Абри атәы далацәажәеит Урыстәыла аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вольвач Аҟәа ақалақь аҿы имҩаԥысыз Аԥсны асоциал-економикатә ҿиара азҵаарақәа ирызкыз аусуратә еилатәараҿы.
Иара иҳәеит азҵаарақәа жпакы рыла аусуратә еилацәажәара шымҩаԥысхьоу.
Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иԥылараҿы Дмитри Вольвач араҟа иҟазаара амшқәа ирылагӡаны иазԥхьагәаҭоу аусқәа дрыхцәажәеит.
«Аҳәынҭқарра Ахада иҳамоу аплан дадгылоит. Иаргьы еиликаауеит мҩақәҵагатә хсаалақәа ирымоу аҵакы. Уи – аенергетика, атуризм, асоциалтә усхк, еиҵамҵуа амазара аҳәынҭқарратә напхгараҭара ацифратәра, ашәахтәқәҵара, амедицина, аҵарадырра ауп. Ари акыр зҵазкуа, насгьы анапхгараҭара аганахьала имариам, аинвестициақәа ралагалара зҭаху, иара убас ауаҩытәыҩсатә капитали анапхгараҭараҿы иҿыцу азнеишьақәеи зҭаху аусхкқәа роуп», – иҳәеит Дмитри Вольвач.
Ареспублика аҿиара аганахьала акыр зҵазкуа ахыдҵақәа ықәгылоуп ҳәа инаҵшьны иазгәеиҭеит.
«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҳауз аихьӡарақәа рыцҵаразы аинституциатә реформақәа еиҳа аԥыжәара раҳҭалоит, Урыстәылатәи Афедерациа аганахьала адагьы ареспублика изызҳауа афинанстә, абиуџьеттә лшарақәа радыԥхьалара ҳҽазаҳшәалоит. Иазгәаҭатәуп ҳәа исыԥхьаӡоит даҽакгьы. Аинвестициатә программеи альготатә кредитқәа рыҭареи аҳәаақәа ирҭагӡаны шәареи ҳареи иааҳартуаз аобиектқәа иахьа шьҭа аекономика аизҳара иацхраауа обиектқәаны ишьақәгыло иалагеит. Уи алогистика, ааглыхра, ақыҭанхамҩа, афатә аалыҵ аҭыжьра уҳәа аусхкқәа рҿы ауп», – иҳәеит Дмитри Вольвач.
Иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит иахьа инаркны Аԥсны аекономика Аминистрраҿы имаҷуи ибжьаратәуи аусдкыларазы льготала акредитқәа рыҭаразы азыҳәамҭақәа рыдкылара ишалаго.
«Ҳара ареспублика аекономика Аминистрра аҟынтәи ҳколлегацәа ҳацырхырааны абизнес иадаҳгалеит аинтерес зҵоу, даараӡа ифеидоу адгылара альготатә механизм.
Ари аҩыза адгыларала абизнес аҿиара бзиа аиуоит, аусдкылараҿы зхы ԥызшәарц зҭаху рзы хра злоу усхоит», – иҳәеит Дмитри Вольвач. Иара ҷыдала иазгәеиҭеит, ари иуникалу лшароуп, избан акәзар иҟоу аҭагылазаашьаҿы иалшоит зхарџьԥсатә хәыԥса ҩ-миллин мааҭ рҟынӡа инаӡо апроект аҟынтәи 1,8 млн. мааҭ ареспублика абиуџьети Урыстәылатәи Афедерациа абиуџьеттә дгылареи рҟынтәи грант ҳасабла аиура.
«Хыдҵаны иқәгылоуп – сынтәа урҭ афинанстә дгылара роурц азы акритериақәа зегьы рыла иақәшәо апроектқәа ралкаара», – иҳәеит Дмитри Вольвач.
Уи иара убасҵәҟьа иазгәеиҭеит амҩақәҵагатә хсаалақәа рҿы иҷыдоу ахшыҩзышьҭра шаҭахо аенергетика.
«Иҳаҩсыз ашықәсқәа рзы иҟаҵоу шырацәоугьы, аенергетикатә сектор ареформа еиҳа иуадаҩу зҵаараны иаанхоит. Еиҳа хшыҩзышьҭра аҳҭоит ахархәара априборқәа рықәыргылара, афымцамч аҭиреи ашәатәқәа реизгареи реиӷьтәразы економикала ишьаҭарку аҭагылазаашьақәа раԥҵара», – иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа аекономикатә ҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ.
Уи Иара убас, Аԥсны аамҭа-аамҭала алашара арцәара апрактика иацәхьаҵлароуп, аиҳарак социалла ихьчам агәыԥқәеи асоциалтә обиектқәеи рзы афымцамч азымхара иацу ахҟьаԥҟьақәа излауала ирмаҷтәуп, уи иахьа хыдҵа хаданы иқәгылоуп ҳәа иазгәеиҭеит.
Дмитри Вольвач Аҳәынҭқарра Ахада иԥылараҿы атема ҿыц – афымцамч ахыҵхырҭақәа рырҿиара иазааҭгылеит ҳәа адырра ҟаиҵеит. Иарбоу ахыҵхырҭақәа традициала ишьақәгылахьоу агенерациа рыԥсахыр шалымшогьы, уеизгьы урҭ иназыцҵоу ресурсны иҟалар алшоит, афымцамч ахархәара азеиԥш амҽхак аҟынтәи 20-30% хадырҭәаар алшалоит.
Дмитри Вольвач аԥышәатә проектқәа рыла алагара азы ажәалагала ҟаиҵеит.
Урыстәыла иахьа амратә панельқәа рыҟаҵаразы ҳаамҭа иақәшәо атехнологиақәа рыҟазаара ҳасаб азуны, иарбоу ахырхарҭа аҿиаразы аинвесторцәеи апартниорцәеи шыҟоу азы агәрагара ааирԥшит. Аҳәынҭқарра Ахадеи Дмитри Вольвачи реиԥылараҿы шықәсқәак рышьҭахь зынаӡара ахәҭоу аҩаӡара – шықәсык ала хә-миллионҩык атуристцәа раара алыршара иалацәажәеит.
«Уи анагӡара ауеит, избан акәзар, Урыстәылатәи атуристцәа реиԥш, адунеи зегьы аҟынтәи атуристцәагьы Аԥсны рхазы аартра иалагахьеит. Убри инамҩатәны атуристцәа ахьаанкыло аҭыԥ ҿыцқәагьы аԥаҳҵо ҳалагар, сгәы иаанагоит иарбоу ахыдҵа ӡбахоит», – иҳәеит Дмитри Вольвач. Уи убри аан Аԥсны еиԥш, Урыстәылагьы иҟоу аинвесторцәа аԥарақәа ралагалара иазхиоуп, аха уи азы иахәҭоу аҭагылазаашьақәа аԥҵатәуп ҳәа иазгәеиҭеит.