Print this page

Апоет Денис Чачхалиа 75 ш. ихыҵра аиубилеи идныҳәалара

Нанҳәа 21, 2025 59

Ҳаҭыр зқәу Денис Кьыршьал-иԥа!

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу рҭаацәара ду аҟнытә гәык-ԥсыкала иудаҳныҳәалоит 75 ш. ухыҵра аиубилеи.

Ҳаамҭазтәи аԥсуа шәҟәыҩҩцәа аӡәы ҳәа ирылагылоу, ҳажәлар рдоуҳатә ԥсҭазаара иалагылоу,  СССР-и, Аҧсни, Урыстәылеи рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа иалахәыла, урысшәалеи аҧсышәалеи иҩуа ажәа азҟаза упоезиеи, уеиҭагақәеи, уҭҵаамҭақәеи аԥхьаҩцәа ирылаҵәеижьҭеи шьарда ҵуеит.

 1968–1973 шш. раан Москва, А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны аҵара уанҭаз инаркны урзааигәахеит еицырдыруа аурыс поетцәеи апрозаикцәеи. Уҵара хыркәшаны Аԥсныҟа уаныхынҳә, агазеҭ «Советская Абхазия» аредакциаҿы аус ахьууаз, Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла алитературатә консультантс уаныҟаз акәзааит, убаҩхатәреи, удырреи, уԥышәеи хеибарҭәаауан.

1984–1990 шш. рзы  А. М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт аҟны Аԥснынтәи аҵара зҵоз аиҭагаҩцәа ргәыԥ аҿы  аҧсуа поезиеи апрозеи реиҭагаразы арҿиаратә семинар мҩаҧугон. Ашьҭахь – Аҧсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла Алитературатә фонд уеиҳабын.

Акыр шықәса раахыс Москва унхоит, урҿиаратә ԥсҭазаарагьы ари ақалақь иадҳәалоуп. Унапы злакызаалакгьы апоезиеи аҭҵаарадырреи урыцәхьамҵит, еснагь мҩанызас иумоуп. Урысшәала   иҩу упоезиатә рҿиамҭақәа рҟны аԥсуа доуҳатә дунеи уагәылархалоит. Урҭ ирныԥшуеит ираӡоу, игәылыршәоу ухатә дунеи, ухатә цәаҩа, ухатә хәыцшьа. 1976 ш. иҭыҵыз уажәеинраалақәа реизга «За чертой горизанта» мышьҭабзиала апоезиа адунеи ахь ашәқәа аанартит. Уи нахыс иҭужьхьеит акымкәа-ҩбамкәа апоезиатә рҿиамҭақәа еидызкыло ашәҟәқәа. 2021 ш. аԥхьаҩцәа ироуз  апроза иаҵанакуа ушәҟәы «Смоковница» акәзар, еиднакылеит еиуеиԥшым ашықәсқәа рзы иаԥуҵахьаз ажәабжьқәеи, аҭоурыхтә повести, апиесақәеи.

Аԥсуа милаҭтә поезиа урбеиеит иара убас бызшәа цқьала, баҩхатәрала аԥсышәала иурцәажәеит аурыс поетцәа дуқәа А. Пушкин, Ф. Тиутчев, С. Есенин, А. Блок, А. Ахматова, М. Цветаева, иара убас анемец классикцәа Иоҳан Гиоте, Фридрих Шиллер, Ҳаинрих Ҳаине уҳәа егьырҭ амилаҭқәа рпоезиатә рҿиамҭа хьыршәыгәқәа. Аурысшәахь акәзар, ҟазарала еиҭоугахьеит аԥсуа поетцәа: Д. Гәлиа, И. Коӷониа, О. Беигәаа, Б. Шьынқәба, Кь. Чачхалиа, А. Аџьынџьал, М. Лашәриа, Т. Аџьба, Н. Кәыҵниа, Р. Смыр, Г. Аламиа, Р. Лашәриа уҳәа ражәеинраалақәа. Зымҽхак ҭбаау уеиҭагақәа реизга «Поэзия отражений» азы 2020 ш. иуанашьоуп Д.И. Гәлиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә премиа.

Упиеса «Алибеи»  иалху аспектакль  ықәыргылан С. И. Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр аҟны (арежиссиор – абаҩхатәра ҟаимаҭ злаз Нелли Ешба).  Ухьӡ еицырдыруеит иара убас Аԥсны аҭоурых ахыҵхырҭақәа ирымадоу уҭҵаамҭақәа рыла. Урҭ ашәҟәқәа ахәшьара бзиа зҭатәу лагаламҭақәаны иҟалеит аԥсуаҭҵаареи инеизакны кавказҭҵаареи рҟны. Еснагь гәцаракрала урзыҟоуп уаб, еицырдыруа апоет-асатирик Кьыршьал Чачхалиа иҩымҭақәа, урҭ реиқәыршәареи рҭыжьреи. Абарҭқәа инарҷыданы аԥшьгаҩыс уамоуп аԥсуааи адыгақәеи рҭоурых иазку аҳәаанырцәтәи авторцәа гәыԥҩык рышәҟәқәа аурысшәахь еиҭаганы рҭыжьра.

Аханатә еиԥш, еиуеиԥшым атемақәа ирызкны апериодикатә кьыԥхь аҟны уқәгыларақәа рызкуп Аԥсны аҭоурыхи аԥсуа литературеи рӡыргара, рыларҵәара, ҳтәыла анҭыҵ ирдырыртә ахаҵгылара.  Акыр шықәса Москва уҟазаара иабзоураны улаԥшҳәаа еиҳагьы аҽарҭбааит, қәҿиарала ҩ-дунеик, ҩ-литературак реимадарақәа рҟны улагала бзиа ҟауҵоит. Уи шьарда аҵанакуеит Аԥсни аԥсуааи аҳәаанырцә рӡыргараҿы. Абарҭқәа зегьы ҳасаб рзуны, 2024 ш. «Аԥсны Аҳәынҭқарра акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы уанашьоуп.

Иҭышәынтәалахьоу арҿиаҩы еиҳау аихьӡара ҿыцқәа ралыршараҿы агәабзиара ацны угәҭакқәа рынагӡара ҳазшаз иуаҭәеишьааит.

Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла