Print this page

Акурорттә аамҭазы

Рашәара 12, 2025 29

Аԥсны агәабзиарахьчара аминистр Едуард Быҭәба Шәача имҩаԥысуа Жәларбжьаратәи аконференциа «Абиологиатә шәарҭадара шәарҭара дуқәа.

Апроблемақәеи аӡбарақәеи» аҿы Урыстәыла ахархәаҩцәа рзинқәа рыхьчареи ауаҩы иеизҳазыӷьареи ахылаԥшразы Афедералтә маҵзура анапхгаҩы,  аҳәынҭқарратә асанитартә ҳақьым хада Анна Попова дылԥылеит.

 Аганқәа акурорттә аамҭазы Аԥсны аепидемиологиатә шәарҭадара азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит, иара убас  2025 шықәсазы аусеицура заанаҵтәи аплан азԥхьагәарҭеит.   

 Аиԥылара иара убас лхы алалырхәит Аԥсны асанитартә епидемиологиатә станциа  аҳақьым хада Алла Белиаева.

Аконференциаҿы ирыхәаԥшуеит аҿкы чымазарақәа рҿагыларазы аусеицура аспект хадақәа, иара убас  абиошәарҭадара ашьақәыргыларазы хра злоу астратегиақәа раԥҵареи рыларҵәареи азҵаара.