Print this page

«Кавказ» ахыԥша

Ԥхынгәы 11, 2025 47

10 шықәса инареиҳаны иҵуеит Кандид Ҭарба ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль «Кавказ» есышықәса, мызкы иназынаԥшуа агастрольқәа мҩаԥыргоижьҭеи, хаҭала, Урыстәыла атомтә станциақәа ахьыргылоу ақалақьқәа рҟны.

Сынтәа ансамбль ақәгыларақәа рызкын ҷыдала, Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа 80 шықәса ахыҵреи Атомтә ааглыхра 80 шықәса ахыҵреи.
Ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара занашьоу, Аԥсны жәлар артист, Ҟарачы-Черқьестәылеи Аахыҵ-Уаԥстәылеи зҽаԥсазтәыз рартист Арвелод Ҭарба ҳаиҿцәажәараан излазгәеиҭаз ала, сынтәа атомтә станциақәа ахьыргылоу ақалақьқәа: Курчатов, Волгодонск, Десногорск, Мурманск, Нововоронеж, Екатеринбург уҳәа 9-қалақьк рҟны аконцертқәа мҩаԥыргеит. А.Ҭарба иажәақәа рыла, Екатеринбург ақалақь амшныҳәа ахьӡалагьы адныҳәаларак аҳасабала ҷыдала ирымаз ааԥхьарала иқәгылеит. Ажәакала, ара ҩ-концертк мҩаԥыргеит ансамбль «Кавказ» акәашацәа.
Акыршықәса раахыс ансамбль «Кавказ» рҟазара здыруа, избахьоу, ирышьцылахьоу атомтә станциақәа ирыҵанакуа ақалақьқәа рҿы инхо ауаажәлар, ахәаԥшцәа ҿыцбарах ирбон ргәы ззыбылуа аколлектив. Урҭ, ҳәарада, еснагь еиԥш ргәы хыҭ-хыҭуа иззыԥшыз аҟазацәа рықәгылара агәахәара ду шырнаҭоз арҵабыргуан еиԥымкрада азал аҟнытә игоз рнапеинҟьашьҭыбжьқәа. Ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы, Аԥсны жәлар рартист Арвелод Ҭарбеи ҳареи ҳаиҿцәажәараан инаимҩатәны иҳәеит, сааҭк ашьҭахь Гаграҟа амҩа ишықәлоз, асасааирҭа «Энергетик» аҟны ансамбль ықәгылараны ишыҟаз, ҳаргьы ҳрыццарц ҳабжьеигеит. Ҳәарада, гәахәарыла иҳадаҳкылеит зҟазара ҳаҭыр ақәаҳҵо ансамбль «Кавказ» акәашацәа рыцныҟәара.
40-ҩык еидызкыло «Кавказ» акә­­ашацәа амҩа хара аҟнытә ихы­нҳәижьҭеи, агастроль аҟнытә иааижьҭеи мышқәак рыда шымҵуагьы, рыԥсы шырымшьацгьы ааԥсарак рынмырԥшкәан гәалаҟазаара бзиала рымҩа иацырҵон. Инаҵшьны иазгәасҭарц сҭахуп, урҭ асценаҿы рыкәашара адагьы, ашәаҳәара ишазҟазоу, Аҟәантәи Гагра ҳнеиаанӡа автобус аҟны лахҿыхран. Ашәа рҳәон аҿар, Кавказаа рашәақәа нарыгӡон, рыбжьқәа лахҿыхӡа, иҵарӡа. Ҳаныхынҳәуазгьы убас акәын.
Аконцерт аамҭа анааи, Гагра ақалақь аҟны, асасааирҭа «Энергетик» аҩнуҵҟа еиҿкааз азал ҳтәыла аҭааҩцәа, аԥсшьацәа рыла иҭәит. Урҭ рахьтә иҟан ҳмилаҭтә кәашарақәа рыӡбахә заҳахьаз, аха изымбацыз, иара убасгьы иҟан, изныкымкәан ҳмилаҭтә кәашарақәа збахьаз, издыруаз, аха, хаҭала, ансамбль «Кавказ» ақәгылара иахәамԥшыцыз.
Ус, асцена ааимҟьан, игәыҟаҵагаха аԥсуа ркәашага бжьы ааҩит, ахьшьыцбеиԥш ишь­ҭыԥраауа ил­ах­ҿыхӡа, еилҟьа-еилӷәыцә асцена «ырдыдуа, ирмацәысуа» иа­ақәлеит арԥарцәа, урҭ иры­шьҭаланы иаацәырҵит даара еинааланы ­еи­лаҳәаз асцена «ихиааланы», ишь­­қьыруа икәашоз аҭыԥҳацәа. Аи­аш­азы, улаԥш рыҟәгара уадаҩын акәашацәа қәыԥшцәа.
Аҭааҩцәа, ахәаԥшцәа акәашацәа раԥхьатәи рцәырҵра ихнахит иаразнак, есааира урҭ рҟазара иагәыланахалон, напеинҟьарыла ирыдыркылон. Акәашацәа ықәԥраан асцена ишықәыз алашара ыцәеит, ҳамҭакы амузыкагьы ҿыцәааит, аха аҟазацәа қәыԥшцәа аанымгылеит, еиҳагьы «иаҵаҳәҳәо», рыбжьы ныхҵа-­аахҵо, «ҳасаа ҳәа» акәашара иаҿын. Уи еиҳагьы ргәы ҭнагеит ахәаԥшцәа «аҟазацәаҵәҟьа шәоуп» ҳәа рызҿырҭуан азал аҟнытә, ргәахәара ҳәаак амамкәан.
Ансамбль «Кавказ» аҟны икәашо аколлектив зегьы иреиҵбу, 13 шықәса зхыҵуа ҩыџьа аҭыԥҳацәа ыҟоуп. Урҭ руаӡәы, ансамбль «Кавказ» асахьаркыратә напхгаҩы А.Ҭарба имаҭа, «Кавказ» аиҳабы, абалетмеистр Омар Ҭарба иԥҳа Ариана Ҭарбеи Ариана Амқәаб-ԥҳаи роуп. Аҩыџьагьы раԥхьаӡа акәны аколлектив агастроль ирыццеит атомтә станциақәа ахьыргылоу Урыстәыла ақалақьқәа рахь, «Ҳмааԥсаӡеит, акәашара даара бзиа иаабоит», – рҳәеит аҩыџьагьы еицҿакны, «ишԥашәхыжәгеи агастроль» ҳәа азҵаара анраҳҭа.
«Кавказ» акәашацәа ҟазацәа инарыгӡеит еиуеиԥшым, аԥсуа-цәа зыҟәну, аколорит зныԥшуа емоциала ихаҭәаау, агәыжәла зныԥшуа аԥсуа кәашарақәа, иара убас Кавказ ашьхарыуа жәларқәа рыкәашарақәа.
Елена Астаненко Толиати ақалақь аҟнытә сынтәа ҩынтәуп Аԥсныҟа ԥсшьара даауеижьҭеи, хаҭала, Гагра ақалақь лгәаԥхоит аԥсшьаразы. Уи ҳаиҿцәажәараан иазгәалҭеит аԥсуа милаҭтә кәашара шылбахьаз, даарагьы ишылгәаԥхо, аха хаҭала, ансамбль «Кавказ» рҟазара раԥхьаӡа акәны ишылбаз, гәахәаралагьы ишлыдылкылаз. «Даара зыҩаӡара ҳараку ҟазацәоуп. Абаҩхатәра бзиа злоу аҿар рықәгылара агәахәара ду снаҭеит. Исҳәо ажәа сҿамшәо аҟынӡа сыхнахит урҭ рықәгылара», – лҳәеит уи.
Аконцерт ахь инеиз, Ивановотәи аобласт иаҵанакуа ақалақь Кинешма аҟнытә зыԥсы зшьо Наталиа Смирнова лакәзар, иазгәалҭеит Аԥсны даара ишылгәаԥхо, бзиа ишылбаз, ашьха, амшын, аԥсабара. «Хаҭала аԥсуа милаҭтә кәашара сгәаԥхоит даара иахьылахҿыху азы, уагәыланахалоит, акәашашьа ззымдыруагьы игәы ишьамхы иҵԥраауа дҟанаҵоит»,– лҳәеит уи.
Санкт-Петербургнтәи аԥсшьацәа Ирина Самоиловаи Оксана Гарбочеваи ргәалаҟара рзыҵәахуамызт. Ргәырӷьара ҳәаак амамызт. Аконцерт ахыркәшамҭаз аҳәара ҟарҵеит милаҭтә маҭәала еилаҳәаз акәашацәа ҟазацәа қәыԥшцәа ирыдгыланы рпатреҭ ҭырхырц азы. Ҳәарада, асасцәа ргәаҳәара нагӡан.
Ажәакала, абас саси-ԥшәымеи акраамҭа ирхамышҭуа хҭысны имҩаԥысит Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы еицырдыруа, ҳмилаҭтә ҟазара ӡырызго ансамбль «Кавказ» ақәгылара.

Алиса Гәажә-ԥҳа