Ари адгьылаҵатǝи аџьашьахǝы иазĸны ԥхынгǝымза ԥшьба имҩаԥгаз ашықǝсхǝылԥазтǝи ацеремониатǝ усмҩаԥгатǝ абзоурала, аҳаԥы аартра иазĸу аҭоурых рҽагǝылархалартǝ еиԥш алшара роуит уи иалахǝыз зегьы.
Аҳаԥы аартра иадҳǝалоу аҭоурых узыршанхо агǝымшǝареи, ахачҳареи, ақǝҿиареи аныҧшуеит. 1961 шықǝсазы Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы аазыртыз асахьаҭыхҩы, асĸульптор Гиви Смыр иоуп. Иара 16 шықǝса анихыҵуаз раҧхьаӡа аĸǝны 30-40 метра инарзынаҧшуа иахьыҵаулаз албаара иҽазишǝеит.
Смыр иҟаиҵаз аихьӡарақǝа ртǝы аспелеологцǝа ианреиҳǝа ашьҭахь, аспелеологиатǝ еĸспедициа амҩаԥгара азы аӡбара рыдырĸылеит. Аĸтǝи адгьылҵаҟатǝи аеĸспедициа 18 сааҭ ицон. Уи аамҭазы аспелеологцǝа еилырĸаахьан иаарту аҳаԥы аԥсабара иаҧнаҵаз аҳра аĸǝны ишыҧхьаӡатǝыз . Ахԥатǝи аҭҵааратǝ еĸспедициа аан аҵарауаа 105 сааҭ инареиҳаны адгьыл аҵаҟа иҟан. Аусуразы илбаргааз аидара зегьы ахьанҭара 2,5 тонна иреиҳан.
Аҵарауаа адгьылҵаҟатǝи аҵауларақǝа рыҭҵаара мацара аĸǝымĸǝа, раԥхьатǝи аҭыхрақǝагьы мҩаԥыргеит. Раԥхьатǝи аеĸспедициақǝа ахьымҩаԥгаз адгьылҵаĸыра шмаҷызгьы,аҵарауаа иџьаршьон адгьылҵаҟатǝи азалқǝа рбеиареи рыԥшӡареи. Раԥхьа аҳаԥы Анаҟǝаԥиатǝи атыша ҳǝа ахьӡырҵарц рыӡбеит, нас Иверсĸаиа ҳǝа, аҵыхǝтǝан ауп Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы ҳǝа ахьӡ ахҵара анырыӡбаз. Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы азалқǝа рызбжаĸ ршǝага уаршанхоит, егьырҭ асталаĸтиттǝи асталагмиттǝи аформақǝа рыла урыдрыҧхьалоит, ашǝышықǝсақǝа ишрықǝлоу шьақǝдырӷǝӷǝоит. Аҳаԥы еиуеиҧшым агеологиатǝ еиҿĸаарақǝа рҟынтǝ аҵарауаа аднаԥхьалоит, иара убасгьы абиологцǝа зеиԥшыҟам аеĸосистемақǝа ҭырҵаауеит.
Иахьазы Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы жǝ-залĸ рыла ишьақǝгылоуп, урҭ зегьы рхатǝ хьӡқǝа рымоуп - «Анаҟǝаԥиа», «Нарҭаа», «Аҩхаа», «Аԥхьарца», «Аԥсны», «Амҳаџьырцǝа рзал», «Аспелеологцǝа рзал», «Агелеĸтиттǝ аҳаԥы» , иара убасгьы иҟоуп аҳаԥы аартҩы изĸу - «Гиви Смыр» зыхьӡу азал.
Иреиҳау залуп Амҳаџьырцǝа рзал, уи аура 260 метра иҟоуп, аҳараĸыра 50 метра аҟынӡа инеиуеит, зегь реиҳа иаҳараĸу залуп "Аспелеологцǝа рзал", аҳарĸыра 97 метра инаӡоит. Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы аартра ҩынҩажǝижǝаба шықǝса ахыҵра иазĸыз аиубилеитǝ ныҳǝа оумашǝа илашан. Аныҳǝа еиднаĸылеит зыԥсҭазаара аҧсабаратǝ ҭыҧ аҭҵаара иазызĸыз аҵарауааи, уи аԥшӡара згǝы аладууз аԥсшьаҩцǝеи.
Адгьылҵаҟатǝи аĸомплеĸс аҿгьы, ахыхьгьы аныҳǝатǝ ҭагылазаашьа ыҟан. Асасцǝа ргǝырҿыхагахеит еицырдыруа аԥсуа артистцǝа – амцабз зхылҵыз рыĸǝашарақǝа аҳаԥы аҵанӡа инеиуан ашоу-гǝыԥ “Аҟǝа”, адиџьеи “Шьыри”, иара убасгьы Тимур Паҷĸориа иӡырыргеит ральбом «Раида» аҟынтǝи ашǝақǝа. Урҭ агǝырӷьареи аĸǝашареи рҭагылазаашьа аԥырҵеит. Аныҳǝатǝ усмҩаԥгатǝ иалагӡаны аҳаԥы аҭоурых иазĸу афотоцǝыргақǝҵа еиҿĸаан. Ацǝыргақǝҵа аҭааҩцǝа ирылнаршеит Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы аҷыдарақǝа, аԥшӡарақǝа даҽазныĸгьы рыхǝ ашьара, ианаартыз аамҭа инарĸны иахьанӡа уи зхысыз аҽеиҭаĸрақǝа рбара. 50 шықǝса Афон Ҿыцтǝи аҳаԥы аҭҵаареи аҿиареи рҿы хҭыс дууп. Еиҿĸааз аныҳǝа – ари адгьылҵаҟатǝи аџьашьахǝы даҽазныĸгьы ахǝ ашьареи, иааиуа абиԥарақǝа рзы уи аиқǝырхара азхǝыцреи рзы илшара бзиоуп.
Афилологиатǝ фаĸультет
ажурналистиĸа аҟǝша 2 аĸурс астудентцǝа
Чхьабелиаԥҳа Милана
Гǝымԥҳа Алиона