Print this page

«Снахоит аԥҭақәа ркасы...»

Ԥхынгәы 04, 2025 52

Аҧсуа поет, апрозаик, аиҭагаҩ Анатоли Аџьынџьал диижьҭеи 95 шықәса ҵит. Анатоли Ҭархәына-иԥа Аџьынџьал диит 1930 ш. ииун 6 рзы Очамчыра араион Кәтол ақыҭан.

СССР-и (1959) Аҧсни рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәа дрылан.
Дрылгеит А.М. Горки ихьӡ зхыз Аҟәатәи аҳәынҭқарратә арҵаҩратә институти (1956), А. М. Горки ихьӡ зху Москватәи Алитературатә институт Иреиҳау алитературатә курсқәеи (1974).
Ажәеинраалақәа рыҩра далагеит данқәыԥшыз инаркны. Акьыҧхь аҟны дцәырҵит 1948 ш. нахыс. Аҧсышәала еиԥш, И. Вронски, М. Борисова, А. Дементиев, Д. Чачхалиа аурысшәахь еиҭаргаз иажәеинраалақәа ркьыҧхьуан ажурналқәа «Алашара», «Аҟәа-Сухум», «Абаза», агазеҭқәа «Аҧсны ҟаҧшь», «Советская Абхазия», алитературатә еизга «Ерцахә» уҳәа рҟны.
Иажәеинраалақәа рыхәҭак агәылалеит «Аҧсуа поезиа антологиа» (М., 1958, урысшәала), «Аҧсуа поезиа антологиа. ХХ ашә.» (Аҟәа-Москва, 2001, аиҭаҭыжьра – Аҟәа-Москва, 2009) уҳәа аизгақәа.
Жәаба инареиҳаны ажәеинраалақәеи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа дравторуп.
А. Аџьынџьал дырдыруеит еиҭагаҩык иаҳасабалагьы. Аҧсшәахь еиҭеигеит аурыс, аукраин, ауаҧс, ақырҭуа, ачерқьес, абаза, аногаи поетцәеи апрозаикцәеи Л. Толстои, В. Верховски, В. Орелкин, Т. Ч. Шевченко, Лесиа Украинка, К. Л. Хетагуров, , Г. Н. Леониӡе, М. Мирнели, А. Ханфенов, Џь. К. Лаҩыцә, П. К. Цеҟәа, М. Х. Чкәуту, И. А. Цеҟәа, М. С.-Г. Тлабыча уҳәа егьырҭгьы рырҿиамҭақәа.
Еиуеиԥшым ашықәсқәа раан Аҟәа аԥсышәала иҭыҵит ишәҟәқәа: Игәакьоу асахьақәа. Ажәеинраалақәа. 1957; Амҵәыжәҩақәа. Ажәеинраалақәа. 1959; Ажәабжь кьаҿқәа (1961); Амҩақәа. Ажәеинраалақәа. 1965; Ацәашьы иаҵәақәа. Ажәеинраалақәа. 1969; Ааҧнуп макьана. Ажәабжьқәа. Аповест. 1971; Ахаҳәқәа рышәшьыраҿ. Ажәеинраалақәа. 1972; Аҩадатәи аҧшақәа. Ажәеинраалақәа. 1974; Ари адунеи. Ажәеинраалақәа. 1976; Амшын шкәакәа. Ажәеинраалақәеи апоемеи. 1979; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. 1980; Ажәеинраалақәа. («Иалкаау аҧсуа лирика» асериала). 1984; Иалкаау. Ажәеинраалақәа. Апоемақәа. Ажәабжьқәа. Аповест. 2010; аурысшәахь еиҭаганы иҭыжьуп: Улья. Стихи. Сухум, 1967; Белая Земля. Стихи. М., 1975.
Анатоли Ҭархәына-иԥа Аџьынџьал иԥсҭазаара далҵит 1977 ш. ноиабр 12 рзы.

Анатоли АЏЬЫНЏЬАЛ

Аԥсны
Ашә аасыртуеит, абар суаҭах,
Аҧсуа шҭа збоит шьыжьӡа.
Аҳаскьын еинчылоуп еиҭах,
Ари ашҭаҿ, ааҧын ииаҵәаӡоуп.

Ирацәоуп избақәо адәқәа,
Ари ашҭа аҟынтәи сахьыҧшуа,
Ирацәоуп избо ахәқәа,
Идәықәлаз арҩаш ахьшуа.

Амхы еиужьқәа, ачарҭақәа,
Ачаи иаҵәара еивала иахьцо,
Ачаи хызхуа анапқәагьы
Аус ахьыруа имааҧсаӡо.

Избоит амҩақәа, аӡқәа,
Еикәаҕҕа игыло аҩынқәа,
Зегьы срыхәаҧшуеит слаҧшуа,
Аҧсны сыдгьыл иахьазҳауа,

Мҵәыжәҩада схалоит сҧырны,
Снахоит аҧҭақәа ркасы,
Шаҟа ихәыҷузеи, мшәан, Аҧсны
Шаҟагьы идуузеи са сзы?!.