Print this page

Аԥсны ахьыԥшымра 17 шықәса ахыҵит

Нанҳәа 26, 2025 29

Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара Амш аҽны Урыстәыла аганахьала Аԥсны ахьыԥшымреи аҳәынҭқарратә суверенитети разхаҵара 17 шықәса ахыҵра аҳаҭыр азы ашәҭқәа шьҭаҵан Аҟәа агәаны игылоу 1992-1993 шықәсқәа рзы Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан иҭахаз рбаҟаҿы.

Иҭахаз ргәалашәара ҳаҭыр ақәырҵарц уахь инеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, адепутатцәа, Аиҳабыра иалоу, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, ауаажәларра ахаҭарнакцәа.

Иара убас ашәҭқәа шьҭарҵеит Аҟәа араион Аладатәи Ешыра ақыҭан иҟоу Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба Имемориали Очамчыра араион Џьгьарда ақыҭан Аԥсны Аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь инышәынҭреи рҟны.