Print this page

Бадра Гәынба имҩаԥигаз аиԥыларақәа

Ԥхынгәы 21, 2025 102

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дырԥылеит Аҟәа имҩаԥысраны иҟоу Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа анагӡаратә еилакы аилатәара аҽалархәразы иааз Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа анапхгара.

Уи иалоуп Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа апрезидент, амилаҭбжьаратә еизыҟазаашьақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент иҟны иҟоу Ахеилак алахәыла Хаути Сохроков, Адыгеиеи Аԥсни жәлар рышәҟәыҩҩы Исхаҟ Машбаш, иара убас Аԥсны ауаажәларратә еиҿкаара «Адыге Хасе» ахантәаҩы Валери Маремуков.

Аиԥылара рхы аладырхәит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Ешба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, акультура аминистр Даур Ақаҩба.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит  Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа акыршықәса раахыс ихадароу аҭыԥ шаанакыло Кавказ аҭаацәара ду аҩнуҵҟа акзаареи аусеицуреи рырӷәӷәараҿы.

«Имариамыз аамҭақәа раан, Аԥсны ҷыдара адгылара анаҭахыз, Ассоциациа аешьаратә Аԥсны ахьчара иазықәгылеит.

Ҩаԥхьа гәык-ԥсык ала ҭабуп ҳәа шәасҳәоит убри аусуразы. Агәра ганы сыҟоуп, шәара шәусура ишеиднакыло ҳзеиԥш ҩны – Кавказ ажәларқәа рҭаацәара. Абри аганахьала ҳаигәырӷьоит Аԥсны ҳашьцәа – Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа ахаҭарнакцәа ахьҳадаҳкыло.

Сгәыӷуеит, ҳусеицура ҳаԥхьаҟагьы ишҿиало Кавказ ажәларқәа реизҳазыӷьаразы, ҳажәларқәа рбжьара аҭынчреи, аҭышәынтәалареи, наҟ-ааҟ аилибакаареи реиқәырхаразы. Ҳаешьаратә жәларқәа ахьынхо Урыстәыла ҳара ҳҩыза ду ауп.

Ҩаԥхьа гәык-ԥсык ала сшәыдныҳәалоит, акыр иаԥсоу аҩызцәа!» – иҳәеит Бадра Гәынба.

Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа апрезидент Хаути Сохроков ҭабуп ҳәа иҳәеит аиԥылара аиҿкааразы, иазгәеиҭеит Кавказ ажәларқәа зегьы рзы Аԥсны аҭыԥ ҷыда шааннакыло.

«Аешьаратә Аԥсны аҭыԥ ҷыда аанакылоит ҳгәаҵаҿы. Жәларбжьаратәи Ачерқьестә Ассоциациа 33 шықәса раахыс еиднакылоит ҳажәларқәа, аханатә инаркны Аԥсны адгылара анаҭеит. Ҳара ҳауп раԥхьаӡа акырӡа зҵазкуа ашьаҿа ҟазҵаз, избанзар ҳара иҳахьчон аешьаратә Аԥсны мацара акәымкәа, ҳзеиԥш дацԥашәқәа, ҳҭоурых, ҳаешьаратә еизыҟазаашьақәа.

Рыцҳарас иҟалаз, аҭоурых иаԥсаҟьеит ҳажәларқәа адунеи аҿы иахьабалак. Иахьа ҳашьцәа зегьы рахь ҳхы ҳархоит Аԥсны иазхьаԥшырц, иадгыларц. Ҳара раԥхьаӡа иргыланы аус рыцаауеит ҳџьынџьуаа рхы еидкыланы иахьынхо атәылақәа.

Ҳара иаҳгәаԥхоит аешьаратә Аԥсны адоуҳа, шәара шәыгәаӷьра. Шәареи шәкомандеи ирзеиӷьаҳшьоит аӷәӷәара, ачҳара, шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара. Ишәҭыкакаҷлааит ихьыԥшым, зхы иақәиҭу Аԥсны! Еснагь шәаԥшьгамҭақәа ҳрыдгылоит.

Ҳашьцәа ахьыҟазаалак – Урыстәылан акәзааит мазаргьы уи анҭыҵ акәзааит – шәара ҳара ҳганахьала адгылара шәақәгәыӷырц шәылшоит. Ҷыдала иалаҳкаауеит Урыстәыла дуӡӡаҿы иааигәаӡаны ҳусеицура, Аԥсны арҿиара иацхраауа ҳҩыза Сергеи Владилен-иԥа иҽазышәарақәа.

Шәара ахырхарҭақәа зегь рыла ҳаешьаратә Аԥсны шәырҿиоит. Аешьаратә республикақәа – Ҟабарда-Балкариа, Адыгеиа, шәара ишәывагылоуп. Иҭабуп аиԥыларазы. Усҟангьы ҳшәывагылан, наунагӡагьы ҳшәывагылоит», – иҳәеит Хаути Сохроков.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дидикылеит аҵара аминистр Хана Гәынба.

Ирылацәажәеит аҵараҿы аусқәа рҭагылазаашьа иамадоу азҵаарақәа, аԥхьаҟатәи апланқәа, – иаанацҳауеит Ахада ипресс-маҵзура.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ашколқәа рҟны аҵара ахаҭабзиара аиӷьтәра инаваргыланы, атәыла анапхгара аҵара Аминистрра аҿаԥхьа уснагӡатәны ишықәнаргыло ааӡаратә усура хшыҩзышьҭра ҷыда азура.

Ахада ишазгәеиҭаз аиԥш, ааӡаратә усура уасхырс иаҵагылазароуп ҳатрадициақәа рыла еибарку апатриоттә, аидеологиатә, акультуратә шьаҭа.

Бадра Гәынба аминистр лнапы ианиҵеит атәыла ашколқәа рзы ааӡаратә усура аконцепциа аус адулара.

Бадра Гәынба иҳәеит, сентиабр инаркны аԥсуа бызшәа арҵаҩцәа ироуа ахыхь 5 нызқь мааҭ рзацлоит. Иара ишазгәеиҭаз аиԥш, ахатәы бызшәа адгылара иазку ари аҩыза апрактика атәылақәа жәпакы рҿы иуԥылоит.

Аҳәынҭқарра Ахада аҵара аминистр лнапы ианиҵеит аҭҵаарадыррақәа Ракадемиеи апедагогика Аинститути алархәны иалацәажәарц, иагьааргарц ахәбатәи акласс инаркны абжьаратә школқәа рҟны Аԥсны аҭоурых иазку амаҭәар алагаларазы ажәалагалақәа. Ахада ишазгәеиҭаз аиԥш, ари даара акраҵанакуеит абиԥара ҿа рааӡаразы.

Бадра Гәынба аҵара министр даҽа напынҵакгьы лиҭеит – иаарласны аинформациа аалгарц Аԥсны иахьаҵанакуа арҵаҩцәа-акласстә напхгаҩцәа рхыԥхьаӡаразы.

«Ҳара ибзиаҵәҟьаны иаадыруеит абарҭ арҵаҩцәа ирыду аҭакԥхықәреи рџьабааи», – иҳәеит Ахада. Иара ишазгәеиҭаз аиԥш, аҳәынҭқарра алшарақәа аԥшаауеит акласстә напхгаразы ироуа ахыхь инацҵаны рызшәаразы.

Аҵара аминистр Хана Гәынба Аҳәынҭқарра Ахада ишҟа ашәҟәы лҩит. Уаҟа иарбоуп Аԥсны агеографиа арҵага шәҟәы аиҭаҭыжьра дадгыларц. Аминистр лажәақәа рыла, уажәы рхы иадырхәо арҵага шәҟәы аҵарауааи аҵара аусзуҩцәеи ҳаамҭазтәи аҭахрақәа ирықәшәом ҳәа азхарҵахьеит.

Ахада ааԥхьара дадгылеит. Аҵара аминистр ҭабуп ҳәа иалҳәеит аҵара азҵаарақәа хшыҩзышьҭра ҷыда ахьырзыҟаиҵо азы.

Бадра Гәынба аилацәажәара мҩаԥигеит «Афымцамч идырҿыцуа ахыҵхырҭақәа рзы» азакәан апроект алацәажәара иазкны. Уи рхы аладырхәит Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы Беслан Ешба, уи актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб.

«Афымцамч идырҿыцуа ахыҵхырҭақәа рзы» азакәан апроект аус адулоуп аҳәынҭқарреи, аарыхыҩцәеи, анашьҭыҩцәеи, уи зхы иазырхәо ахархәаҩцәеи реизыҟазаашьақәа рҭышәныртәаларазы азинтә, аиҿкааратә, аекономикатә, афинанстә шьаҭақәа рышьақәыргылара хықәкыс ишьҭыхны.

Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгареи Аминистрцәа Реилазаареи рнапы ианиҵеит иҟаҵаз ажәалагалақәа ҳасаб рзуны азакәан апроект иҵегьы аус адыруларц, анаҩс Жәлар Реизара ашҟа инаргарц.