Print this page

Аԥсуа дгьыл аҿы ақьырсианра аларҵәаҩ

Лаҵара 23, 2025 58

Аҧсны ажәытәӡатәи ақьырсиан тәылақәа ишреиуоу азы шаҳаҭра руеит уи ахы-аҵыхәа игылоу ақьырсиан баҟақәа, ауахәамақәа, аҧшьаҭыҧқәа.

Убарҭ иреиуоуп иҧшьоу ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит иуахәама. Аҧсны иазгәарҭауа аҭоурыхтә рыцхәқәа инарыдкыланы, маи 23 Симон Кананит Имш ауп, ҳтәылаҿы ныҳәаны, ҧсшьарамшны иазгәарҭоит. Ари аҽны хыҧхьаӡара рацәала адинхаҵаҩцәа есышықәса Анцәаиҳәара мҩаҧыргоит уи ауахәама аҿаҧхьа.

Аӡы аҩы алызхыз 

Симон Кананит, 12-ҩык ацҳаражәҳәаҩцәа иреиуоу, Иосиф Ауадыхәҟаҵаҩ раҧхьатәи иҧшәма лҟнытә ҧшьҩы иҧацәа дыруаӡәкын, даҽакала иуҳәозар, Иисус Христос абла диашьан.

Ацҳаражәҳәаҩ ихьӡ зыдҳәалоу Галилеитәи Кана ауп. Убраҟа, Симон аҭаацәара даналалоз, Ҳазшаз Иисус Христос раҧхьаӡатәи аџьашьахә ҟаиҵеит, аӡы аҩы алихит.

Абри атәы арбоуп Иоаан иҟнытә Иԥшьоу Ажәабжь аҿы. Хьыҳәала, абри ацыҧҵәаха иаҧхьоит аҭаацәаралалара аан, насгьы қьырсиан ҵасла аҭаацәалалара ахылаҧшҩык иаҳасабала ацҳаражәҳәаҩ Симон Кананит ихьӡ шьҭыҵит.

Кана иҟаз ачараҿы Ҳазшаз иҟаиҵаз аџьашьахә лабҿаба ианиба, Симон иџьеишьеит, даршанхеит, убасҟак Христос игәра игеит, хьаҳә-хьачарада Ҳазшаз имҩа данылеит, аҭаацәара дшалалазгьы.

 

Аԥсуаа ӡаазхыз

Адинхаҵара аҭоурых зыҩуаз рыла еилкаауп, Симон, ацҳаражәҳәаҩцәа Андреи Аҧхьанаҧхьеи Матфии дрыцны, ақьырсианра шалаирҵәоз. Симони Андреии Уаҧстәыла ашьхақәа рыла рҿынархеит, ашьҭахь Аҧсныҟа илбааит, иагьаангылеит Севаста (иахьатәи Аҟәа) ақалақь аҿы. Анаҩс, Андреи Кавказ Амшын еиқәа аҿықә даваланы ақьырсианра аларҵәауа иҿааихеит, Симон иакәзар, Ҧсырӡха аӡиас (ҳаамҭазтәи Афон Ҿыц акәша-мыкәша) аиҩхааҿы иҟоу, ҽыҩшьаҧхыцк ахьамкуаз ҳаҧык аҿы инхарҭа ылихит. Уи аҳаҧахьы дылбаауан шахала. Ари ҟалеит ҳара ҳера 55 шықәсазы, Христос Жәҩан ахь данхала ашьҭахь ҩажәашықәса ааҵуаны.

Ацҳаражәҳәаҩ шаҟа аамҭа Аҧсны дыҟаз азы ашықәсынҵаҩцәа акагьы адырбом. Уи араҟа хыҧхьаӡара рацәала аџьашьахәқәеи, ассирқәеи, ашанақәеи ҟаиҵон, иара иажәа иабзоураны аӡәырҩы Христос иахь рхы дырхеит. Симон Кананит иоуп аҭыҧантәи ауааҧсыра - ҳаамҭазтәи аҧсуаа рхылҵшьҭрақәа рнаҭра иалагаз.

Абарҭқәа рзы уи амырҭаҭцәа акырынтә иқәлахьан, длаҧшықәҵаны дрыман. Ақьырсианцәа ҕәҕәала ианкыдырцалоз аамҭазы, Симон ааӡабла иҧсҭазаара далырхит. Иҟоу агәаанагарақәа руак ала, ихы хырсеит, даҽа гәаанагарак ала - иҧсы шҭаз хәархьла деихырҵәеит. Иара убас, даҽа ҳәамҭак излаҳәо ала, аџьар дкыдырҵеит, ахаҳә дадыргеит.

 

Ҩ-шәышықәсак ааҵуаны ...

Иара иҵаҩцәа иҧсыбаҩ иҳаҧы азааигәара анышә иамардеит. Уахь имҩахыҵуа иалагеит адин хазҵоз, рчымазарақәа рыхәышәтәразы ацхыраара иаҳәон.

Ажәбатәи ашәышықәсазы Симон Кананит анышә дахьамадаз идыргылт ицәыз акьырхаҳә шкәакәа иалхны ауахәама. Ҩ-шәышықәсак ааҵуаны, ақьырсиан дин Аҧсны иахьабалак ҕәҕәалаҵәҟьа ашьапы акит. Аҧсны ажәеизатәи, ажәаҩатәи ашәышықәсақәа раан ишәҭыкакаҷуаз қьырсиан тәылан. Амшын иаҧныз аҧсуа ҿықә хҟьан ишәҭыкакаҷуаз ақалақьқәеи амонастырқәеи рыла, ашьхақәа ракәзар, баашла, уахәамала ирыҕәҕәан. Аха нас Аҧсны рымпыҵархалеит аҭырқәцәа, ҧыҭҩык аҧсуаагьы аҧсылманра рыдыркылт. Ауахәамақәа жәпакы ҧдыргеит, убрахь иналаҵаны Симон Кананит итәгьы.

 

Аиашахаҵара амҩа ду

19-тәи ашәышықәсазы ажәы­тәӡатәи ауахәама еиҭашьақәыргылан Афонҿыцтәи Симон Кананит имонастыр аҟны иҟаз аберцәа рыла. Уи шьаҭадыркит Ажәытәтәи Афон (Бырзентәыла) аҟнытә амонахцәа 1875 шықәсазы. Убри азы аимператор Алеқсандр III иҟаиҵаз адҵала 327десаҭын адгьыл алхын.

Амонастыр ҟалеит Кавказ аиашахаҵаратә ҵаралашара иагәыцәны.

Амонастыр аҿы азауадқәа аус руан, ацәа, акьырмыт ҭзыжьуаз, ахәша хызхуаз уҳәа егьырҭгьы.

Симон Кананит ажәытәӡатәи иуахәамахь анеира маншәалахарц азы хаҳәла амардуан ҟарҵеит, еиуеиҧшым ахаҳәқәа рыла ичаҧаны Иисус Христоси, Анцәа Иани, Симон Кананит ихаҭеи рхаҿсахьақәа аҳаҧы аҭыӡқәа ирнырҵеит. Урҭ иахьа уажәраанӡагьы инханы иҟоуп. Уахь инеиуа ирбоит аӡыхьҧшьа, ацҳаражәҳәаҩ ишьхәаҭыҧ зну ахаҳә. Аҳаҧы ааигәара ишьҭоу ахаҳә иахьа уажәраанӡагьы ианубаалоит ашәыта ҟаҧшьқәа - «Ацҳаражәҳәаҩ ишьацәыкәбарқәа».