Print this page

Аԥсны Ахада Ԥсҳәы ақыҭан

Ԥхынгәы 14, 2025 26

Ԥсҳәы анеира даара иахьыуадаҩу Аԥсны ақыҭақәа ируакуп. Аԥхынразы уахь анеира алшоит автомашьына ҷыдақәа рыла, аӡын амҩа аркуп. Иара убас, Ԥсҳәыҟа ветралиотла аԥыррагьы ауеит.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба ииуль 13 азы ашьха қыҭа Ԥсҳәы даҭааит, – иаанацҳауеит Аԥсны Ахада ипресс-маҵзура.

Иареи ақыҭа ауааԥсыреи хра злоу апроблемақәа еицрылацәажәеит, раԥхьаӡа иргыланы, уахь атранспорт анеира-ааира. Ԥсҳәыҟа амҩа даара анысра уадаҩуп, лассы-лассы авиациала аимадара ыҟаӡам. Гәынба иақәиргәыӷит абри азҵаара шыӡбахо.

Абри инаваргыланы,  ауааԥсыра аҳәара ҟарҵеит ақыҭа дадырҵарц алашара арцәара инамаданы ицәырҵуа апроблемақәа рҭыԥ иқәызҵалаша «Амшынеиқәафымцамч» аспециалист.

Ирзааҭгылан ахәыҷтәы шҭа аҟаҵара, афельдшертә пункт аусура арҿыцра. Уи иаӡбон зырҽеира амуа ахыбра аҟынтәи ақыҭа школ акабинетқәа руак ахь  аиагара.

Иара убас Бадра Гәынба дахәаԥшит апрезиденттә грантқәа Урыстәылатәи Рфонд апрограмма инақәыршәаны, иҭахаз Кавказ ахьчаҩцәа рбаҟа аиҭашьақәыргыларазы аусурақәа рымҩаԥысшьа, драцәажәеит ауахәама аҭааҩцәа, даҭааит аҳәынҭшәарҭадара Амаҵзура аҳәаахьчаратә ҟәша.