Print this page

Алеқсандр Новак Аԥсны дааит

Ԥхынгәы 21, 2025 56

Урыстәылатәи Афелерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара асоциал-економикатә усеицуразы Аиҳабырабжьаратә комиссиа 20-тәи аилатәара мҩаԥысит Аҟәа, ииуль 21 азы.

Урыстәылатәи аделегациа хадара азиуеит Урыстәыла Аиҳабыра рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Алеқсандр Новак. Аҳәааҿы уи иԥылеит Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, Аԥсны Урыстәыла ахәаахәҭратә хаҭарнак Залина Кобесова.

Алеқсандр Новак ибеит Аҟәа, Ареспубликатә хәыҷтәы хәышәтәырҭа аргылара шымҩаԥысуа. Абри атәы иарҳәеит Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, шьаҭанкылатәи аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.

Абри аҽны Алеқсандр Новак даҭааит 2025 шықәса маи 1 азы зусура хацзыркыз В.Арӡынба ихьӡ зху жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәаза «Аҟәа».

Иара убас иазгәаҭоуп Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иԥылара, Аиҳабырабжьаратә комиссиа апленартә еилатәара, 20-тәи аилатәара аԥкаанҵа анапаҵаҩра.

Амш аҩбатәи азбжазы Урыстәылатәи аделегациа аҭааит Очамчыратәи асқьалаҿы атранспорт-логистикатә компекс, иара убас льготала акредитҟаҵара инақәыршәаны Очамчыра араион Лабра ақыҭан зыргылара иаҿу аҩқәа рҭыжьразы азауад.