Аԥсны раԥхьаӡа акәны абас еиԥш зымҽхак ҭбаау ахҭыс иалахәын. Уахь инеит Кәба, Венесуела, Малаизиа, Оман уҳәа егьырҭ атәылақәагьы.
Афорум аҟны ирылацәажәеит атуризм арҿиара азҵаарақәа, иара убас уи егьырҭ аусхкқәа рахь иҟанаҵо анырра. Афорум иалахәыз ирыдныҳәалеит Урыстәыла Апрезидент Владимир Путин, Аԥыза-министр Михаил Мишустин.
Афорум инақәыршәаны имҩаԥысит ҳреспубликаҿы атуризм арҿиара иазкыз аиԥыларақәа жәпакы. Аиԥылараҿы ирылацәажәеит Ҟрыми Аԥсни рыбжьара атуризм ҳаԥхьаҟагьы арҿиара. Аганқәа ргәы иҭоуп атуристтә усхк аганахьала ҩганктәи аимадарақәа рыцҵара.
Жәларбжьаратәи Афорум «Путешествуй» аҟны Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭӡы иаҭааит ацифратә економикеи аинновациақәеи рызҵаарақәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра Рхантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Дмитри Чернешенко, Урыстәылатәи Афедерациа аекономика арҿиара аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Вахруков. Аганқәа атуристтә сектор арҿиара иадҳәалоу азҵаарақәа ирылацәажәеит. Ахәҭакахьала иазааҭгылеит асасааирҭатә бизнес, иҟоу аинфраструктура аиӷьтәреи иҿыцу аԥҵареи, активла аԥсшьаразы аобиектқәа рыргылара, аквапаркқәа, аглемпингқәа уҳәа егьырҭ аобиектқәа раартра
Ҷыдала ахшыҩхышьҭра аҭан ашьхатәи ақыҭанхамҩатәи атуризм арҿиара азҵаарақәа.
Аиԥылараҿы иара убас иалацәажәеит Донецктәи Жәлар Республика аҟынтәи Аԥсныҟа атуристтә дәыӷба адәықәҵара азҵаарагьы. Уи аҵыхәтәантәи аанҿасырҭа Аҟәа, аихамҩатә станциа «Кьалашәыр» иҟалоит.