Print this page

Ҳҭоурых еиҭазҳәо

Нанҳәа 27, 2025 74

 Аԥсны беиоуп атәыла аҭоурых аазырԥшуа, ажәытәӡатәи аамҭақәа рзы аҭыԥан иқәынхоз ажәларқәа ртәы еиҭазҳәаша, макьана иҭҵаам аҭыԥқәа рыла.

Иара убас ирацәоуп ҳазхыҽхәаша, акыр шықәсқәа инеиԥынкыланы аусурақәа ахьцо, ажрақәа раан иԥшааз амаҭәарқәеи, аԥсыжрақәа рылеи зҵакы дуу аартрақәа ахьыҟаҵаз аҭыԥқәа. Урҭ иреиуоуп, иахьа Очамчыра захьӡу, Гиуенос ҳәа жәытәхьӡыс измоу,  Аԥсны Мрагыларатәи ақалақь.

«Гиуенос аԥхьа аҭыԥ иахьӡыз иахьа иҳаздырӡом. Аха, уи иаанагаӡом, Гиуенос шьақәгылаанӡа араҟа аӡәгьы дынхаӡомызт ҳәа. Абас еиԥш иҟоу амаӡақәа раартра ҳара археологцәа ҳнапы иануп»,– иҳәоит Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы, аҭоурыхтә наукақәа ркандидат, археолог Аркади Џьопуа. Иара, ажәытәӡатәи аиланхарҭа Гиуенос аҟны ажрақәа мҩаԥызго аԥсуа археологиатә експедициа  наԥхгаҩыс дамоуп. Ажрақәа мҩаԥысуеит иахьатәи ақалақь Очамчыра аҭыԥ аҿы, урҭ зызку, ари ажәытәӡатәи абырзенцәа рполис аҭоурых аҭҵаара ауп. Ари аҭыԥ аӡбахә ҳәоуп ҳера ҟалаанӡатәи аамҭахь иаҵанакуа ахыҵхырҭақәа рҿы.  

Гиуенос адгьылҵакыраҿы ажрақәа аҵак ду рымоуп, Аԥсны  аҭоурых аҭҵааразы ҳәа иԥхьаӡоит аҵарауаҩ Аркади Џьопуа. 2021 азы археологцәа ирыԥшааит 5-6-тәи ашәышықәсақәа рахь иаҵанакуа, аԥсыбаҩ зҭаз асаркофаг. Ари Аԥсны азы иуникалтәу ԥшаамҭоуп, избан акәзар, ас еиԥш иҟоу анышәынҭрақәа уаанӡа араҟа ирымбацызт.

Аҵарауаа излазгәарҭо ала, уа анышә дамазар ауан аҭыԥантәи аамысҭцәа рхаҭарнак, ма иара асаркофаг ахьыԥшааз аҭыԥ–ажәытәтәи ауахәама амаҵ азызуаз, аҭыԥ иадҳәалаз аӡәы иакәын. Аха, убри аан ҳҵарауаа ргәаанагара ала, уа ажәытәан инхоз ауаҩы акыр зыӡбоз, дгьылҵакыра дук аҿы зажәа алнадоз иакәны дыҟан. Избан акәзар, асаркофаг харантәи иаагоуп, уи араҟа иҟаҵаӡам. Асеиԥш  асаркофагқәа Кавказ иахьаҵанакуа иԥшааӡам, иара иеиуақәоу Англиа, Франциа уҳәа аҳәынҭқарра дуқәа рҟны ауп иахьыҟоу.

Аҭҵаарақәа зегьы рышьҭахь, аԥсыбаҩ зҭаз асаркофаг аҭыԥ ахь иргьежьын, иахьыԥшааз анышә еиҭамадан. Ажрақәа раан, ажәытәӡатәи аамҭа иаҵанакуа аҭыԥантәи акерамика ԥшаан. Ари аартра иаԥсахуеит абырзенцәа роуп ари ақалақь еиҿызкааз ҳәа иҟоу агәаанагара, уи иаанарԥшуеит ари ақалақь абырзенцәа раԥхьагьы ишыҟаз, насгьы урҭи аҭыԥантәи ауааԥсыреи рыбжьара аимак-аиҿак шыҟамыз, ахәаахәҭратә еизыҟазаашьақәа рыбжьаҵаны ҭынч ишеицынхоз.

Аҭоурыхҭҵааҩцәа изларҳәо ала, Гиуенос аҭҵаара археологцәа ирнаҭоит зеиԥшыҟам алшара Мрагыларатәи Амшын Еиқәа аҿацә аҭоурых аҭҵааразы. Аҩажәижәабатәи ашықәсқәа рзы ихацыркыз археологиатә ҭҵаарақәа ирыцҵоу аекспедициатә усурақәа, Аԥсны акультуратә ҭынха аиқәырхареи аҭҵаареи рҿы ихадоу ароль нарыгӡоит. Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, аусурақәа рымҩаԥгара иацу ауадаҩрақәа маҷӡам. Ҳәарада уи ауаа разымхара еиԥш, иҷыдоу атехника амамзаарагьы. Насгьы, аҭыԥ ахаҭа аус адулара ус имариаӡам. «Ԥшь-метрак ҳархысны, хә-метрак аҵаулараҿы ҳнеирц акгьы ҳагымкәан аӡы ажра аҭыӡқәа ирылҵәҵәаны идәықәлеит. Амшынӡы алыжжра иалагахьан х-метрак рнаҩсгьы, аха аӡыҭтага ҭаргыланы аусура иацаҳҵеит. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы аусура мариаӡам, избан акәзар аҳәынҵәа улагылоуп»,–иҳәеит археолог Аркади Џьопуа.

Асовет Еидгыла аамҭақә рзы, хәы змоу археологиатә ԥшаахқәа жәпакы Аԥсны иалган. Ҳәарада, Аԥсны иҟаҵаз акыр зҵазкуа аԥшаахқәа рӷьырак, официалла Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи афондқәа рахь инаган. Аха, лассы-лассы ишыҟалалоз еиԥш, зегь реиҳа зыхә ҳараку, егьырҭ иреиԥшым аԥшаахқәа  Ермитаж, мамзаргьы Москватәи Аҳәынҭқарратә аҭо­урыхтә музеи, ма Қыртәылаҟа ирышьҭуан еиҳа инарҭбааны аҭҵаареи рыҵәахреи рзы. Знык амузеи аҟны инагаз, уи ахатә дырга ҷыда аҭаны акаталог ианырҵаз, нас аргьыжьра акыр иуадаҩын. Абас ала даара ирацәоуп иаҳцәыӡыз, хәы змоу аԥшаахқәа.

Асовет Еидгыла  анеилаҳа ашь­ҭахь, аҭоурыхтә ҭынхақәа рыр­хын­ҳәра азҵаара еиҳа активла алацәажәара иалагеит. Аха, уи акәамаҵамақәа маҷымкәан иацуп, иара убас аҳәынҭқаррабжьаратәи аиқәшаҳаҭрақәа аҭахуп.

Иахьагьы аекспертцәеи ауаажәларреи ари азҵаара  лассы-лассы ишьҭырхуеит, ареспубликаҿы ирыԥшаауа зегьы араҟа ааныжьреи, аиқәырхареи, аҭҵаареи шаҟа ихадоу еилкааны аԥшаахқәа аҳәаа рахыгара шыҟамло шьақәзырӷәӷәо аиҭакрақәа алагалан азакәангьы. Аибашьра ашьҭахь имҩаԥысуа аԥшаарақәа зегьы аԥсуа археологцәа рылоуп. Аҭыԥантәи археолог даламкәан иахьынтәиаалакгьы, еилыхрада, иарбанзаалакгьы аекспедициатә гәыԥ араҟа аусуразы азин рымаӡам. Хыхь иззааҭгылоу иацҵо, аӡбахә ҳәатәны исыԥхьаӡоит иахьа ҳшалхәдаау  «Бедиатәи ахьтәы аҵәца» ҳәа изышьҭоу, Бедиатәи ауахәама аартраан иаҭаз Анцәа имҵаныҳәараҿы хархәара зырҭоз аҵәца. Иара 1943 шықәса рзы Аԥснынтәи Қырҭтәылаҟа иган, уи нахысгьы уаҳа идмыргьыжьӡеит. Аркади Џьапуа иажәақәа рыла, изныкымкәа ашәҟәқәа еиқәдыршәахьеит, Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистрра ацхыраарала аргьежьразы. Аха, ақырҭуа ган уи аҟаҵара мап ацәнакуеит иахьа уажәраанӡа.

Аԥсны аҭоурых азы акырзҵазкуа аҭыԥқәа иреиуоуп, аиҭаҿиара амҩа иану  Аҟәатәи абааш. Аҟәа агәаҿыҵәҟьа, амшын аԥшаҳәаҿы игылоу зқьышықәсатәи аҭоурых змоу ажәытәӡатәи абаагәара зеиԥшыҟам археологиатә ҭыԥны иҟоуп.  Аҟәатәи абааш амаӡақәа ирызҿлымҳау зегьы урҭ рзаанартуеит уажәшьҭа, избан акәзар, ааигәа иара аартын ҳәырԥсаррак аҳасаб ала. Нанҳәамза 15 азы Аԥсны иазгәарҭоит археологцәа рымш, ари арыцхә аламҭалазы иаартын ажәҩан аҵаҟа иҟоу ари аҳәырԥсаррагьы. Амузеи аиҳабы Аинар Инал-иԥа иажәақәа рыла, зегь реиҳа ихадоу усны иҟан абаа аконцепциа аԥсахра – археологиатә ҭҵаарақәа рымҩаԥгаразы мацара иҟоу ҭыԥ ҭшәаны акәымкәа, ауааԥсыра зегьы рзы иаарту музеины  аҟаҵара. Аекспертцәа ргәаанагарала, адгьылҵакыра зегьы аҟынтәи 15-20% мацара ауп макьана иҭҵаау. Уи иаанагоит иҳаҩсыз аамҭа иазку, ҳаилкаара зыԥсахыр алшо, аинтерес зҵоу аԥшаарақәеи аартрақәеи рацәаны иҟалараны ишыҟоу. Аҭоурыхтә ҵакы анаҩсангьы, ари амузеи аҳҭнықалақь акультуратә ԥсҭазаараҿы акыр зҵазкуа центрны иҟалеит.

Аҟәатәи абааш аартра акыр зҵазкуа шьаҿоуп Аԥсны акультуратә ҭынха аиқәырхареи аӡыргареи рҿы. Апроект ахықәкы – ажәытәтәи абааш аҭааҩцәа зегьы ирбартә алшарақәа раԥҵареи, убри аан аҭыԥ  анаҩстәи аҭҵаарақәа рзы акыр зҵазкуа ацентр аҳасабала аиқәырхареи.

Иаартыз абааҿы раԥхьатәи аекскурсиа мҩаԥигеит  Аҳәынҭқарратә университет  аҭоурых афакультет адекан, археолог Алик Габелиа.  Иара инапхгарала абааш аҩнуҵҟа ажрақәа маҷымкәан имҩаԥысхьеит. Ари адгьылҵакыраҿы еиуеиԥшыым аамҭақәа рзы иԥшаз артефактқәеи, хәы змоу  аҟәырҷахақәеи рацәоуп. Урҭ аурымқәа инадыркны аурыс империа аҟынӡа аамҭақәа аадырԥшуеит. Абраҟа ауп аҭырқәцәа раамҭа иаҵанакуа артҟәацгаршәгақәа ҩба ахьыԥшаазгьы. Аха, ихадароу, археологцәа аҵыхәтәантәи ҩажәи жәаба шықәса изышьҭоу, макьана ирзымԥшаац акәны иаанхоит Аԥсны аҳ Кьелешьбеи Чачба анышә дахьамадоу. Қьелешьбеи Чачба дыршьит 1808 шықәса рзы, иара игәазыҳәараны иҟан Аԥсны ахьыԥшымра. Аимпериа дуқәа анеибырххоз, ҳадгьылҿаҵаҿы урҭ ринтересқәа анеиҿагылоз имариамыз аамҭақәа рзы, Аԥсны иахагылаз аҳ Аҟәатәи абааш иахьаҵанакуа анышә дамадоуп ҳәа агәаанагара ыҟоуп. Аха, макьана уи иҳаҭгәын ԥшааӡам.

Аԥсны Амшын Еиқәа иаԥнуп, ус анакәха араҟа археологиатә ԥшаарақәа ахьымҩаԥугаша аҭыԥқәа рацәаӡоуп. Избанзар, ҳашықәсԥхьаӡара ҟалаанӡа иӡхыҵуаз адгьылмпыҵахалыҩцәа раӷьырак амшын иахьаԥну иаанҿасуан, аҩнқәа ргыланы аԥшаҳәа иахьазааигәоу анхара иалагон. Уи иаанагаӡом ашьхақәеи, урҭ ирыԥну аҭыԥқәеи акультуратә ҿыгҳарақәа рыла ибеиаӡам ҳәа. Аркади Џьопуа иажәақәа рыла, Аԥсны зехьынџьара аматериал уоуеит. Ари ахырхарҭа адгылара аҭахуп, уи ҳәынҭқарратә программа дуны иҟаҵатәуп. Адунеи аҿы еицырдыруа, аиҳабыратә абиԥара иаҵанакуа  археологцәа дуқәа реиҳараҩык  рыдунеи рыԥсаххьеит, абжьаратә абиԥара иатәу ршьа-рда иалоу,  рҭоурых ахь ирымоу абзиабара зегьы реиҳа ицәгьаз аамҭақәа рзгьы, зынӡа уалафахәыдагьы аус днаруан. Аха, аамҭақәа ԥхьаҟа ицахьеит, акырӡа иааџьаушьартәгьы рҽырыԥсаххьеит. Аамҭа ҿыц иалиааз аҿар агәазыҳәареи, агәацԥыҳәареи рымацара рыла иазҿлымҳахартә иузыҟаҵаӡом. Аиҳабацәа ишьҭарҵаз ауасхыр дара идырӷәӷәароуп. Аԥсны аҭоурыхи, акультуреи реизырҳареи, рыхьчареи аҳәынҭқарра ихадараны иалнакаауа аҩнуҵҟа-политикатә хырхарҭақәа иреиуаны иҟазароуп. Аԥсны адгьылҵакыра маҷзаргьы иааџьаушьартәы ирацәаны иҟоуп аҭо­урыхтә-культуратә ҭынхақәеи, адгьыл иҵоу, макьана иаарԥшым акультуратә ҿыгҳарақәеи. Урҭ рыԥхьашьа здыруа рзы аҷҷаҳәа ицәажәо, ижәытәӡатәиӡоу ҳҭоурых еиҭазҳәо ракәны иҟоуп.

Елана Лашәриа