Ари ныҳәамшны ирылаҳәоуп. Есышықәса абри аҽны аныҳәатә усмҩаҧгатәқәа мҩаҧысуеит, ҳтәылаҿ иахьабалак.
Азхаҵара аҽны Медведев иофициалтә ҳәамҭаҿы иаҵишьит: «Ауаҧс жәлари аҧсуа жәлари ҧықәсларада ргәаҳәара ҳасаб азуа, ООН Аҧҟаҧҵа арбарақәа, аҳәынҭқаррақәа реиҩызаратә еизыҟазаашьақәа ирыҵаркуа жәларбжьаратәи азин апринципқәа рзы 1970 шықәсазтәи Адекларациа, 1975 шықәсазы СБСЕ Хьельсинктәи Ахыркәшаратә акт, егьырҭ азҧхьаҭагылазаашьатә жәларбжьаратәи адокументқәа напхгагас иҟаҵаны – Аусҧҟақәа снапы рыҵазҩит Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала Аахыҵ-Уаҧстәыла ахьыҧшымреи Аҧсны ахьыҧшымреи разхаҵаразы».
Урыстәыла Афедералтә каналқәа рыла Медведев иҳәамҭа анддырба ашьҭахь, жәанызқьҩыла ауаа еизеит Аҟәа агәаны, Ахақәиҭра ашҭаҿы. Аӡәи-аӡәи еидырныҳәалон агәырҕьажәабжь ду. Еизаз рҿаҧхьа дықәгылеит Аҧсны Ахадас иҟаз Сергеи Багаҧшь.
2008 шықәса сентиабр 9 азы Москва ирылаҳәан Урыстәылеи Аҧсни рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа рышьақәыргылара атәы, мышқәак ааҵуаны Аҟәа аофициалтә визитла дааит Урыстәыла Афедерациа адәныҟатәи аусқәа рминистр Сергеи Лавров. Иазыӡбан Аҧсны Урыстәыла Ацҳаражәҳәарҭа аартра, иара убас Урыстәылан – Аҧсны Ацҳаражәҳәарҭа. 2008 шықәса сентиабр 17азы анапы аҵаҩын Урыстәылатәи Афедерациеи Аҧсны Аҳәынҭқарреи реиҩызареи, русеицуреи, наҟ-ааҟ реицхыраареи рзы Аиқәышаҳаҭра.
Урыстәыла инашьҭарххны Аҧсны азхарҵеит егьырҭ атәылақәагьы 2008 шықәса сентиабр5 азы Аҧсны азхазҵаз аҩбатәи тәыланы иҟалеит Ареспублика Никарагуа. Шықәсык ааҵуаны, 2009ш. сентиабр 10 азы Аҧсны официалла иазхарҵеит Боливариантәи Ареспублика Венесуела, 2009 ш. декабр 15– Ареспублика Науру, 2011ш. маи23– Ареспублика Вануату, 2011ш. сентиабр 18– Ареспублика Тувалу. 2018ш. маи 29 азы Аҧсны ахьыҧшымра азханаҵеит Шьамтәылатәи Арабтә Республика.