Print this page

Аконкурс рылаҳәоуп

Ԥхынгәы 25, 2025 50

Аԥсуа хәыҷтәы литература арҿиараҿы рылшамҭақәа рзы Ҭаиф Аџьба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиа аиуразы аконкурс рылаҳәоуп.

Апремиа ранаршьоит ауаажәларраҿы инарҭбааны азхаҵара зауз, аԥсуа сахьаркыратә литераҿураҿы иалкаахаз ахәыҷқәеи ақәыԥшцәеи ирызку аҩымҭақәа рзы.

Ирыдыркылоит 2022, 2023, 2024 шықәсқәа рзы акьыԥхь збаз апоезиеи, апрозеи, адраматургиеи ржанрқәа ирыҵаркуа арҿиамҭақәа.

Аҳәынҭпремиа аиуразы арҿиамҭақәа ықәдыргылоит аҵарадырратә, акультуратә усҳәарҭақәа рколлективқәа, арҿиаратә еидгылақәа, ажурналқәеи агазеҭқәеи рредакциақәа.

Арзаҳалқәа рыдыркылоит 2025 шықәса октиабр 17 азынӡа акультура Аминистрраҿы абри аҭыӡҭыԥ ала: ақ. Аҟәа, Лакоба имҩа, 21. Иҵегьы аилыркаарақәа риуразы уаҩы дыдҵаалар ауеит абарҭ ателефонқәа рыла: +7(840) 226-75-42; +7(940) 965-91-02.