Print this page

Ҩаԥхьа – аиааира

Ԥхынгәы 03, 2025 22

Акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа» рашәарамза 20 рзы Екатеринбург ақалақь аҿы имҩаԥысуаз Алахҿыхцәеи аиҿамсцәеи Рклуб (КВН) аушьҭымҭацәа реиԥылараҿы акоманда «Четыре татарина», иара убас Москватәи Авиациатә Институт еизгоу акоманда (МАИ) ираԥысны аиааира ргеит.

Аԥсныпресс акорреспондент даниҿцәажәоз аиԥылара шымҩаԥысыз атәы далацәажәеит «Нарҭаа» акоманда анапхгаҩы Ҭемыр Ҭаниа.
Уи иажәақәа рыла, ахәмарра азыхынҳәра гәыхыҭхыҭрақәакгьы ацын, аха иззыԥшыз зегьы анагӡара алыршахеит.
«Алахҿыхцәеи аиҿамсцәеи Рклуб алахәхара – ари асценахь баша ацәырҵра акәымкәа, есымша имҩаԥысуа еицлаброуп. Ҳара аҭаԥхықәра шҳадыз еилаҳкаауан ашықәсқәа рышьҭахь ишахәҭоу ала иҳараку аҩаӡараҿы ҳреспублика ахьӡала ақәгыларазы. Маҷк ҳгәы хыҭхыҭуан, аха асцена ҳанаақәла, ҳамчи-ҳахшыҩи еилаҵаны алҵшәа бзиагьы ааҳарԥшит», –гәахәарыла иазгәеиҭеит иара.
Ҭемыр Ҭаниа иара убас алафқәа рыхәҭак Аԥсны ишхәыцыз, анаҩс урҭ Екатеринбург ақалақь аҿы апрофессионалтә авторцәа рыла инацҵаны аус шадулаз азгәеиҭеит.
«Акыр ҵуеит ҳмыхәмарижьҭеи. Аамҭа ԥхьаҟа ицоит, аҽаԥсахуеит, Алахҿыхцәеи аиҿамсцәеи Рклуб убасҵәҟьа аҽеиҭанакит, убри аҟнытә ҳара ҳменталитетгьы ҳахәмаршьагьы здыруа авторцәа ҳганахьала ахшыҩзышьҭра аадырԥшит. Алафқәа рацәаны аҭыԥ аҿы ииуан. Номерқәак аредакциатә усураан ирҿыцын, еиҭакрақәак алагалан. Ари имариам процессуп, ҳара ҳақәгылара еиҳа еиӷьны ҳҽазыҟаҳҵарц азы мчыбжьык иалагӡаны иааиԥмырҟьаӡакәа аредакторцәа ҳарԥылон», – игәалаиршәеит Ҭемыр Ҭаниа. Ахәмарра ателеверсиа Актәи аканал аҿы иддырбараны иҟоуп.