Лассы-лассы схәыцрақәа рҿы ицәырҵуеит Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа (1941–1945 шш.) аан хабарда зашьа дыбжьаӡыз санду лхаҿсахьа. Лара лгәы хыҭхыҭуа лашьа ихынҳәра дазыԥшын, дҭахеит, дыҟам ҳәа зынӡаскгьы илҳәомызт… Аҩнаҭаҿы еснагь иаацәырганы ҳрыԥхьалон афронт аҟынтәи иааишьҭуаз исалам шәҟәқәа.
Витали Быҭәба иҩны саҩысцыԥхьаӡа сыбла иаахгылоит зыҷкәын изхьаауаз, еснагь иԥшыз ан – Бубца Амҷԥҳа лхаҿсахьа. Ан дгәыӷуан мышкызны лыҷкәын лгәылҽанӡамкәа дхынҳәуеит ҳәа… Ҳхәыҷра ашықәсқәа раан, ҳқыҭаҿы арԥарцәа ҳааизаны ашьапылымпыл ҳахьыхәмаруаз аҭыԥқәа санраҩсуа еснагь ихьаазгоит, сгәалашәараҿы ицәырҵуеит Аԥсадгьыл зхы ақәызҵаз аибашьцәа-афырхацәа: Валери Адлеиба, Славик Ашьхаруа, Славик Инаԥшьба, Нодар Кәарҷиа, Оҭар Инаԥшьба, Мкан Колбаиа, Ҭенгьыз Џьопуа, Толик Инаԥшьба. Арҭ афырхацәа рыхьӡ наунагӡа ҳгәаҿы, ҳҭоурых аҟны иаанхоит, рыхьӡ ӡрыжәуп хьтәы нбанла.
Еицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩ Витали Фирон-иԥа Бәыҭәба диит ԥхынгәымза 22, 1955 шықәсазы Очамчыра араион Ҷлоу ақыҭан. Иара аҭаацәараҿы аԥшьбатәи ҵеин. Витали дшыхәыҷыз иаб амҩатә машәыр иахҟьаны иԥсҭазаара далҵит. Бубца Амҷԥҳа лыхшара ак рыгмырхакәа илааӡеит. Араҟа иазгәаҭатәуп, Бубца Амҷԥҳа дышлывагылаз Абжьыуаа рыҟны ҳаҭыр ду зқәыз абырг, инагаз ажәабжьҳәаҩ, лаб Едгьы Амҷба. Витали Быҭәба иабду ихылаԥшра, иааӡара акыр ианыруан, ианыԥшуан. Абжьаратә школ даналга, Витали Фирон-иԥа дҭалоит Аҟәатәи апедагогикатә институт аҭоурыхтә факультет. Аха еиуеиԥшымыз аҭагылазаашьақәа ирхырҟьаны аҵара ааныжьны аррамаҵура дцоит. Уи анахыс Еревантәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет дҭалоит. 1984 шықәсазы иҵара қәҿиара дула ианхиркәша, Еревентәи ауниверситет аҿы аспирантура дҭалоит. Витали Фирон-иԥа идиссертациатә усумҭа иҩуан еицырдыруа аҵарауаҩ, академик Г.Х. Саркисиан инапхгарала. 1988 шықәсазы аспирантура далганы, адиссертациатә усумҭа анихьча, аусура дрыдыркылоит Ермантәыла иҟоу Мрагылараҭҵаара аинститут аҿы. Витали Фирон-иԥа иусумҭа аҵарауаа ахә ҳаракны иршьеит, иазгәарҭеит аҵарауаҩ иҭҵаарадырратә ҩаӡара. 1986 шықәсазы аспирантураҿы аҵара аниҵоз далахәын XXII Мрагыларҭҵаара знапы алакыз аҵарауаа ҿарацәа рыҭҵаарадырратә сессиа. Уаҟа Витали Фирон-иԥа аԥсуаа ҳҭоурых ииашамкәа ицәырызгоз ақырҭуа ҭоурыхҭҵааҩцәа дырҿагылон иқәгылараҿы, аԥсуаа ҳҭоурых, ҳкультура ихьчон, иӡыригон. Ишдыру еиԥш, 1989 шықәсазы Аԥсны иҵысит имариамыз аполитикатә ҭагылазаашьақәа. Урҭ ахҭысқәа ирхырҟьаны Витали иԥсадгьыл ахь дхынҳәуеит. Аҵарауаҩ иԥсадгьыл гәакьаҿы дыҟазар иҭахын, ижәлар рхьаа ихьаан. 1990 шықәсазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Абызшәеи, алитературеи, аҭоурыхи ринститут (иахьа – ААР Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт) убасгьы Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет рҟны аусура далагоит.
Витали Фирон-иԥа активла далахәын Аԥсуаҭҵааратә институт имҩаԥнагоз аҭҵаарадырратә усқәа. Аԥсны аҭоурых иазкыз ашәҟәқәа ирҽеиуан, ашәҟәы Аԥсны аҭоурых аԥхьажәа давторуп. Аԥсны аенциклопедиа аредакциатә хеилак далан. Аибашьра ианалага ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа Витали Быҭәба инапылаҩырақәеи, иархиви, ихатә литературеи рблит. 1992 шықәсазы Гәдоуҭа ақалақь аҟны еиҿкааз аконтрԥшыхәра аиҳабы Е. Ажьиба, Витали Быҭәба дааиԥхьоит иҟәшахьы. Аконтрԥшыхәра агәыԥ иалаз аибашьацәа – Владимир Базба, Анзор Смыр, Мсаусҭ Шамба, Ира Квираиа – Витали Быҭәба ипрофессионалтә зыҟаҵара ҳаракны иазгәарҭон. Хәажәкырамза 1993 шықәсанӡа Аԥсны Атәылахьчара Аминистрра аналитикатә ҟәшаҿы дыҟан. Хәажәкыратәи ажәыларақәа рҟынӡа Витали Фирон-иԥа хатәгәаԥхарала Сергеи Матосиан знапхгараҿы дыҟаз Аҟәатәи актәи абаталоион ахь диасуеит. Сергеи Матосиан Витали Быҭәба илаз агәымшәара, аибашьраҿы иааирԥшуаз афырхаҵара акыр ахә ҳаракны ишьон.
Витали Быҭәба хабарда дыбжьаӡит хәажәкырамза 16, 1993 шықәсазы. 2005 шықәсазы Д.И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт аусзуҩцәа ирылшеит Витали Быҭәба иусумҭақәа еидкыланы хаз шәҟәны аҭыжьра. Ашәҟәы иагәылоуп ажәытәӡатәи аерман хыҵхырҭақәа рыла иҩу, Шьхатәылатәи Кавказ жәларқәа ретнополитикатә ҭоурых азҵаатәқәа. Иара убас ашәҟәы иагәылоуп аҵарауаҩ ихатәы архив аҟынтәи афотосахьақәа.
Витали Быҭәба игәалашәара лаша еснагь иҳацуп. Лассы-лыссы ҳхәыцрақәа дрылоуп. Иахьа ҳааигәа иҟамзаара даара иаҳхьаауп. Аҵарауаҩ, аибашьҩы игәалашәара наунагӡоуп.
Аркади Џьопуа,
аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ркандидат,
Аԥсуа ҳәынҭқарратә музеи аиҳабы