Абарҭ амшқәа ирылагӡаны Бадра Гәынба амчра аҳәынҭқарратә усбарҭақәа русураҿы акырӡа зҵазкуа аиҭакрақәа ҟаиҵеит.
Аусмҩаԥгатә хадақәа ирыцызҵо акакәны иҟалеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко ҩаԥхьа Аԥсны иаара.
Ԥхынгәымза 10 рзы Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба диԥылеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Аганқәа аенергетика, ашәахтәқәҵара, аҵарадырра агуманитартә аԥшьгарақәа, уҳәа реиԥш иҟоу Аԥсна-Урыстәылеи русеицура иадҳәалоу хра злоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Сергеи Кириенко Аԥсныҟа дааит усуратә ныҟәарала.
Аусеицура азҵаарақәа ирылацәажәеит
Аусуратә ныҟәара иара убас иаҵанакуеит Урыстәыла иҟанаҵо адгыларала асоциалтә, аинфраструктуратә, акультуратә обиектқәа реиҭашьақәыргылара иазку апроектқәа рынагӡашьа агәаҭара.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба асас дидкыло, Аԥсни-Урыстәылеи русеицура хра злоу алҵшәақәа шаанарԥшуа азгәеиҭеит. Уи Москва имҩаԥысыз аиԥыларақәа рҿы излацәажәахьаз аԥшьгарақәа, иахьа аус аҿы анагӡара аиуеит ҳәа ҷыдала иазгәеиҭеит. Сергеи Кириенко иааиԥмырҟьаӡакәа Аԥсны апроблемақәа рганахьала иааирԥшуа ахшыҩзышьҭра азы иҭабуп ҳәа иаҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада аенергетика, аҵарадырра, акультура, агәабзиарахьчара, уҳәа аусхкқәа рганахьала актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы рылацәажәареи рыӡбареи шазԥхьагәаҭоу азгәеиҭеит.
Сергеи Кириенко иоуз ааԥхьаразы иҭабуп иҳәеит.
«Гәахәара дула исыдыскылеит исызгәакьоу Аԥсны аҭааразы исоуз алшара. Уамеигәырӷьар залшом араҟа иҟоу хра злоу аиҭакрақәа. Зегьы ирласны, иаразнак иҟалар ҳҭахуп, аха ус изыҟалом. Аиҭакрақәа шыҟоу убоит, уи ауп зегьы ирыцку», иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко Урыстәыла Ахада Владимир Путин Бадра Гәынбеи иареи реиԥыларақәа реихшьалақәа рыла Урыстәылатәи Афедерациа аусбарҭақәеи аминистррақәеи әықәкыла адҵақәеи анапынҵақәеи риҭеит ҳәа азгәеиҭеит.
Сергеи Кириенко уажәтәи иаара хықәкы хадас иамоуп – «даҽазныкгьы еицны Урыстәыла Ахада урыстәылатәи аминистррақәеи ахылаԥшырҭақәеи ириҭаз адҵақәа зегьы рынагӡашьа агәаҭара» ҳәа иагәеиҭеит.
Сергеи Кириенко гәахәарыла иазгәеиҭеит Аԥснытәи, Урыстәылатәи аминистррақәеи аусбарҭақәеи хра злоу аусеицура шрыбжьоу.
«Ҳара Урыстәыла Ахада иҟынтәи анапынҵа ҳамоуп Урыстәылатәи аминистррақәа ирымоу аԥышәа Аԥснытәи рколлегацәа ирымардарц. Уи аҟынтәи Аԥсны азы иалхтәу, ахархәара зҭатәу, мамзаргьы макьаназы Аԥсны азы иақәнаго зыӡбаша шәара шәоуп», - иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Афымцамч – еиԥҟьарада
Аԥсны афымцамчтә комплекс аҿиара иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәара иалахәын Аԥсны Ахада Бадра Гәынба, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Аԥсны Аԥыза-министр Делба Владимир, Аԥсны Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Ешба Беслан, Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Нанба Џьансыхә, Аԥсны афымцамч аминистр Мышәба Баҭал, Урыстәылатәи Афедерациа афымцамч аминистр ихаҭыԥуаҩ Евгени Грабчак, Ареспубликатә унитартә наплакы «Амшынеиқәафымцамч» аиҳабы Ҭемыр Џьынџьолиа.
Тема хадас иқәгылан афымцатә цәаҳәақәа рҟны иаарласны зҭыԥ ақәҵара аҭаху азҵаарақәа. Бадра Гәынба афымцатә усхкыаҿы иҟоу апроблемақәа асистематә ҟазшьа рымоуп, урҭ ареспублика аҿиара акыр иаԥырхагоуп ҳәа иазгәеиҭеит. Убри инамаданы, Аҳәынҭқарра Ахада Урыстәылатәи Афедерациа аус ацура иабзоураны имҩаԥысуа ауснагӡатәқәа рыла хара имгакәа атәыла афымцамчтә система аҭышәынтәалара алыршахап ҳәа агәыӷра ааирԥшит.
Сергеи Кириенко убасҵәҟьа апроблема ирласны аӡбара шаҭаху азгәеиҭеит.
Аамҭа маҷны иаанхеит, аԥхынра лассы ииасуеит, аӡынра ҩаԥхьа ауадаҩрақәа ааҳадгылоит, убри аҟнытә зыԥшрак ҟамҵакәа иахәҭоу ауснагӡатәқәа мҩаԥгатәуп ҳәа ишәҳәо аҿы жәаҳәарада шәиашоуп, ҳаҭыр зқәу Бадра Зураб-иԥа», – иҳәеит иара.
Сергеи Кириенко ахықәкқәа аликааит: раԥхьа иргыланы, афымцамч ахархәаразы ахәԥса зшәо рҿы афымца арцәарада иааиуа аӡынра рхыргартә еиԥш аҟаҵара, иҩбахаз – афымцамчтә система аҭышәынтәаларазы ихымԥадатәиу ауснагӡатәқәа ралкаара, ихԥахаз – атәыла аекономика аҿиаразы иҭышәынтәалоу афымцамчтә инфраструктура ашьақәыргылара алыршара.
«Иахьа еилкаауп, абизнес азҵаара рацәа азцәырҵуеит, раԥхьа иргыланы аинфраструктура аҿиара алахәхара, анхарҭақәа, ахәаахәҭратә центрқәа, аресторанқәа, асасааирҭақәа рыргылара иазхиоу, аха афымцамч ала аиқәыршәара ахьҭышәынтәалам азы уи азы алшара змам Аԥснытәи абизнес. Афымцамч ала аиқәыршәара аиԥҟьара иахҟьаны Аԥсны аинфраструктура аҿиара аԥкра ҟамларц азы иахәҭоу аӡбамҭақәа ҳадаҳкылароуп», – иҳәеит Сергеи Кириенко.
Уи инаҵшьны иазгәеиҭеит афымцацәаҳәақәа шьаҭанкыла ринвентаризациа амҩаԥгара, насгьы аамҭа рацәа зҵазкуа афымцацәаҳәақәа рҭагылазаашьа арҽеира иазку аплан ашьақәыргылара шхымԥадатәиу.
Ирылацәажәан акаҭатә нхамҩа арҿыцреи фымцамчла аиқәыршәара аҭышәныртәалареи ирызкыз азҵаатәқәа. Аганқәа афымцамч иадҳәалоу апроектқәа рынагӡара ахылаԥшра еснагьтәи режимла ишымҩаԥысуа азгәарҭеит.
Аҵарадырра иазкны
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, атәыла Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, аҵара аминистр Хана Гәынба, иара убас Аҵараиуратә фонд «Абаҩхатәреи аихьӡареи» анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Антон Гусев ралахәрала Аҟәа ақалақь аҿы аҵараиура иазкыз аусуратә еилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәараҟны тема хаданы иқәгылан наҟ-ааҟ еицырзеиԥшу аҵараиуратә аԥшьгарақәа апрактикаҿы рырҿиара азҵаара. Ари аԥхьа Урыстәыла аҵаралашара аминистрраҟнытә Аԥсны ашколқәа ирыҭан аинтерактивтә классӷәқәеи амобилтә компиутертә классқәеи ҳәа адырра ҟанаҵоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ипресс-маҵзура.
Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациа аҵарадырра аусхкыаҿы иҟанаҵо адгыларазы иҭабуп ҳәа иҳәеит.
«Ҳара даара ахә ҳаракны иаҳшьоит ҳҿар иахьа Урыстәылатәи Афедерациа иахьаҵанакуа афестивальқәеи аҿартә акциақәеи зегьы рылахәхаразы алшара ахьрымоу. Уи аҿар еидызкыло, иааизакны ҳтәылақәа еизааигәазтәуа хырхарҭаны иҟоуп», - иҳәеит Аԥсны Ахада.
«Ҳара Урыстәылатәи Афедерациа Ахада иҟынтәи лаҵарамза 10 рзы иареи шәареи шәеиԥылара ашьҭахь анапынҵақәа жәпакы ҳауит. Урыстәыла Ахада Аԥсны аус зуа аурыс бызшәа арҵаҩцәа есымза руалафаху ацҵа рызшәаразы аӡбамҭа идикылеит. Шәаргьы аамҭак ала аԥсуа бызшәа рызҭо арҵаҩцәа руалфаху ацҵа рызшәаразы аӡбамҭа шәыдышәкылеит. Сара сгәаанагарала, аԥсуа бызшәеи аурыс бызшәеи рырҵаҩцәа инацҵаны аԥара рызшәаразы аҩ-ҳәынҭқаррак рхадацәа ишәыдышәкылаз аӡбамҭақәа иашоуп», – иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко.
Сергеи Кириенко иажәақәа рыла, Урыстәылатәи Афедерациа аҵара Аминистрра, Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа, иара убас Урыстәылатәи ахәыҷтәы-қәыԥштә Центр (ақ. Москва) абар акыр шықәса Урыстәыла аус зуа «Навигатор детства» ҳәа изышьҭоу асистема аиԥш-зеиԥшу асистема Аԥсны ахацыркра, насгьы Аԥсны аҵара Аминистрреи ашколқәа рдиректорцәеи иназыцҵоу ацхыраара рыҭаразы анапынҵақәа рыҭан.
«Аҩ-ҳәынҭқаррак рминистррақәа русеицура апартниортә, аиҩызаратә ҟазшьа амоуп. Уи ииашоуп. Ахәыҷқәа рԥеиԥш лаша аасҭа еиҳау Аԥсны азы еиԥш Урыстәыла азгьы акгьы ыҟаӡам. Убри аҟнытә, иҳалшо зегьы ҟаҳҵароуп урҭ рымҩақәа раартразы, доусы иҟыбаҩ игәазыҳәара анагӡаразы», – инаҵшьны иазгәеиҭеит Сергеи Кириенко.
«Брехаловка» иаҭааит
Аусуратә еилацәажәарақәа рыбжьара Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Аҟәа амшын аԥшаҳәаҿы акаҳуажәырҭа «Брехаловка» аҟны иформалтәым аиԥылара мҩаԥыргеит.
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои «Брехаловка» лассы-лассы аҭааҩцәа ирацәажәеит, иалацәажәеит ақалақь абжьааԥнытәи аԥсҭазаара.
Уажәааигәа акаҳуажәырҭаҟны иргылан аишәеи атәарҭа ҿыцқәеи - урҭ Сергеи Кириенко иҳамҭоуп. Ақалақьуаа ари ҳаҭыр ақәырҵеит, иҟалаз арҿыцрақәа иҭабуп ахырҳәааит.
Амшын аԥшаҳәаҿы рынеииааираан Аҟәа ақалақь абжьаратәи ашкол №2 адиректор Ирина Повирскер Сергеи Кириенко ҳамҭас илҭеит ашкол асахьа зну аҭыхымҭа – Аҟәатәи асахьаҭыхыҩ Ҭемыр Ҵәыџьба иусумҭа.
Аҟәа, амшын аԥшаҳәаҿы
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко напхгара зиҭо аделегациеи Аҟәа амшын аԥшаҳәаҟны аныҟәара мҩаԥыргеит.
Иахьааҭгылаз аҭыԥқәа ируакуп акыршықәса раахыс аус зымуа ԥасатәи асасааирҭа «Абхазиа» ахыбра.
Ахыбра ахәаԥшраан ирылацәажәеит аамҭала иҟаҵатәу — адекоративтә фальш-фасад ашьақәыргылара, аиҭашьақәыргылара иалагаанӡа аԥшаҳәа агәҭаны ублахь иааиуа аҟаҵаразы.
Анаҩс аделегациа аиахт-клуби аресторан «Амреи» иаҭааит.
Аклуби аресторани зтәу алахәыла Ношреван Чачба аекскурсиа мҩаԥго, аҭыԥ арҿиаразы игәҭакқәа ртәы рзеиҭеиҳәеит.
Иара убас аныҟәараан идырбан амшын аԥшаҳәа арҿыцразы аконцепциа.
Ҷыдала, аҭоурыхтә ӡыршә архитектуратә арлашага ацҵаны, аԥшаҳәа зегьы арлашара асистема аԥҵара ртәы иалацәажәеит.
Аԥхьаҟа аԥшаҳәа хаҿрас иаиуа — Аҟәаа ирыӡбоит.
Аҟәеи Шәачеи рыбжьара
Бадра Гәынбеи, Сергеи Кириенкои, иҳәынҭқарратәу Афедералтә унитартә наплакы «Урысмшынбаӷәаза» Азов-Амшынеиқәатәи филиал адиректор Анна Фоменкои злахәыз анҭыҵтәи аилацәажәара мҩаԥысит.
Аилацәажәараҟны тема хадас иҟалеит Аҟәеи Шәачеи рыбжьара иааиԥмырҟьаӡакәа амшынтә еимадара ашьақәыргылара.
Аганқәа Аԥсны аҳҭны-қалақьи урыстәылатәи акурорти рыбжьара атранспорттә еимадара аиҿкаара ахкқәа ирылацәажәеит.
Ари аԥшьгара иалацәажәеит еиҳа инарҭбаау атранспорттә интеграциа астратегиа ахәҭаки Аԥсны атуристтә лшара арҿиареи раҳасабала. Ари азҵаара иаҵанакуеит алогистикеи, абаӷәазатә инфраструктуреи, апроект анапхгареи.
Аусхк рацәатә коллеџь аҟны
Сергеи Кириенкои Аҟәа ақалақь аҿы иҟоу Аԥснытәи аусхкрацәатә коллеџь иаҭааит.
Аклассқәеи аҟазарҭақәеи гәарҭеит, арҵаҩцәеи аҵаҩцәеи ирацәажәеит.
Аԥсны аҵара аминистр Хана Гәынбеи аколлеџь адиректор Џьумбер Мышәбеи аҵараиурҭа ҳаамҭазы инанагӡо аусура атәы иалацәажәеит, астудентцәа разыҟаҵара ихадоу ахырхарҭақәеи аҿиара аперспективақәеи ирзааҭгылеит.
Иахьа аколлеџь ареспублика азанааҭтә ҵара асистемаҿы ихадоу аҭыԥ ааннакылоит, аиҳарак атехникатә, ахархәаратә аспециалистцәа разыҟаҵара аганахьала. Иахьа абжьаратәи азанааҭтә ҵараиура адгылара аҳәынҭқарратә ҵарадырратә политика аԥхьа иаргыло азҵаарақәа иреиуаны иаанхоит.
Иаартуп Амилаҭтә сахьатә галереиа
Иаартуп Амилаҭтә сахьатә галереиа шьаҭанкыла аиҭашьақәыргылара ашьҭахь.
Агалереиа аартра рхы аладырхәит Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа аиҳабы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, Урыстәыла акультура аминистр ицхырааҩ Павел Карташов.
Бадра Гунбеи Сергеи Кириенкои ацаха ҟаԥшь ԥырҟеит.
1997 шықәсазы Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба иӡбамҭала Амилаҭтә сахьатә галереиа иазалхны Аҟәа ақалақь, Пушкин имҩа, 8 игылоу, ареволиуциа ҟалаанӡа аҳәса ргимназиас иҟаз ахыбра.
Ихацыркын раԥхьатәи аиҭашьақәыргыларатә усурақәа, аха аԥаратә малқәа разымхара иахҟьаны урҭ аамҭала иаанкылан. Иҳаҩсыз ашықәс азы, ажьырныҳәамза 20 – 21 ауха, агалереиа аколлекциа ахьыҵәахыз асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахыбра аҩбатәи аихагыла амца акит. Иҟалаз абылра иахҟьаны амца иалаблит 1963 шықәса раахыс афонд аҿы еизыргоз 4000 цыра инареиҳаны асахьақәа, реиқәырхара алыршахеит 200 сахьа мацара инарзынаԥшуа. Урыстәылатәи ареставраторцәа еиқәхаз аусумҭақәа реиҭашьақәыргыларазы ацхыраара ҟарҵеит. Асахьақәа рҟынтәи 80% аконсервациа рызун, урҭ рахьынтә Урыстәыла зеиҭашьақәыргылара аҭаху ыҟоуп.
Џьырхәа ақыҭан, Феликс Ӷәазаа инышәынҭраҟны
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Иҷыдоу арратә операциаан иҭахаз Феликс Ӷәазаа анышә дахьамадоу Џьырхәа ақыҭан иԥсыжырҭаҟны ашәҭқәа шьҭарҵеит.
Феликс Ӷәазаа дҭахеит 2024 шықәса, лаҵарамзазы, Донецктәи Жәлартә Республикаҟны аибашьратә дҵа анагӡараан.
Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Владимир Путин Иусԥҟала Феликс Ӷәазаа данҭаха ашьҭахь ианашьоуп Афырхаҵара аорден. Аорден аибашьҩы иҭаацәа рнапы иаиркит Сергеи Кириенко.
Рашәарамза 25 рзы ихыркәшан афырхаҵа инышәынҭра аиҭашьақәыргылареи аибашьҩы ижәлантә рпантеон аиҿкаареи.
Гәдоуҭа, ииуль 11
Бадра Гәынбеи, Сергеи Кириенкои, Самара ақалақь ахада Иван Носкови Гәдоуҭа араион ахада Валери Аҩӡба дрыцны Гәдоуҭа ақалақь амшын аԥшаҳәаҿы инеины игәарҭеит.
Араион ахада Валери Аҩӡбеи, Самара ақалақь ахада Иван Носкови, Аԥсны Ахадеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩи амшын аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргылареи, уи атуристцәа радԥхьалара аизырҳареи, аинфраструктура аԥҵареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
Самареи Гәдоуҭа араиони уаанӡа жәларбжьаратәии адәныҟаекономикатә еимадарақәа рынагӡаразы Аиқәшаҳаҭра рнапы аҵарҩит. Урыстәылатәи ақалақь Гәдоуҭа амшын аԥшаҳәа ахаҿра аиӷьтәразы апроект анагӡара ацхыраара анаҭоит.
Азауад «Кристалл»
Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои ЗҲӘА «Гәдоуҭатәи арыжәтәқәа рзауад «Кристалл» аргылара ахьымҩаԥысуа аҭыԥ иахәаԥшны ирбеит.
Анаплакы аргылара мҩаԥысуеит Урыстәылатәи азинҷыдатә кредиттәра апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны. Уи ареспубликаҟны иџьбарам арыжәтәқәа рҭыжьра иазку анаплак дуқәа ируакхоит. Хырхарҭа хадақәаны иҟоуп — ауараш, алимонадқәа, ихьшәашәоу ачаи, аӡыржәтә.
Анаплакы аусура ахацыркреи аӡа ахьышьҭаҵахо аҭыԥи рзы рыгәҭакқәа ртәы асасцәа ирзеиҭаиҳәеит азауад зхатәу, Аԥсны Жәлар Реизара адепутат Аслан Лакоба.
Урыстәылатәи Аҳақьымцәа рԥылара
Ԥхынгәымза 11азы Гагратәи араионтә хәышәтәырҭа Хада аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи, Урыстәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои аԥхынра Аԥсны аусуразы иааны иҟоу Урыстәылатәи аҳақьымцәеи еиԥылеит.
Аиԥылара иара убас далахәын агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард.
Иалацәажәеит жәабранмза 12 инаркны лаҵарамза анҵәамҭанӡа имҩаԥгаз ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭаразы зымҽхак ҭбааз апрограмма.
Ари аамҭа иалагӡаны ирыхәаԥшын 27 нызқьҩык инареиҳаны ашколхәыҷқәа, убри аан 16 нызқьҩык рҟны ачымазарақәа аарԥшын раԥхьаӡакәны.
Аусура иалахәын Урыстәылантәи 84-ҩык аҳақьымцәа, 19-ҩык алабораториатә специалистцәа, 78 -ҩык Аԥсны амедицинатә усзуҩцәа.
Ахәыҷқәа ргәабзиара агәаҭарақәа мҩаԥысуан Аԥсны ахьынӡа-наӡааӡо.
Апансионат «Литфонд»
Аҟәа. Ԥхынгәымза 11, 2025 шықәса. Аԥсныпресс. Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои Пицунда иҟоу апансионат «Литфонд» иаҭааит.
Аобиект аҭаараҿы урҭ ирыцын Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәбеи Акционертә Еилазаара «Концерн Росэнергоатом» адиректор Хада актәи ихаҭыԥуаҩ Џьумбер Ҭҟьебучааи.
Ирылацәажәеит апансионат аизакра уи аинфраструктура арҿиареи Аԥсны агәабзиарахьчара арҽеиреи атуризми рсистемаҿы иԥхьагылоу аҭыԥқәа иреиуоу аҳасабала «Литфонд» астатус аиқәырхареи ирыдҳәалаз актуалра злоу азҵаарақәа жәпакы.