Нижни Новгород ахада Иури Шалабаев иааԥхьарала ахадара аиҳабы Ҭемыр Агрба, уи ихаҭыԥуаа Авҭандил Сурманиӡе, Константин Ҭарба злахәыз Аҟәа аделегациа убарҭ агәырӷьарақәа ирылахәын.
III Жәларбжьаратәи афорум «Еишьцәахаз ақалақьқәа, аиҩызцәа» аҟны дықәгылауа, Ҭемыр Агрба афорум иалахәыз Белорусиеи, Сербиеи, Ирани, Киргизиеи, Китаии, Босниеи, Герцоговиниеи (Сербиатәи Ареспублика), Приднестровиеи рхаҭарнакцәа ирзеиҭеиҳәеит Аҟәеи Нижни Новгороди лҵшәабзиала русеицура атәы.
Ҭемыр Агрба иажәақәа рыла, Нижни Новгород аешьахара Аҟәа азы асоциалтә, аекономикатә еиҭакрақәа ирхыҵхырҭаны иҟалеит. Иазгәеиҭеит иааиԥмырҟьаӡакәа аусеицура шрыбжьоу еицырзеиԥшу апрограммақәеи аусмҩаԥгатәқәеи рыла. Инарыгӡахьоу аԥшьгамҭақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟоуп ҩ-қалақьк еимаздаз авиаеимадара, иара убас 2025 шықәса маи азы Нижни Новгород Амшқәа Аҟәа рымҩаԥгара. Акультуреи, аспорти, аекологиеи, атехнологиақәеи рганахьала апроектқәа ишьаҭадыркит ҳаԥхьаҟа шықәсырацәала аимадарақәа, аусеицурақәа, иара убас ақалақьқәа рыҩбагьы рхадацәа хаҭала реиԥыларақәа.
«Нижни Новгороди Аҟәеи русеицура аекономикатә рҿиара апроблемақәа, культурала аимадарақәа, аҭыԥантәи аҩаӡарала жәларбжьаратәи аимадарақәа рырӷәӷәара аганахьала акырӡа зҵазкуа хырхарҭаны иҟалеит. Хшыҩзышьҭра рзаауит Аҟәеи еишьцәахаз ақалақьқәеи наҟ-ааҟ интересс ирымоу ахырхарҭақәа: атуризм, аҵарадырра, ақалақьтә инфраструктура, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара ахьчара», – иҳәеит Агрба, иагьазгәеиҭеит раԥхьаӡа акәны Нижни Новгород дшааз, ишџьеишьо ақалақь аԥшӡара.
Аиԥылара иалахәыз рахь Нижни Новгород Ахада Иури Шалабаев иҟаиҵаз адныҳәалара ажәаҟны иазгәеиҭеит, афорум зеиуахкыҟаӡам ҭыԥны ишыҟоу агәаанагарақәа, аидеиақәа, апроектқәа реимдаразы. Ари афорум еиднакылоит еишьцәахаз ақалақьқәа 20 инареиҳаны, иара убас ақалақь-партноиорцәа 6.
«Ҳақалақьқәа рыбжьара абызшәатә, акультуратә еиԥшымзаара шыҟоугьы, ҳара ҳаицәажәоит бызшәак – аиҩызареи аилибакаареи рбызшәа ала. Иахьыҟазаалакгьы, адгьыл аҵыхәан иҟазаргьы, ауаа еснагь амчрахь еиԥшу азҵаарақәа рымоуп: аекономика аҭагылазаашьа, аҵарадырра, акультура, аспорт арҿира, асоциалтә институтқәа русура», – иҳәеит иара.
Шалабаев агәра ганы дшыҟоу иҳәеит Аҟәа, Приднестровиа аҟнытә ақалақь Бендеры, Витебск, Минск, Новыи Сада, Мрагыларатәи Сараево аҟынтәи ҳашьцәа иҳадыргало аидеиақәа зегьы изыхәҭоу апроектқәа рыла ишынагӡахо.
Нижни Новгород аҟны Урыстәыла адәныҟатәи аусқәа Рминистрра ахаҭарнак Сергеи Малов иазгәеиҭеит афорум ахь ишааз Урыстәыла аҩызцәаҵәҟьа.
«Аешьаратә еизыҟазаашьақәа жәлар рдипломатиа иаҿырԥшыгаҵәҟьоуп, аҳәынҭқаррабжьаратә еизыҟазаашьақәа рышьаҭақәа ируакуп, ауаа реизыҟазаашьақәа рганахьала цҳак иаҩызоуп. Урҭ иалдыршоит акультуреи аҵареи рыла наҟ-ааҟ еиӷьны аилибакаара», – иҳәеит уи.
Афорум амҩаԥгара амшқәа раан Нижегородтәи ателебашниаҿы аиԥылара иалахәыз рбызшәақәа рыла лашарала еибарку адныҳәаларақәа ҟаҵан.