Маи 30 рзы, Адыгеиа аҳҭны-қалақь Маиҟәаԥ, аконцерттә зал «Нальмес» аҟны имҩаԥысит, атәыла ауаажәларреи хыԥхьаӡара рацәала асасцәеи злахәыз, Адыгеиеи, Ҟабарда-Балкариеи, Ҟарачы-Черқьесски Жәлар рышәҟәыҩҩ, Ареспублика Аԥсны «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу, Урыстәылатәи Афедерациа Аџьа Афырхаҵа , акымкәа аҳәынҭқарратә премиақәа рлауреат Исҳаҟ Шьумаф-иԥа Машбаш 95 ш. ихыҵра иазкыз агәырӷьаратә еилатәара. Адыга жәлар рдоуҳа аиқәырхаҩ-ԥхьагыла идныҳәаларц арахь имҩахыҵит ҞБАр ҞЧАр Рхадацәа – Казбек Кокови Рашид Темрезови, Адыгьеиа Раԥхьатәи Ахада – Аслан Џьаримови, уи инаҩс атәыла Ахадас иҟаз – Аслан Тхакушинови, Даӷьсҭан Ахадас аус зухьоу – Рамазан Абдулатипов уҳәа иҵ.
Адыга литература ахаҭарнак хатәра Исҳаҟ Шьумаф-иԥа, ауаҩы дызхаҭарнаку ажәлар гәыцқьарыла рымаҵ ауреи, ԥсҭазааратә ԥышәала ирҳау аҟәыӷара ҵаулеи дыршьаноуп. Ирҿиара зегьы иԥсадгьыл гәакьеи, уи зџьынџьу адыгақәа рҭоурыхи ирҿахәҳәагоуп.
Исҳаҟ Машбаш раԥхьатәи иажәеинраала аԥиҵеит 15 ш. анихыҵуаз, иҳаҩсыз ашәышықәса 40-тәи ашықәсқәа рхыркәшамҭазы. Уи аахыс иҭыҵхьеит 90 рҟнынӡа апоезиатәи апрозатә ҩымҭақәеи реизгақәа, урҭ рхыԥхьаӡарахьтә 30 инарзынаԥшуа романқәоуп. Зеиԥшла ашәҟәқәа рхыԥхьаӡара (атираж) наӡоит 4 миллион цыра рҟнынӡа. Иепикатә рҿиамҭақәа рышьаҭала иаԥҵоуп ахәаԥшцәа азҿлымҳара ду зырҭахьоу асахьаркыратә фильм «Графиниа Аиссе». Адыгьеиа еиԥш, уи анҭыҵ еиуеиԥшым асценақәа рҟны изныкымкәа зықьҩыла рнапқәа азеинырҟьахьеит аопера «Раскаты далекого грома». 2024 ш. рзы иҭыҵит адунеи зыхьӡ ахыҵәахьоу асахьаҭыхҩы Леонардо да Винчи иан дшадыга хылҵшьҭроу зырҵабыргуа, аҭоурыхтә-документалтә ҿырԥштәқәа згәылагалоу ароманқәа: аедыгь бызшәала – «Ошъуанэ», урысшәала «Голубоглазая». Иара убас, ҳазну ашықәс азы акьыԥхь абеит, ХХ ашәышықәсазтәи адыга (ачерқьез) малуаа ируаӡәкыз, збеиара агәыҳалалразы иамеигӡоз Лиу Трахов изку ароман, аедыгьи аурыси бызшәақәа рыла.
Исҳаҟ Машбаш 1962 ш. раахыс Адыгьеиатәи ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩыс дыҟоуп. Итәылаҟнеиԥш уи анҭыҵгьы ауаажәларратә усура инапы алакуп иажәеи иуси ԥкра рымамкәа.
Исҳаҟ Шьумаф-иԥа изныкымкәа Аԥсны даҭаахьеит, аԥсуа шәҟәыҩҩцәеи аҵарауааи иареи аимадара бзиа рыбжьоуп, арҿиаратә ус аҟнеиԥш, хаҭалатәи аиҩызараҿгьы. Аԥсны уи ихьӡ еицырдыруеит рҿиаратә хаҭарак аҳасабала мацара акәымкәа, ауаажәларратә-политикатә ԥсҭазаара ҽышәала иахаҭарнаку аӡәы ҳәа. Уи шьақәнарӷәӷәоит ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианрыбжьагылаз ҩажәи жәаха шықәса раԥхьа, ақырҭуа мпыҵахалаҩцәа дырҿагыланы, ибжьы ҿацаӡа иқәгылара. Уи ашьҭахьгьы ари азҵаара аҵыхәала еиуеиԥшым апериодикатә ҭыжьымҭақәа рҟны икьыԥхьуаз ицҳафыруаз апублицистикатә статиақәагьы.
Акраҵанакуеит Исҳаҟ Машбаш ирҿиара аԥсуа школқәа рырҵагатә шәҟәқәеи, Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет арҵаратә уснагӡақәеи рҟны ахатә ҭыԥ ааннакылоижьҭеи. Имаҷымкәа иаԥҵамҭақәа, еиҳаракгьы ипоезиахьтә аԥсшәахь еиҭаганы, апериодикатә кьыԥхь аҟны иркьыԥхьхьеит Кә. Ломиа, Вл. Анқәаб, М. Лашәриа, В.Амаршьан уҳәа аӡәырҩы аԥсуа поетцәа.
Абарҭқәа зегьы гәаагӡаны ауп ари агәырӷьаратә еилатәара рыҽзаладырхәыз Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәааи, атәыла Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы Беслан Ешбеи зеилазаараҿы иҟаз Аԥснытәи аделегациа.
Беслан Бигәаа Аԥсны жәлари атәыла Ахада Бадра Гәынбеи рыхьӡала аиубилиар дидныҳәало изеиӷьеишьеит агәабзиара, еихсыӷьра зқәым арҿиаратә гәацԥыҳәара, аԥсҭазааратә маншәалара. Иқәгылара хиркәшеит «зидеиатә хшыҩҵак ҳаракӡоу асахьаркыратә ҩымҭақәа раԥҵареи, аԥсуа-адыга жәларқәа рнаҩсгьы, Кавказ ашьхарыуаа рдоуҳатә ҭынха аиқәырхареи аӡыргареи ирзынархоу илшамҭақәа рзы, Исҳаҟ Шьумаф-иԥа Машбаш «Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы» ҳәа аҳаҭыртә хьӡы ихҵаразы, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иусԥҟа рылаҳәара ала. Иара убас, Жәлар Рышәҟәыҩҩы ҳамҭас изнаган ҷыдала иӡаху ахҭырԥа шкәакәеи еицырдыруа асахьажәа азҟаза ду Фазиль Искандер ихьӡ аҳаҭыраз иаԥҵоу ахьтәы аԥсари.
Аԥснытәи аделегациа ҳаешьаратә республикаҟны рыҟазаара иалагӡаны аиԥылара мҩаԥыргеит Адыгьеиа Ахада Мураҭ Кумпилов иусбарҭаҟнгьы. Уаҟа аҩганк рыҟнытә даҽазныкгьы ишьақәырӷәӷәан, ҳажәларқәа реиуеиԥшым ахырхарҭақәа – акультуратә, асоциалтә, абаҩрҵәыратә уҳәа рыла русеицуратә еимадарақәа есымшааирагьы рымҽхак арҭбаара шхымԥадатәу.
Ахра Анқәаб