Абри атәы иҳәеит Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин, Урыстәылатәи арегионқәа рҟны аҿар рцентрқәа видеоеимадарала ианааиртуаз.
Аԥснынтәи арт-кластер «Таврида» арезидент Маргарита Гьерзмаа данлацәажәоз, Владимир Путин иазгәеиҭеит Аԥснытәи аҿари Урыстәылантәи дара рықәлацәеи русеицура анырра бзиа шамоу.
Гьерзмаа илҳәеит «Таврида» аҟны арт-школ «Аԥсны амҩақәа» шхыркәшоу, уи рхы шаладырхәыз Аԥсны атуристтә усхк аганахьала аексперт қәыԥшцәа. Иазгәалҭеит Херсонтәи аобласт аҟны аҳабла «Счастливцево» аартра Урыстәылеи Аԥсни русеицура арҭбааразы шьаҿа ҿыцны ишыҟалауа.
Путин иргәалаиршәеит Аԥсны ауааԥсыра реиҳараҩӡак Урыстәылатәи Афедерациа ишатәылауаау, хьыӡҳәала убри аҟнытә Аԥсны аизыҟазаашьақәа рырҿиара даараӡа акырӡа зҵазкуа хырхарҭаны ишыҟоу.
«Даара ибзиахон, Аԥсны анапхгареи ҳареи ҳаицәажәар аҿар реимадарақәа рырҭбааразы, – иаҵишьит Ахада. – Аҭагылазаашьақәа аԥҵалатәуп абарҭ аимадарақәа аԥсы рхаҵаразы».