Акомиссиа ахантәаҩы, В.Д.Лакоба ихьӡ зху Ԥицундатәи абжьаратә школ №1 адиректор Дона Малиа иазгәалҭеит, ари апроблемма аганқәа зегь рыла ишазнеитәу.
«Иахьатәи аиԥылара даара акраҵанакуеит ҳәа исыԥхьаӡоит, избанзар аҵара аганахьала аҳәынҭқарра еихнаго ашьаҿақәа агәыӷра ҳарҭоит абызшәа иахәҭоу ахшыҩзышьҭра аиуп ҳәа», – лҳәеит лара.
Амчра ахаҭарнакцәа рахь лхы нарханы, Малиа урҭ ҭабуп ҳәа ралҳәеит акомиссиа алацәажәарахьы инанаго азҵаарақәа хшыҩзышьҭра ҷыда ахьрырҭо азы. Лара ҷыдала иалылкааит акомиссиа аилатәарақәа рҟны зныкымкәа ишьҭырххьоу апроблемақәа – аҳәынҭқарратә бызшәа аҳасабала аԥсуа бызшәа иааннакыло аҭыԥ: «Иахьазы проблема дуны иҳаԥхьаӡоит ҳбызшәа аҳәынҭқарратә бызшәа ароль ахьазынамыгӡо, ахархәара ахьмаҷу».
Лара лгәаанагарала, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҳәынҭқарраҿы абызшәа арҿиареи аҵакы арӷәӷәареи ирызкны аусмҩаԥгатәқәа шынарыгӡогьы, уи иаҭаху алҵшәақәа аанашьҭуам.
Малиа илҳәеит аԥсуа хәыҷқәа аԥсуа школқәа рҟны аҵара рҵаларц.
«Ахәыҷы аԥсшәа издырӡом, убри аҟнытә дҳашьҭуеит аурыс сектор ахь – абас рҳәоит аҭаацәа. Аха иҳамдыруеи, аԥсуа сектор ахь инеиуагьы аԥсшәа бзианы ишырзымдыруа, аха уи аҵара рҽазыршәоит, ирҵоит. Абас иҟалароуп ҳбызшәа еиқәҳархарц ҳҭахызар», – иацылҵеит лара.
Акомиссиа ахантәаҩы иара убас дазааҭгылеит ааигәа аминистрра ирыланаҳәаз «Аԥсуара» амаҭәар ашколқәа рҟны раларҵәара атема.
«Уаанӡа сара уи саҿагылаҩын, аха уажәы иаҭахны исыԥхьаӡоит», – ишьақәлырӷәӷәеит лара.
Малиа иазгәалҭеит, «Аԥсны акоманда» аконкурс – аԥсуа ҿар рзы мҩа бзианы ишҟоу: «Ари ҳкадрқәа ррезерв ауп, аха зҵаара заҵәык сымоуп: ирдыруама дара аԥсшәа, насгьы рхы иабанӡадырхәо?»
Иара убас Дона Малиа лгәаанагарала, аилатәарақәеи акырӡа зҵазкуа егьырҭ аусмҩаԥгатәқәеи нагӡалатәуп аԥсышәала, абызшәа иазку азакәан аҿы абри анырԥшны.
«Ҳара ишьҭаҳхроуп арҵаҩцәа раҳаҭыр, астудентцәа ироуазароуп астипендиа бзиа, аҵара аганахьала агәазыҟаҵара роуп азы», – лҳәеит Малиа.
Хықәкы хадас иҟоу – ахәыҷқәа аԥсшәа дырҵара ауп, абраҟа зегьы ҳаицхыраароуп, арҵага шәҟәқәа ракәзар, аҵаҩцәа рзы ицхыраагӡахароуп, – еихылшьалеит акомиссиа ахантәаҩы.
Ауаажәларратә палата алахәыла Изольда Ҳагба иазгәалҭеит ицәырҵуа азҵаарақәа рыӡбаразы акоординациатә хеилак шаԥҵатәу, уи ишалархәтәу аҳәынҭқарратә институтқәа зегьы.
Аминистр Хана Гәынба далацәажәеит апедагогика Аинститут аусзуҩцәа рнапхгарала шықәсқәак уажәаԥхьа ишьақәдыргылаз апрограмма. Уи ахәыҷбаҳчақәа рҟны рхы иадырхәоит. Ҳазну ашықәс азы аҵара Аминистрра ахаҭарнакцәа аҭааит Афонҿыцтәи ахәыҷбаҳча, уаҟа аиҳабыратә гәыԥ аҟны шықәсык аахыс абри апрограмма анагӡара иаҿуп. Уи иабзоураны арҵаҩцәа ргәаанагара ҳасаб азурала идыру алкаақәа ҟаҵан.
«Иашаны иазгәаҭоуп ҳаамҭазтәи ахәыҷқәа дара рҭахрақәа, ргәаҳәарақәа шрымоу, – лҳәеит, ахәҭакахьала, Гәынба.– Иахьатәи ахәыҷқәа ахәыҷбаҳчақәа рахь инаргаанӡагьы ателефонқәа рхархәара рылшоит, абри аҟнытә ааӡаҩ лахь урҭ рыхшыҩзышьҭра аиагара даара иуадаҩуп. Абри ҳасаб азуны, иахәҭаны иҳаԥхьаӡеит ааӡаҩцәа русура иаҭаху техникала аиқәыршәара. Август азы иазгәаҭоуп аколлегиа аилатәара амҩаԥгара. Уаҟа ҳрылацәажәоит апрограмма иалагалоу арҽеирақәа, арҵаҩцәа разгәаҭарақәа. Ианышьақәырӷәӷәалак ашьҭахь, аминистр лнапы аҵаҩны ахәыҷбаҳчақәа ираҳҭоит».
Аҵара аминистр лажәақәа рыла, иаҭахижьҭеи акрааҵуеит ашколтә рҵагашәҟәқәа рыԥсахра, урҭ ашколхәыҷқәа ирнаалартә аҟаҵара. Апрограмма аҵаҩцәа еилыркаауа иҟазароуп», – лҳәеит лара. Иара убас, лажәақәа рыла, Аԥсны аҭоурыхи агеографиеи ирызку ашәҟәқәа аԥсшәахь реиҭагара аҭахуп.
Гәынба дазааҭгылеит ашколқәа рҟны «Аԥсуара» амаҭәар алагалара азҵаара. Илҳәеит апрограмма шаларымгало сентиабр 1 азы, – аԥхьа арҵаҩцәа азыҟаҵатәуп. Убри азы еиҿкаахоит аидеиа-цәаҩабзиатә ааӡара иазку ацентр ҷыда.
Ахатәы бызшәа аиқәырхара, ҳажәлар ркультуратә малк аҳасабала уи арҿиара азҵаарақәа рнаҩсангьы, ирылацәажәан аҵарадырра иазку акырӡа зҵазкуа егьырҭ азҵаатәқәагьы.
Акомиссиа апроблема аҭыԥ ақәҵаразы аусмҩаԥгатәқәа жәпакы рыднагалоит: аҳәынҭмаҵзуҩцәа рыҩнуҵҟа абызшәадырра аҩаӡара ашҟа адҵақәа рышьҭыхра; аԥсуаа рхәыҷқәа аурыс школқәа рахь рнагара армаҷра; абызшәа ахьынӡардыруала ахәыҷбаҳчақәа рҟны агәыԥқәа реиҩшара; алагамҭатә школ арҵаратә программа аиҭакрақәа ралагалара; астудентцәеи аԥсуа бызшәа арҵаҩцәеи ԥарала ргәазыҟаҵара; аԥсышәала атехехәаԥшратә программала рхыԥхьаӡара азырҳара, рхаҭабзиара аиӷьтәра.
Аилацәажәара иалахәыз гәаанагарак иазкылсит: иарбоу аусмҩаԥгатәқәа зегьы дҵаны ишықәдыргыло аҳәынҭқарратә усбарҭақәа зегьы абри аус активла ралахәра.