Аҭоурых ду змоу Дәырԥшь ақыҭа аҵеицәа Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа ианалага нахыс Аиааира амш азынӡа афырхаҵара аадырԥшуан. Амца ахьеилашуаз ахырӷәӷәарҭақәа рҟны иуԥылон. 80 шықәса аибашьра еилгеижьҭеи ишҵуагьы, иахьа 1941-1945-тәи ашықәсқәа ирылаӡыз рнапҩымҭақәа, рцәамаҭәа, рабџьар рҭаацәарақәа рыԥсы иаҵаҵаны, иҵәахны иахьыҟоу ыҟоуп.
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа иалахәыз, изныкымкәан ахәрақәа зауны, ихынҳәыз, Аԥсны еицырдыруаз Тәанба Виктор Қьаамын-иԥа диит 1920 шықәсазы Дәырԥшь ақыҭан. 1937 шықәсазы ақыҭаҿы аклуб еиҳабыс дарҭеит.
1941 шықәсазы аусҳәарҭаҿы иқәлацәа аизара ишаҿыз иаҳаит. 21 шықәса зхыҵуаз Виктор агәеилгареи ааӡара бзиеи иман. Уи иеиҳабцәа игәарҭахьан, ирбахьан. Аԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла еибашьра дцеит, иҩызцәа рыгәҭа дгыланы деибашьуан. 1941 шықәсазы 383-тәи ахысратә дивизиаҿы аԥшыхәра аҟәша командирс дарҭеит. Шықәсык ашьҭахь афицарцәа ркурс дахысит. Уи ашьҭахь Виктор Қьаамын-иԥа дзеиҳабыз 85-тәи аԥшыхәратә-аҟәыҵәатә взвод Тамантәи Севастопольтәи 32-тәи ахысратә дивизиахь диаргеит.
Тәанба Виктор дызхагылаз аԥшыхәцәа ирылшоз, еилыркаауаз рацәан. Аибашьра анцоз изныкымкәа иааишьҭуаз асалам шәҟәқәа рҿы иҩуан: «…Аԥшыхәцәа агәымшәара ӷәӷәа аарԥшны ԥхьаҟа ҳаруаа ҳраԥхьагыланы ҳнеиуеит… Хәызмаӡам аинформациа еидаҳкылауа аибашьцәа ирыхәоит…»
Тәанба Виктор аԥшыхәратә полк аҟәыҵәа акомандир аибашьцәа дрылагыланы иҭаирцәыз иреиуоуп: Керч Адгьыл маҷ, иара убас Новороссиск, Крым, Дон, Прибалтика, Кенигсберг, аибашьра аҵыхәа ԥҵәеит Мрагыларатәи Пруссиа. Аибашьра адәаҿы даннеи инаркны еилгаанӡа уи аԥшыхәратә команда аҟәыҵәа командирс даман. Виктор Қьаамын-иԥа дназлаз Аиааира 40 шықәса анахыҵуаз ақалақь Гәдоуҭа аибашьра аветеранцәа еизганы рԥылара мҩаԥысуан. Убраҟа иқәгылара аан аибашьра иадҳәалаз иҭоурых еиҭаҳәо, иажәа абас ихиркәшеит:
– Адҵа ҳауит, аӷацәа рыҩнуҟа аинформациа иҿыхразы ачын змаз аӡәы дҳәынҷаны даагар акәын. Хымш аамҭа ҳаман. Иҟаҳҵаз аԥшыхәрақәа рышьҭахь аӷацәа рҭабиаҿы анеира сылшеит. Сзыхьчоз аԥшыхәцәа рылаԥш схын. Анемец блиндаж аҿы дысҳәынҷеит. Сҩызцәа ргәыԥ рыцхыраарала иахьахәҭаз аҭыԥахь даҳгеит.
Имариаз ажәылара ыҟаӡамызт. Изныкымкәан ахәрақәа соухьан, аха сҩызцәа аибашьцәа срылҵны Аԥсныҟа сзымааит. Аибашьра анеилга 1946 шықәсазы сқыҭа гәакьахь Дәырԥшьҟа схынҳәит. Сқыҭауаа срылагылеит. Аибашьра адәаҿы 1943 шықәсазы сара акоммунисттә партиа саларҵеит».
Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа анеилга ихынҳәыз, Аԥсны еицырдыруаз Тәанба Виктор Қьаамын-иԥа аибашьраҿы иааирԥшыз агәымшәаразы ианашьан аҳамҭақәа: Абираҟ ҟаԥшь аорден, Багдан Хмельницки иорден III-тәи аҩаӡара, Аџьынџьтәылатә еибашьра I-тәи аҩаӡара аорденқәа ҩба, Аеҵәа Ҟаԥшь аорден, амедалқәа ааба.
Тәанба Виктор ианашьаз аҳамҭақәа рҟынтә дазааҭгылеит Багдан Хмельницки иорден III-тәи аҩаӡара:
– Ари ҟалеит 1944 шықәса лаҵарамзазы. Аибашьцәа ҳгәалаҟазаара бзиан, аӷа шьҭахьҟа дхьаҵуан. Маҷк акәын иҳагыз. Крым ахы иақәиҭхон. Ус ишыҟаз, сареи сҩызцәеи аиҳабыра ҳаԥхьеит. Урҭ адҵа ҳарҭеит – Панорама ҳәа изышьҭаз аҭыԥ гатәын, абираҟ ахаргылатәын. Аршьаҟауааи ихьамҭоу атехникеи ацхыраара ҳарҭон. Ари адҵа нагӡатәуп ҳәа иақәырӷәӷәаны иҳарҳәеит… Ҳара иҳаздыруамызт Панорама аҟны анемеццәа шаҟаҩы ыҟаз, бџьарс ирымаз. Ҳахьцоз аҭыԥ адгьыл иашаран, ухы злоухьчаша чықьқәакгьы ыҟамызт».
Инапаҵаҟа иҟаз аԥшыхәцәа иҳәазо рҿынархеит. Аҭабиақәа ирҭатәаз анемеццәеи дареи напышьашәала еисуан, иршьуан. Ус артҟәацга ӷәӷәала абжьы геит. Панорама абжак еилаҳаит, амца акит.
«Сыԥшыхәҩцәеи аӷацәеи аиҿахысра ӷәӷәа иалагеит. Уи аамҭа схы иархәаны, еиқәхаз Панорама аҭӡамцк схалеит, абираҟ ахасыргылеит. Ари иаанагоз ԥхьаҟа ажәыларазы амҩа ыҟоуп ҳәа акәын. Ҳадҵа наҳагӡеит. Ари ажәылараҿы аӡәызаҵәыкгьы дҳацәҭамхеит. Хымш рышьҭахь ҳавзвод 16.000-ҩык анемеццәа рытҟәара иалахәын.
Абри ажәыларазы Багдан Хмельницки иорден санашьан. Зегьы реиҳа бзиа избоит, избанзар аԥсҭбара ҟамлаӡеит, ихәыз рацәаҩын, аха зегьы рыԥсқәа еиқәхеит, – иҳәеит В.Тәанба.
Ирацәоуп уи игәышԥы зырԥшӡоз, аҭоурых ахь ухьазырԥшуа, иугәалазыршәо аорденқәеи амедалқәеи. Аибашьрахьтә 1946 ш. дхынҳәит. Иқыҭа гәакьа Дәырԥшь еиуеиԥшымыз аҭыԥқәа рҿы аус иуан: колнхаҩыс, бригадирс, ақыҭа ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩс, афинанстә усзуҩыс, 1968 ш. инаркны 1974 шықәсанӡа Дәырԥшьтәи Ақыҭсовет ахантәаҩыс даман.
1972 шықәсазы Аџьа Абираҟ Ҟаԥшь аорден ианашьан, иара иусура ҿырԥшыгазы аколнхара «Дәырԥшь» ақыҭақәа зегьы рзы иҿырԥшыганы аҟаҵара, аӡыргара ахьилшаз азы. Аԥснытәи АССР Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум Аҳаҭыртә дыргақәа ианашьан.
Тәанба Виктор Қьаамын-иԥа ааԥсарак инимырԥшӡо иқыҭауаа драԥхьагылан. Уи игәаҳәареи иусқәеи иқыҭауаа ирыдигалоз хьаҳәа-ԥаҳәада иадгылон. Ажәлар ирылҵыз Тәанба Виктор урҭ ргәыҵхеи ргәаҳәарақәеи еснагь иахаҵгылоз, ԥхьаҟа изгоз ԥыза дун. Хәҩык ахшара ихылҵит. Аҩны ашҭа ду аҟны иԥа Далаҭбеи ихшареи нхоит. Иаб иусқәа ирыциҵоит. Забду иҭоурыхқәеи ипатреҭқәеи лассы-лассы ирыхәаԥшуа имоҭацәа рабду инысымҩа бзиаӡаны ирдыруеит.
Тәанба Виктор Қаамын-иԥа 1974 шықәсазы Дәырԥшьтәи ақыҭатә совет ахьӡала XXV-тәи аизара ду ахь делегатс далхын. Усҟан аԥсуа қыҭа Дәырԥшь аизҳарақәа аиуит, ачаи ихырхуаз ахашәалахә рнаҭон.
1988 ш. Виктор Қьаамын-иԥа иҟаиҵаз аҳәарала иусура аҟынтә ихы дақәиҭыртәит. 1992 ш. нанҳәамза жәиԥшь рзы Аԥсны ақырҭцәа анақәла, аԥхьатәи амшазы аԥсуа телехәаԥшрала ицәажәаз аиҳабацәа рыгәҭа дгылан. Уи иқәгылараҿы, абас иҳәеит: «Ҳашьцәа, ҳаҳәшьцәа, ҳаҷкәынцәа. Сықәлацәеи сареи уажәы шәара шәызҭагылоу аҭагылазаашьаҵәҟьа ҳҭагылан. Новороссисктәи 44-тәи ахырхарҭаҿы хәҩык асолдаҭцәа бџьарк акәын иҳамаз. Аӷацәа абџьар рыцәгатәуп, дара рыбџьарқәа рыла ишәшьла. Ҳаргьы – абџьар змамыз алаба хпыҿқәеи ахаҳәқәеи рыла ҳжәылон. Абџьар аӷацәа ирымышәхыроуп ҳәа ҳарҳәон. Абас 1941-1945-тәи ашықәсқәа раан, раԥхьатәи амзақәа даара иуадаҩын. Уахынлатәи аԥшыхәрақәа иҟаҳҵоз алҵшәа бзиа ҳнаҭеит. Ҳаԥсадгьыл аиқәырхаразы шәаргьы ишәылшо зегьы ҟашәҵароуп. Иираны иҟоу ахәыҷқәа ԥсадгьылда иаанымхаразы, аиҳабцәагьы ҳшәыццоит. Аԥсуаа ԥсадгьылда иаанымхароуп! Аԥсны аиқәырхаразы иҭахаз ихы-игәы иалхны иҵәуон. Урҭ рыхьӡқәа ахаан ишмыӡуа ажәлар ирылаиҳәон. Тәанаа аижәлантәқәа дацла-ԥашәла еимадаз 11-ҩык аибашьраҿы иҭахеит. Урҭ рахьтә ԥшьҩык Тәанаа Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьӡ ҳаракы иаԥсахеит: Иура Тәанба, Завер Тәанба, Гәрам Тәанба, Рудик Тәанба.
Виктор Тәанба иарбан аамҭазаалакгьы иажәа иазыӡырҩуан, ихыԥша дун. Гәдоуҭа араион аҟны имҩаԥысуазаалак ашҟа даарыԥхьон, ақыҭа аибашьра ашьҭахьтәи аԥсҭазаара шыуадаҩызгьы иажәеи иуси еимадан, дыԥхьагылаҩын. Ақыҭа Дәырԥшь ахаҿы аԥсахразы илшаз маҷӡам. Акультуратә Хан, ахәышәтәырҭа, администрациа ахыбра, ахәыҷбаҳча, ачаӡырҭа, Ахәаахәҭратә ҩны, абжьаратә школқәа ҩба ргылан.