Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭахоит абџьар ауаажәларра ахьеизо аҭыԥқәа рҿы аныҟәгара ақәиҭымзаара ҳәа адырра ҟанаҵоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра апресс-маҵзура.
Аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра ақалақьқәеи араионқәеи рхадарақәа ирабжьнагоит аресторанқәа, акаҳуажәырҭақәа, акрыфарҭақәа, ачараиурҭақәа уҳәа егьырҭ ауаажәларратә усмҩаԥгатәқәа ахьымҩаԥысуа ахыбрақәа рышәқәа рҿы абџьар рыманы анеира шыҟамло азы адырра зну адыргақәа аддырҷаблаларц. Иарбоу аҭыԥқәа рахь абџьар рыманы анеира ҟалаӡом ҳәа аҳәамҭа аланарҵәоит атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра.
Амилициа аусзуҩцәа абџьар аныҟәгара аԥҟарақәа реилагара аԥхьырҟәҟәаара иазырхоу апрофилактикатә усмҩаԥгатәқәа иааиԥмырҟьаӡакәа еиҿыркаауеит. Убас еиԥш иҟоу ареид Аҟәа ақалақь аҿы, иара убас иахьабалак имҩаԥысуеит.
Ашәҟәы иҭагалам абџьар аныҟәгареи аҵәахреи рзы ашьаустә ҭакԥхықәра азԥхьагәаҭоуп. Ашәҟәы иҭагалоу абџьар аныҟәгара аԥҟарақәа реилагаразы административтә хьырхәра азԥхьагәаҭоуп. Атәыла аҩныҵҟатәи аусқәа Рминистрра атәылауаа ишьақәыргылоу аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц, иара убас агәҽанызаара аадырԥшларц, изакәанымкәа абџьар аикәыршара иадҳәалоу џьара хҭысқәак рзы адырра роузар, иаразнак уи азы иахәҭоу аусбарҭақәа рахь аинформациа ҟарҵаларц азы ааԥхьара ҟанаҵоит.