Print this page

Раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхҩы Ифонд

Ԥхынгәы 10, 2025 53

Раԥхьатәи аԥсуа профессионалтә сахьаҭыхҩы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе Ифонд аӡыргара мҩаԥысит Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа аҟны ииун анҵәамҭазы.

Уи аԥшьызгаз академик, Аԥсны Ахада иҟны иҟоу астратегиатә ҭҵаарақәа Рцентр аиҳабы Виачеслав Чрыгба ишазгәеиҭаз аиԥш, уи анапынҵа хада акәны иҟоуп Чачба-Шервашиӡе иусумҭақәа, иара иԥсҭазаареи ирҿиареи ирызку анҵамҭақәа рыԥшаара, раагара, иара убас аҵаралашаратә, аҭыжьратә усура, ацхыраарақәа рыҟаҵара. Ҳаԥхьаҟа иазгәаҭоуп уи иусумҭақәа рыҵәахреи рреставрациеи рзы асахьаҭыхҩы Иҩны-музеи аартра.

Чрыгба иажәақәа рыла, Афонд аԥҵара аидеиа цәырҵит Амилаҭтә сахьатә галереиа аҵәахырҭаҿы абылра аныҟала ашьҭахь. Ишдыру аиԥш, уи иалаблит автор иусумҭақәа 200 раҟара. Аҩны-музеи аартра дазхьаԥшхьан асахьаҭыхҩы иԥҳа Русудан. Ҳазну аамҭазы иусумҭақәа жәпакы ҵәахуп Санкт-Петербург Атеатртә библиотека, Москва, Бахрушин ихьӡ зху Атеатртә музеи, ахатәы коллекциақәа, убрахь налаҵаны асахьаҭыхҩы имаҭа Татиана, аҟазараҭҵааҩ Боча Аџьынџьал иԥшәма, иара убас Виачеслав Чрыгба ихаҭа уҳәа рархивқәа рҟны.

«Абарҭ аматериалқәа зегьы аҵәахразы аҭагылазаашьа ҷыдақәа рҭахуп. Аҩны-музеи азы ахыбра аԥшаара азҵаара ҳалацәажәахьеит акультура аминистр Даур Ақаҩба иҟны. Ҳгәыӷуеит, зегьы маншәалахоит ҳәа», – иҳәеит Ацентр аиҳабы.

Аԥсны жәлар рартист, акомпозитор Нодар Ҷанба игәаанагарала, уажәы ихадароу – абылра аганахьала аара зду рыԥшаара акәӡам, иӡыз, иблыз еилыргатәуп, иаанхаз шьақәыргылатәуп.

Ҷанба иациҵеит 1918 шықәсазынӡа Аԥсныҟа ишаауаз аҟазара аусзуҩцәа жәпаҩык, ҿырԥшыс иаагозар, акомпозитор Сергеи Прокофиев, аоператә шәаҳәаҩы Леонид Собинов, иара Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе ихаҭа. Иара иоуп Аҟәа асахьаҭыхратә школ еиҿызкааз, асахьаҭыхҩы-декораторк иаҳасабала аспектакльқәа ықәзыргылаз.

«Аха аамҭа уадаҩын, урҭ аҳәаанырцәҟа имцар амуит, Уаҟа дара зҿыз аусқәа рганахьала инарылукааша ҟазаҩцәа дуқәаны иҟалеит. Рыцҳарас иҟалаз,  ҳкультура ашҟа урҭ анырра ду рзыҟамҵеит дара уи шырҭахызгьы», – иҳәеит Ҷанба.

Акомпозитор игәаанагарала, иахьа иуԥыхьашәартә иҟоу зегьы маҷ-маҷ еизгалатәуп. «Ари ҳара ҳкультура ауасхыр ауп. Убарҭқәа рыда аҳәынҭқарра аҟазаара хшыҩҵакык амамкәа иҟалоит».

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла Ацәыргақәҵарҭатә зал хада аиҳабы Ельвира Арсалиа агәра ганы дыҟоуп, аҩны-музеи шыҟалауа Аԥсны атәылауаа рзы мацара акәымкәа, иаҳҭаауа асасцәа рзгьы аинтерес зҵоу культура-ҵаралашаратә хырхарҭаны. Уи лгәаанагарала, афонд аусура иалнаршоит Аԥсны акультураҿы Чачба-Шервашиӡе ихаҭареи илагаламҭеи инарҭбааны рцәыргара. Лара ражәақәа рыла, Алеқсандр Константин-иԥа имацара иакәымкәа, ирызхьаԥштәуп ари ажәла шьҭра ду ахаҭарнакцәа, ҿырԥшыс иаагозар, Мерии Гьаргьи Шервашиеӡаа.

Амилаҭтә сахьатә галереиа аусзуҩ, Аԥсны акультура зҽаԥсазтәыз аусзуҩ, Алеқсандр Чачба Шервашиӡе изку альбом автор Аза Аргәын Афонд аиҿкааҩцәа ирзеиӷьалшьеит ачҳара ду. Избанзар, асахьаҭыхҩы Иҩны-музеи аиҿкаара – иуадаҩу усуп. Лгәаанагарала, абраҟа ақәҿиара зхьыԥшу абарҭ азҵаарақәа рганахьала аҳәынҭқарра иааннакыло азнеишьа ауп.

Аԥсны Абанк Амузеи аиҳабы Асҭамыр Ҭаниа агәыӷра шимоу иҳәеит, Афонд иааиԥмырҟьаӡакәа аус аулап ҳәа.

«Асахьаҭыхҩы иблыз иусумҭақәа, рыцҳарас иҟалаз, шьҭа иаҳзырхынҳәӡом, аха инхаз иусумҭақәа Аԥсныҟа хымԥада рыргьежьра ауп ҳзызхәыцша», – иҳәеит иара.

Ҭаниа игәаанагарала, акырӡа аҵанакуеит ҳәа иԥхьаӡоит акультуратә, аҭҵаарадырратә усҳәарҭақәа рматериал-техникатә проблемақәа рҭыԥ рықәҵаразы аҳәынҭқарра азнеишьатә хырхарҭа аус адулара. Уи ахәшьара бзиа аиҭеит Дырмит Гәлиа Илитература-мемориалтә музеи иагу-иабзоу аҟаҵаразы ирыдыркылаз ақәҵара, иациҵеит Аԥсуаҭҵааратә институт ахыбра иара убас шьаҭанкыла арҽеира шаҭаху.

«Ари жәытә хыброуп, афымцамҩангагақәа ажәит, ара иҵәахуп аҭоурых азы аҵак ду змоу афонд дуқәа. Ҳара иаҳцәыӡхьеит аибашьраан Аԥсны Аҳәынҭқарратә архив хада хәызмаӡам аматериалқәа, 2024 шықәса ианвар азы акәзар, иблит Амилаҭтә галереиа аҵәахырҭа. Ҳтәыла маҷ азы арҭ даара цәыӡ дуқәоуп», – иазгәеиҭеит иара.

Ҭаниа игәаанагарала, ҳхаҿы иааҳгароуп Аԥсны ахаҿра – ари акоммерциатә проектқәа рымацара шракәым.

«Даара еиҷаҳарала иазнеитәуп акультуратә ҭынха, избанзар уи ала ауп аԥсы злаҭоу, излеибарку ҳҳәынҭқарра», – иҳәеит иара аҵыхәтәан.

Иара убас аӡыргараҿы иқәгылеит А.Чачба ихьӡ зху Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа аиҳабы, аскульптор Амиран Адлеиба, Аԥснытәи аҳәынҭуниверситет апрофессор, асахьаҭыхҩы Нугзар Логәуа. Урҭ инаҵшьны ирҳәеит, аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭазы Алеқсандр Чачба-Шервашиӡе дшыруаӡәкыз Петербургтәи аемператортә театрқәа еицырдыруа рсценогрофцәа, аус шрыциуаз А.Бенуа, А.Головин, В.Серов, Н.Рерих, аҳәаанырцәтәи аҟазацәа П.Пикассо, А.Дерен реиԥш иҟаз иналукааша аурыс сахьаҭыхҩцәа, иара ибаҩхатәра ахәшьара ҳаракы шарҭаз.