Уи аилазаара иалахәуп: адәныҟатәи аусқәа Рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Иракли Ҭыжәба, аминистрра Ааигәа Мрагылареи Африкеи рдепартамент аиҳабы Артур Гагулиа, аекономика аминистр Ҭемра Амқәаб, Аҳәынҭқарратә инвестициатә маҵзура азҟаза хада Саид Сангәлиа, акультура аминистр Даур Ақаҩба, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет жәларбжьаратәи аимадарақәеи аекономикатә зҵаарақәеи рзы апроректор Мақсим Ӷәынџьиа, акультура аминистрра апресс-маӡаныҟәгаҩ Ҭамара Ачԥҳа.
Аҳаирбаӷәазаҿы урҭ дырԥылеит Сиритәи Ареспубликаҟны иҟоу аҷыдалкаатә зинмчы змоу Аԥсны Ацҳаражәҳәаҩ Муҳаммад Али. Анаҩс, ацҳаражәҳәарҭа аусзуаҩцәеи дареи реиԥылараҿы ирзааҭгылан, Аԥсны жәларбжьаратәи аусмҩаԥгатә алахәхара аҽазыҟаҵареи, ҳтәыла ахаҿра ахьӡыргахо аҿхышә архиашьеи уҳәа ирыдҳәалоу азҵаарақәа. Иара убас, уаҟа инаҵшьны иазгәаҭан Аԥсныи Шьамтәылеи рҳәынҭқаррабжьаратә усеицура аконтекст аҿы, аҩганк рзы азҿлымҳара злоу еиуеиԥшым аусхкқәа рҟны аизыҟазаашьақәа хырҳарала рырҿиара иамоу аҵакы хада.
Аԥснытәи аделегациа 62-тәи Дамасктәи жәларбжьаратәи аиармарка рҽаладырхәыц ааԥхьара ҟарҵеит Сириатәи Арабтә Республика – Шьамтәыла аиҳабыра Реилазаареи, атәыла Ахада Аҳмад аль-Шарааи. Ари аусмҩаԥгатә рхы аладырхәуеит Ҭырқәтәыла, Катар, Египет, Иорданиа уҳәа, 50 ҳәынҭқарра инареиҳаны рхаҭарнакцәа.
Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа актәи амш инаркны уи иаҭаауаз, азҿлымҳара ҳаракы рызцәырнагеит Аԥсны иазкыз аҭыԥ ҷыда. Уаҟа ахшыҩзышьҭра ҵаула аҭан, акырӡа ибеиоу ҳажәлар ркультуреи рытрадициақәеи реиԥш, ақыҭанхамҩатәи атуристтәи усхкқәа рганахьала ҳтәылаҟны иҟоу аихьӡарақәа, аҭааҩцәа рбара ахьрылшоз, иблахкыганы ирхиаз аҭыӡқәа. Ауаа рацәа аднаԥхьалеит ҳазну ашықәс азы иаартыз В.Г.Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза апроект.
Ари аҽны иара убас, Олег Барцыц зхадараҿы дыҟоу аделегациеи Шьамтәыла иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Алеқсандр Ефимови реиԥылара мҩаԥысит. Уаҟа ирылацәажәан Шьамтәыла акәша-мыкәша аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы ишьақәгылаз аполитикатә ҭагылазаашьеи, ҳҳәынҭқаррақәа анаҩстәи русеицура арӷәӷәареи рызҵаарақәа. Аиԥылара ахыркәшамҭазы Олег Мсас-иԥа Урыстәылатәи ацҳаражәҳәаҩ ҳамҭас ииҭеит амҿы иалху Аԥснытәи анапҟазацәа русумҭа.
Адырҩаҽны Аԥсны иазку ацәыргақәҵатә кәакь аҟны, Шьамтәыла иҟоу ачерқьестә ансамбль ақәгылара ашьҭахь Шьамтәыла акультура аминистр Муҳаммад Иасин Салеҳи, атуризм аминистр Мазен аль-Салхани рԥылара мҩаԥысит. Гәыблыла, имҩаԥысыз ари аиԥылараҿы аҩганк рхаҭарнакцәа акультуреи атуризми рхырхарҭақәа рыла аԥхьаҟатәи русеицура азҵаарақәа ирзааҭгылеит.