рзы асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны, аусбаҭақәа русура арманшәаларазы анапхгарабжьаратә планқәа рышьақәырӷәӷәара азҵаарақәа рыла аилатәара мҩаԥигеит, – адырра ҟанаҵоит Аԥсны аминистрцәа Реилазаара апресс-маҵзура.
Аилатәара рхы аладырхәит Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аекономика аминистр Ҭеимураз Амқәаб, афинансқәа рминистр Саид Гәыбаз, аҵара аминистр Хана Гәынба, агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба, Шьаҭанкыла аргылара Аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.
Аԥыза-министр аминистррақәеи аусҳәарҭақәеи рнапхгаҩцәа ԥхынгәымза 15-нӡа Аԥсны 2026–2030 шш. рзы асоциал-економикатә ҿиаразы Аҳәынҭқарратә программа аҽазыҟаҵара аҳәаақәа ирҭагӡаны аусбарҭақәа русура арманшәалареи аиӷьтәреи рзы анапхгарабжьаратә планқәа рпроектқәа еиқәыршәаны анаҩс рышьақәырӷәӷәаразы адҵа риҭеит. Анапхгарабжьаратә планқәа цәыббрамза 1, 2025 шықәсанӡа ишьақәырӷәӷәазароуп.