Print this page

Аԥсны Ахада Иусԥҟақәа рыла

Лаҵара 20, 2025 103

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба  акадрқәа амаҵурақәа  раҭаразы Аусԥҟақәа инапы рыҵаиҩит.

Кәыҵниа Лев Константин-иԥа дҟаҵоуп – Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭагылазаашьа ҷыдақәа рминистрс;

Логәуа Асҭамыр Омар-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарра атуризм аминистрс;

Боџьгәуа Баграт Фазлыбеи-иԥа – Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩыс; 

Берулаа Роланд Фиодор-иԥа – аимадареи, амассатә коммуникациақәеи, ацифратә ҿиареи рзы Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабыс;

Аҳәба Адамыр Мирон-иԥа – адгьылхархәареи акадастри рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы аиҳабыс;

Ӷәынџьиа Роман Ҳақыбеи-иԥа – Аԥсны Аҳәынҭқарратә архивтә усбарҭа аиҳабыс.     

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарратә хьчара амаҵзура аиҳабы имаҵураҟнытә ихы дақәиҭтәуп аинрал-маиор Дбар Дмитри Сергеи-иԥа. Аҳәынҭқарра Ахада егьи Иусԥҟала   Дбар Дмитри Аԥсны Аҳәынҭқарратә Шәарҭадара Амаҵзура Ахантәаҩыс дҟаҵоуп.

 Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩыс дҟаҵоуп Шамба Дмитри Михаил-иԥа.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Иусԥҟала Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩыс – Аиба Баҭал Едуард-иԥа.