Print this page

Арасаӡыхьаа рҭоурых Хәыхәыт Бганба ианҵамҭақәа рҟнытә

Рашәара 10, 2025 67

Арасаӡыхь ақыҭа инхо Багаҭелиаа рахьтә Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәын жәҩык. Урҭ рахьтә аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит быжьҩык.

Патыхә Багаҭелиа иҷкәынцәа хҩык абџьар шьҭырхит аибашьра ашықәсқәа раан. Иҭахеит Ақсенти Шьақеи, деибганы дхынҳәит Сҭеԥана. Архивтә материалқәа излаҳарҳәо ала, Ақсент Патыхә-иԥа Багаҭелиа 1897 шықәсазы диит. Аҵара имамызт, аха дуаҩ ҟәышын, дуаҩ наган, аколнхараҿы бригадирс аус иуан. Ихшаз ҳәа уаҩ диҭнымхеит. Иара аибашьра даныргоз изҳәаз аҭыԥҳа уаҳа лхы насыԥ алымҭеит, лхы лгәы далылхит.
Шьақа диит 1908 шықәсазы. Уи­гьы аҵара имамызт. Еиҳарак ара­хә-ашәахә дрызҟазан. «Дуаҩы ламысын» ҳәа иӡбахә рҳәоит дызгәалашәоз. Уигьы аҭаацәара даламлацызт. Урҭ рашьа Сҭеԥана дхынҳәит. Аибашьраҿгьы фырхаҵарыла еибашьуаз дыруаӡәкын. Акырынтә дырхәхьан. Аибашьра дцаанӡагьы, уи ашьҭахьгьы унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз хаҵа еибаган, хаҵа ҟәыӷан. Ахшара бзиагьы иҭынхеит.
Еишьцәа гәакьақәан Иакәабеи Засими Нарықь-иԥацәа Багаҭелиаа. Урҭ рҩыџьагьы аибашьрахьтә ихнымҳәӡеит. Иакәаба деиҳабын, 1900 шықәсазы диит. Раԥхьа Арасаӡыхь ақыҭан акомҿари, апартиеи, аколнхареи реиҿкааҩцәа дыруаӡәкын. Ашьҭахь ако­лнхара ан­­е­иҿкааха, аколнхара ахантә­аҩы иха­ҭыԥуаҩс дыҟан. Зынгьы ақыҭан аревизиатә комиссиа дахантәаҩын. Иара ԥшра-сахьала уаҩы наӡа-ааӡак иакәын. Иҭынхеит ҩыџьа аԥҳацәа. Архивтә материалқәа изларҳәо ала, ихабаргьы ыҟамкәа дыбжьаӡит маи мза 1942 шықәсазы. Аиҵбы Засимгьы дыбжьаӡит август мза 1942 шықәсазы.
Шьрыф Хәсеин-иԥа Багаҭелиа иӡбахә ала архивтә материалқәа иҳарҳәеит уи 1915 шықәсазы дышиз, 1938 шықәсазы аррамаҵура ахысраҳәа дышцаз. Иара уа дшыҟаз ауп аибашьрагьы дшыргаз. Изгәалашәо изларҳәо ала, Шьрыф Арасаӡыхь ақыҭан раԥхьа акомҿарра иалалаз дыруаӡәкын, дуаҩ гәыразын, ау­аҩ изы иԥсы иҭиуан, деилҟьа-еилӷ­әыцәын, ашәаҳәареи акәашареи илан. Аҭаацәара алалаха дахьымӡеит, ишьҭамҭа ҳәа уаҩ днымхеит. Кәакәа Дарсун-иԥеи Шамил Рашьыҭ-иԥеи Багаҭелиаа зхабарк дырымкәа иӡыз иреиуоуп. Архивтә материалқәа изларҳәо ала, урҭ бжьаӡит 1942 шықәсазы. Кәыкәа ихшара ыҟоуп.
Арасаӡыхь инхоз Бганаа ра­хьтә аи­башьра иалахәын бжьҩык. Урҭ ра­хьтә аԥсадгьыл рхы ақәырҵеит хәҩык. 1941 шықәсазы ииз Басарион 1915 шықәсазы ииз Уарҭан, 1915 шықәсазы ииз Кынта, Ҳабыџь иԥацәа. Урҭ рыхҩыкгьы зхабар ыҟамкәа ибжьаӡыз рахь иԥхьаӡоуп. Рыхҩыкгьы ирҭынхаз ҳәа уаҩ дыҟам. Аҭаацәара иалалахьаз Биссарион иакәын, аха ҿыц аԥҳәыс дааиганы дшыҟаз ауп аибашьра дшыргаз. Дара рыхҩыкгьы анхара-анҵыра рыла, рхатә џьала ихандеиуан. Аишьцәа реиҵбы Кьынта нхараҳәа иашьцәа дырҿыҵны иҩны ашьапы икхьан.
Арасаӡыхь ақыҭа унеишь-уааишь ҳәа зырҳәоз дреиуан Зафас Бганба. Уи инхара-инҵыра, иуаҩышьа уҳәа рыла аӡә ишьҭахь дгыломызт. Иман ԥа заҵәыки ԥшьҩык аԥҳацәеи. Иԥа заҵәы Колиа 1921 шықәсазы ииз, иԥҳәысаагара аҿҳәара шыԥҵәаз ауп аибашьра дшыргаз. Иҭаацәа аҵыхәтәантәи ашәҟәқәа роуит Кьерчынтәи. Архивтә материалқәа иҳарҳәоит уи ииун мза 1942 шықәсазы дыбжьаӡит ҳәа. Абасала, Зафас Бганба ихәышҭаара ҿыцәааит. Иҷкәын заҵәы Колиа аибашьра диԥнархеит.
Хәажәы Бганба иҷкәын аиҳабы иакәын Санарда. Уи диит 1910 шықәсазы. Уи аԥшькы, наӡа-ааӡак иакәын, аҽеилаҳәара, аҽырбара бзиа ибон. 1946 шықәсазы ауп иҭаацәа ашәҟәы анрауз уи 1941 шықәсазы дшыбжьаӡыз ала.
Фҩык Габниаа аибашьра иалахәыз рахьтә ихнымҳәӡеит хәҩык. Хҩык, 1921 шықәсазы ииз Ермин Арсана-иԥеи, 1915 шықәсазы ииз Иликәа Ҳаҭхәа-иԥеи, 1905 шықәсазы Мама Раԥка-иԥеи рыӡырҭа-рыԥсырҭа уаҩы изымдыруа аибашьра иалаӡит. Урҭ рыхҩыкгьы аҭаацәара иаламлацызт, рхәышҭаарақәа ирцызҵаша ҳәа аӡәгьы дрыҭнымхеит. Аибашьраҿы иҭахеит, аха архивтә материалқәа рыла аилкаара ҳалшеит рызқәаҭыԥ ахьыҟоу Шьалуеи Сиуарнеи Габниаа. 1917 шықәсазы ииз Шьалуа Уасил-иԥа Гәыԥ бжьыкласск дрылгахьан. Архивтә материал иҳанаҳәоит уи анышә дшамадоу Краснодартәи атәылаҿацә Крымсктәи аанҿасырҭаҿы. Дҭахеит ииуль 16, 1943 шықәсазы. Арԥыс ӷьеҩ, арԥыс еибага ҳәа зқыҭауаа иргәаладыршәо, 1915 шықәсазы ииз Сиуарна Шьрын-иԥа дҭахеит ииун 6, 1943 шықәсазы. Анышә дамадоуп Краснодартәи атәылаҿацә, Новоросиисктәи араион, асовнхара Мисхако аҟны. Уи анышә дамадоу, дамадаму еилҳаргарц иҳашьҭыз ашәҟәы аҭакс иҳауит Мысхакскынтәи ақыҭатә совет аҟынтәи ашәҟәы абас еиԥш зҳәоз: «Шәышәҟәы 15.05.90 ш. иҳауз иаҭакны ишәаҳҳәоит Мысхакатәи атерриториаҿ иҭахаз анышә иахьамадоу аешьаратә нышәынҭраҿы ихьӡ-ижәла ануп, ара изқәаҭыԥгьы ыҟоуп Габниа Сиуарна-Шьрын-иԥа. Ари ишьақәнарӷәӷәеит мҩашьарыда Габниа Сиуарна Шьрын-иԥа изқәаҭыԥ шыҟоу хаҵарыла иҭахаз ахьжу Мысхактәи аешьаратә нышәынҭраҿы.
Арасаӡыхь инхо Гогиа ра­хьтә аи­башьраҿ иҭахеит хҩык. 1921 шықәсазы ииз Леуа Гәџьыл-иԥа изку арратә комиссариат аматериал излаҳанаҳәо ала уи аибашьра ашықәсқәа раан Аҟәа арратә ҵараиурҭа далгеит. Арасаӡыхьнтә уи ицҭан Шьаликәеи Иликәеи Ратиаа, Мисор Марцхәлаа, Канто Қаџьаиа, Кәта Амҷба. Урҭ аҵара дирҵон усҟан арратә комиссарс иҟаз Леуа Голанӡиа. Афицер Леуа Гџьыл-иԥа Гогиа аибашьра адәаҿы диқәшәахьан иара иқыҭа иалҵыз, аҵарагьы ицызҵоз, иахьа иполковник ԥхьатәоу, аибашьра аан архәҭа авзвод командирс иҟаз Қаџьиа Канта. Уи ҳаниҿцәажәоз игәлаиршәеит: «Аӡын 1943 шықәсазы Ставропольтәи атәылаҿацә ақалақь Новоалександровск азааигәара ҳаиқәшәеит Леуа Гогиеи сареи. Иара усҟан 312-тәи адивизиа аҟны авзвод аокмандирс даман. Ҳаиқәшәара ҳҩыџьегь ҳигәырӷьеит, аха рыцҳарас иҟалаз хымш ааҵуаны Леуа аидысларақәа руак аан фырхаҵарыла дҭхеит. Снапала анышә дамаздеит…» Леуа аҭаацәара алалаха дахьымӡацызт.
Ииун 22, 1942 шықәсазы зхабар ыҟамкәа ибжьаӡыз дыруаӡәкуп Ҟараман Гьедлач-иԥа Гогиа. Уи ауаҩ қьиа ҳәа изышьҭаз Гьделач иҷәын заҵә иакәын. Уи данҭаха нахыс ари аҩнаҭа қьаԥҭахеит.
Тита Кәата-иԥа Гогиа диит 1909 шықәсазы. Арасаӡыхь ԥшь-класск дрылгахьан. Арасаӡыхьаа дызгәалашәо изларҳәо ала, Тита ҳаҭыр, пату зқәыз уаҩын, дынхаҩ наган, аџьа дацәаашьомызт. Еснагь ԥсыуа маҭәала иӡара ҭырфаҷа деилаҳәан. Акәашара, ашәаҳәара дазҟазан, дҽыбӷаҟазан. Аибашьра ианалага раԥхьатәи амшқәа рзы абџьар шьҭихит, усҟан иара дҭаацәарахахьан, ԥшьҩык ахшара драбын. Уи аибашьра данырга нахыс ихабарк рмаҳацызт 48 шықәса дуӡӡа иҭаацәа. Ҳаԥшаарақәа ирылҵшәаны еилкаахеит уи анышә дшамадоу Ориолтәи аобласт, Должантәи араион, ақыҭа Евланова аиашьаратә нышәынҭраҿы. Уи изқәҭыԥ ахьыҟоу ақыҭа Евланова 1990 шықәсазы иҷкәынцәа аҭааит. Араҟа иҟоу аиашьаратә нышәынҭраҿы анышә иамадоуп 305 аибашьцәа. Урҭ рахьынтә 109-ҩык рыхьӡи рыжәлеи зҳәо амармалташь хаҳә шьҭоуп. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы дыҟоуп Тита Гогиагьы. Ара имҩаԥгаз амитинг иалахәыз изларҳәо ала, Гогиа Тита далахәын 635-тәи ахысратә дивизиа, дҭахеит 1942 шықәса, ииуль 21 азы.

(Алагарҭа ануп «Аԥсны» №33-34)