Урыстәылатәи аган аҟынтәи аиԥылара иалахәын Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) адиректор хада Сергеи Шогуров, адиректор Хада ихаҭыԥуаҩ Елена Жук, Алеқсандр Тарасов, афинанстә директор Алеқсеи Русиаев, Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәа аус рыцуреи адәныҟатәи аимадарақәеи рзы Аусбарҭа аиҳабы Ирина Иаремко; аԥсуа ган аҟынтәи – Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Бырцыц, Урыстәылатәи Афедерациаҿы иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Орҳан Шамба, Москватәи Акультура-усуратә центр анагӡаратә директор Олег Лакоба атехникатә хылаԥшра агәыԥ анапхгаҩы Сергеи Баженов.
Аганқәа ирылацәажәеит ареставрациатә усурақәа рхыркәшара иадҳәалоу атехникатә, азинтә зҵаарақәа, иара убас ирзааҭгылеит ахархәаратә ҭакԥхықәра аԥсуа ган ахь аиагара азы аԥхьанатә инагӡатәу аусмҩаԥгатәқәа. Аиԥылара иалахәыз зыҩаӡара ҳараку аусеицура, иара убас Москва анапхгара рганахьала адгылара иалацәажәеит.
Аԥсны адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц Москва анапхгареи хаҭала Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵа (ВДНХ) адиректор хадеи рганахьала иҟоу хра злоу аусеицуреи адгылареи рзы иҭабуп ҳәа иҳәеит. Уи атәыла ихадоу аконгресс-цәыргақәҵатә ҭыԥкны иҟоу Жәлар Рынхамҩа Аихьӡарақәа Рцәыргақәҵеи (ВДНХ) Аԥсни шықәсырацәа ирылагӡаны ирыбжьоу аусеицура хра злоу аԥеиԥш шаиуазы агәра ганы дшыҟоу азгәеиҭеит.
Ахәҭакахьала, Сергеи Шогуров Аԥсны Москватәи акультура-усуратә центр инанагӡо аусмҩаԥгатәқәа рыҩаӡара шыҳараку азгәаҭо, Урыстәылатәи Афедерациа арегионқәеи Ихьыԥшым Аҳәынҭқаррақәа Реимабзиара атәылақәеи реиԥшҵәҟьа амилаҭтә павилион «Аԥсны» аҟазаара иаҵоу аҵакы ахадара инаҵшьны иазгәеиҭеит.