Print this page

Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара амш

Лаҵара 21, 2025 73

Маи 21 азы 161 шықәса ҵит аурыс-кавказтәи аибашьра еилгеижьҭеи. Уи иахҟьаны 19-тәи ашәышықәсазы зықьҩыла аԥсуаа Рыԥсадгьыл аанрыжьит, Ҭырқәтәылеи Мрагылара аиигәа еиуеиԥшым атәылақәеи рҟны ахкыдкыларҭа рыԥшааит.

Абри аҽны Аԥсны, Нхыҵ-Кавказ ареспубликақәа рҟны иазгәарҭоит Кавказтәи аибашьра иалаӡыз ргәалашәара Амш. Агәалашәаратә усмҩаԥгатәқәа нарыгӡоит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаагьы.

Традицианы ишыҟалахьо аиԥш, Аҟәа ашәҭқәа шьҭарҵоит Амҳаџьырцәа рыԥшаҳәаҟны игылоу абаҟаҿы, еиқәырҵоит Нарҭаа рымца, иадыркуеит агәалашәаратә цәашьы – ашьамаҟа, ашәҭрқьақьақәа амшын ихырҵоит.