҳанарха, ҳгәыӷрақәа рԥеиԥш.

Ахаан иҿымцәо лашароуп

Ибхалашо, Анан, мшаҽнеиԥш.

 

 Бныҳәаԥхьыӡ сабылуа сгылоуп,

Быҵаҟа сгылоуп цәашьшәа.

Анан, агәҭыхақәа сымоуп,

Ишәарҭан избарҭоуп рылҵшәа.

 

 

Анан, ҳҭагылоуп ашәара –

Хазы-хаз ҳаицәыӡуеит жәларак.

Ҳалаԥсоуп ҳарҭ аԥсабара,

Ҳаҟазар бзиан џьарак.

 

Быхьӡала ҳаишәақәа шьҭыхуп,

Ихтуп ибызку аҳаԥшьа.

Анан, акоуп исыгәҭыхоу —

Тәымџьара дгәаҟуеит сашьа.

 

Зыдгьыл, зыԥсадгьыл иаҟәыгоу,

Гәашьа, бырзылԥха Бара.

Аҵхлашә мрахәаган иагәылгоу,

Анан Мариа, Бара.

 

Бныҳәагатә ныҟәызго бҳаигӡа,

Ибымоуп Бара адоуҳа.

Ҳаԥхыӡгьы ҳаргамагьы ҽеиӡам,

Кыр бымчуп, Анԥсҳа, ҳаиқәырха.

 

Вахтанг Аԥҳазоу