Дҭахеит ииун 21, ахәылԥаз Ростови Ставрополи ирыбжьгоу амҩаду аҟны иҟалаз амашәыр иахҟьаны.
ГАИ арегионтә усбарҭа апресс-маҵзура излаанацҳауала, амаршруттә такси аныҟәцаҩ амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа ахьеилеигаз аҟнытә х-ҩык ааха роуит, убрахь дналаҵаны Николаи Ҭраԥшьгьы. Урҭ ироуз ахәрақәа ирхыԥсааит.
«Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив аиҳабы Николаи Алықьса-иԥа Урыстәыла Алада адокументқәа рыҵәахырҭа ду акәны иҟоу аҳәынҭқарратә архив аусура аиӷьтәразы активла аус иуан, уи ҟаиҵеит аҭҵаарадырратә, акультура – ҵаралашаратә центрны», – иазгәаҭоуп аусҳәарҭа аофициалтә саит аҟны.
Николаи Ҭраԥшь наӡаӡа ҳәа иарҳәоит ииун 24 , 11:00 азы Аҩадатәи аԥсыжырҭа аҟны Ростовтәи акрематориа аҵас-қьабзтә зал аҟны. Убри ашьҭахь иԥсыбаҩ Аԥсныҟа иааргоит, адырра ҟанаҵоит «Росисскаиа газета».
Николаи Алықьса-иԥа Ҭраԥшь диит 1976 ш. октиабр 4 азы Дон ихықәгылоу Ростов ақалақь аҟны. 1993 ш. азы абжьаратә школ №43 даналга ашьҭахь, дҭалеит Ростовтәи аҳәынҭқарратә университет аҭоурыхтә факультет. Ибзиаӡаны далгеит 1998 ш. азы. Убри ашықәс инаркны 2001 шықәсазынӡа аспирантураҿы аҵара иҵон, Ростовтәи аҳәынҭуниверситет аџьынџьтәылатә ҭоурыхи ацхыраагӡатә ҭоурыхтә маҭәарқәеи иаҳа хықәкыс ишьҭыхны. Н.А.Ҭраԥшь акандидаттә диссертациа қәҿиарала ихьчеит Ростовтәи аҳәынҭуниверситет аҟны аҭоурыхтә ҭҵаарадыррақәа ирызку адиссертациатә хеилак аҟны «А.С.Лаппо-Данилевски иҭҵаарадырратә дунеихәаԥшышьақәа револиуциеи XVII- XVIII ашәышықәсақәа рџьынџьтәылатә ҭоурых хра злоу апроблемақәеи» ртемала.
Николаи Алықьса-иԥа акыр шықәса аус иуан Ростовтәи аҳәынҭуниверситет ахыҵхырҭаҭҵаареи, аҭоурыхҩыреи, аҭоурых аметодологиеи ркафедра аҟны. Абаҩхатәра змаз аҵарауаҩ қәыԥш Ростовтәи аҳәынҭуниверситет апрофессор А.П.Пронштеин иҭҵаарадырратә школ ахԥатәи абиԥара иаԥсаҵәҟьоу рхаҭарнак иакәхеит. Иҭиҵаауан аҭоурых атеориеи аметодологиеи рпроблемақәа, аҭоурыхтә маҭәар ҷыдақәа, азеижәтәи ашәышықәса аҩбатәи азбжеи аҩажәатәи ашәышықәса алагамҭеи рџьынџьтәылатә ҭоурыхҩыра. Анаҩсан Н.А.Ҭраԥшь иҭҵаарадырратә интересқәа ирыҵаркит иҿыцу, иҿыцӡоу аамҭазы Кавказ аҭоурых апроблемақәа. Аҵарауаҩ иҭҵаамҭақәа рҟны хшыҩзышьҭра ду азыҟаҵан ҳаамҭазы Кавказтәи арегион аҟны аполитикатә процессқәа рыҭҵаара.
Н.А.Ҭраԥшь дравторуп хыԥхьаӡара рацәала аҭҵаардырратә статиақәа, амонографиақәа, аексперттә ажәахәқәа, арҵагатә цхыраагӡақәа. Урҭ ахәшьара ҳаракы роухьеит аҭҵаарадырратә еилазаараҿы. Николаи Алықьса-иԥа иаԥшьигахьан «адокументмҩаԥгареи архивҭҵаареи» ҳәа ахырхарҭа ҿыц. Ҳазну аамҭазы Аладатәи афедералтә университет аҭоурыхи жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәеи ринститут аҟны абаҩхатәра злоу архивистцәеи адокументмҩаԥгаҩцәеи разыҟаҵара иаҿуп. Уи дравторуп ахыҵхырҭаҭҵаареи, аҭоурыхҩыреи, ацхыраагӡатә ҭоурых амаҭәарқәеи рзы арҵагатә курсқәа жәпакы. Николаи Алықьса-иԥа ҳаҭыр ду иқәырҵон астудентцәа, дара рзы дҿырԥшыган.
2002 инаркны 2007 шықәсазынӡа асоциалтә зҵаарақәа рзы Ростовтәи аҳәынҭуниверситет аҭоурыхтә факультет адекан ихаҭыԥуаҩыс, ахыҵхырҭаҭҵаареи, аҭоурыхҩыреи, аҭоурых аметодологиеи ркафедра аиҳабы ихаҭыԥуаҩыс аус иуан, анаҩс Аладатәи афедералтә университет аҭоурыхтә факультет адеканс далхын.
2015 ш. инаркны Николаи Алықьса-иԥа Ростовтәи аобласт Аҳәынҭқарратә архив хадара азиуан. Адокументмҩаԥгареи архивеиҿкаареи рганахьала идырра ҵаулақәа ирыбзоураны акырӡа еиӷьитәит Алада Урыстәыла адокументҵәахырҭа ду аусура.
Николаи Алықьса-иԥа аҭоурыхтә гәалашәара аиқәырхареи иҳаҩсхьоу аамҭақәа ирызку адыррақәа раларҵәареи ирызкыз ауаажәларратә усура ду мҩаԥигон. «Уи ҿҳәара амҭакәа» ҳәа афедералтә проект аеспертс дыҟан, Урыстәылатәи агәыԥ «Адырра» Ростовтәи арегионтә ҟәша ауаажәларратә хеилак далан, алекторс дыҟан, Ростовтәи аобласт аҟны Урыстәылатәи аҭоурыхтә еилазаара арегионтә ҟәша ахеилак далан.