Print this page

Аԥшатлакә ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы

Лаҵара 19, 2025 66

Ишдыру еиԥш, маи 2  ауха аԥшатлакә асит, иаҳараӡак уи аҽарӷәӷәеит Тҟәарчалтәи араион аҟны, ҭыԥқәак рҟны иаҳа иԥсыҽын.

Аԥсабаратә рыцҳара иҟанаҵаз амашәырқәа, ахҟьа-ԥҟьақәа еилкааны аусурақәа рымҩаԥгаразы  Тҟәарчал днеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба. Уи араион ахадара ахыбраҿы аилацәажәара мҩаԥигеит аԥшатлакә ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра азҵаарақәа ирызкны.

Аилацәажәара иалахәын атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, араион ахада Исидор Дочиа, Жәлар Реизара адепутатцәа Герман Каҷараа, Беслан Емырхәба, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа, араион ахадара анапхгара.

«Аԥсабаратә рыцҳара аԥхасҭа шырнаҭаз азы иалаҵан ҩажәижәиԥшь рзаҳал. Жә-рзаҳалк рыла аусурақәа мҩаԥысуеит, хадаратәла урҭ зызку аҩнқәа рхыбқәа роуп. Аӡәгьы  ақәа ихьыкәкәа даанаҳмыжьит. Сгәы иаанагоит, ҩымчыбжьа ирылагӡаны аҭагылазаашьа арҽеира ҳамч ақәхап ҳәа», – Ахада абас иеиҳәеит Демир Гамсаниа.

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит, излауала ирццакны аиҭашьақәыргыларатә усурақәа шымҩаԥгалатәу.

Аҳәынҭқарра Ахада еиуеиԥшым аусбарҭақәа, аргылаҩцәа рнапы ианиҵеит ааха зауз ауаа ианаамҭоу ацхыраара рырҭарц.

Аилацәажәара ашьҭахь Бадра Гәынба дырҭааит аԥхасҭа зауз хыбрақәак. Ибеит Абжьыуаа рымҩа, №3 аҟны игылоу, ауада рацәа змоу аҩны. Уи аԥшатлакә ахыб ахнашәеит.

Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы иҳәеит 70% аусурақәа шынагӡоу. Ҩымш-хымш рыҩнуҵҟала ақәа ауадақәа аԥхасҭа рнаҭом, избанзар ахыб битумла иҟаҵоуп.

Иара убас Арӡынба имҩа, №22 аҟны игылоу аҩнгьы ахыб ааха аиуит.

Гамсаниа иажәақәа рыла 8000, метр ԥшьыркца раҟара ахыбқәа ԥсаххоит.  Инықәырԥшшәа уи иартәоит 40 миллион мааҭ.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас ибеит ааха зауз Тҟәарчалтәи ахәыҷбаҳча.

«Амчқәа, алшарақәа зегьы азкхоит аԥшатлакә иахҟьаны Тҟәарчал араион аҟны ицәырҵыз апроблемақәа рҭыԥ рықәҵара», – иҳәеит Тҟәарчалҟа иныҟәара еихшьалауа Бадра Гәынба. Аԥшатлакә Тҟәарчал ауада рацәа змоу ҩнқәак рхыб ахнашәеит. Анапынҵақәа рыҭоуп ақалақь ауааԥсыра ацхыраара рыҭаразы.

Ауада рацәа змоу аҩнқәа 4 рахьтә 2 еиҭашьақәыргылоуп. Иаарласны егьырҭ иаанхаз аҩнқәагьы ирыгу-ирыбзоу ҟаҵахоит», – иҳәеит Гәынба.

Иара убас, аԥсабаратә рыцҳара аԥхасҭа рнаҭеит Аҟәа, Очамчыратәи Гәдоуҭатәи араионқәа.

«Ҳара зыԥшрак ҳәа ҟамҵакәа амчқәа зегьы азаҳкуеит араионқәа рҟны ицәырҵыз апроблемақәа рҭыԥ рықәҵара» – иақәиргәыӷит Аҳәынҭқарра Ахада.

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Тҟәарчалынтәи Очамчыра ақалақь аҟны дааит. Дрыхәаԥшит аԥшатлакә иахҟьаны ааха зауз Кәартаа имҩаҿы игылоу, ауада рацәа змоу аҩнқәа. Очамчыра араион ахадара аиҳабы Алхас Кациа иҳәеит Кәартаа имҩа, №34 аҟны игылоу аҩны абарҵақәа рҭагылазаашьа бааԥсуижьҭеи акырӡа шыҵуа, аԥсабаратә рыцҳара акәзар, уи иаҳагьы иацнаҵеит.

Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, абарҭ абарҵақәа ирыгу-ирыбзоу аҟаҵаразы ақьаадшәҟәқәа еиқәдыршәахьан ҩышықәса уажәаԥхьа.

Аҩны аҟны инхо ахада иахь аҳәара ҟарҵеит ахыби абарҵақәеи рырҽеира аганахьала дрыцхраарц.

Иара убас, Кәартаа имҩа 36 аҟны игылоу ауада рацәа змоу аҩнгьы аԥхасҭа аиуит, џьара-џьара ахыб ахнашәеит.

Очамчыраҟа иныҟәара еихшьалауа,  Бадра Гәынба иҳәеит Очамчыра аҭагылазаашьа иаҳа ишымариоу Тҟәарчал аасҭа, иаҳа ишмаҷу аԥхасҭа зауз аҩнқәа рхыԥхьаӡара.

«Иахьугалакгьы ари ауаа рынхара-рынҵыра иадҳәалоуп, абри аҟнытә ахыбқәа рырҽеира ҳалаԥш ахуп. Агәра ганы ҳаҟоуп, мчыбжьыки бжаки рыҩнуҵҟала аԥшатлакә ахҟьа-ԥҟьақәа шаԥыххо», – иҳәеит Гәынба.

Иааидкыланы араион иаҭоу аԥхасҭа абанӡанаӡои ҳәа ажурналистцәа рызҵаара атак ҟаиҵеит Очамчыра араион ахадара аиҳабы Алхас Кациа. Уи иҳәеит ақалақь аҟны ахатә ҩнқәа хԥа ааха шроуз. Акапиталтә ргылара аусбарҭа ахаҭарнакцәа ақьаадқәа еиқәдыршәеит, иаарласны аусура иалагоит.

«Абарҭ аобиектқәа рыхԥагьы рҟны ҳамчқәа рыла аусурақәа рынагӡара ҳалымшеит. Уажәы ҳахьгыҟоу аҩны дыргылеит 60-тәи ашықәсқәа раан, иажәит, аха ауаа шынхац инхоит. 2023 шықәсазы имҩаԥган аекспертиза, алкаагьы ҟаҵан. Амҿы иалху абарҵақәа ашьҭахь ауп ианыҟарҵа. Иахьазы абраҟа ашәҟәы иҭаҩуп жә-ҭаацәарак, иааиԥмырҟьаӡакәа инхоит ф-ҭаацәарак. Урҭ даҽа нхарҭак рымаӡам», – иҳәеит Кациа.

Аԥшатлакә абри аҩны даара ааха анаҭеит, хыхьтәи аихагылақәа рбарҵақәа арбгеит. Даҽа ҩнык, Кәартаа имҩа 36 аҟны игылоугьы, ахархәарахь ирыҭан 60-тәи ашықәсқәа раан. Уаҟа маҷк ахыб ахнашәеит.

«Ақыҭақәа рҿы ааха роуит ахатә ҩнқәа 15. Аха урҭ еиҭашьақәҳаргылоит ҳхатәы мчқәа рыла. Аҭыԥантәи абиуџьет ахарџьқәа рыла ахыб аахәаны ираҳҭоит», –иҳәеит араион ахадара аиҳабы.

Маи 18 азы Бадра Гәынба даҭаан ибеит Гәдоуҭа араион аҟны ааигәа аԥшаӷәӷәа аԥхасҭа знаҭаз ахатәы ҩнқәа реиҭашьақәыргыларатә усурақәа рымҩаԥысшьа. Иныҟәараҿы ицын Гәдоуҭа араион ахадара аиҳабы Валери Аҩӡба, акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа.

Приморское ақыҭан ахада даҭааит аԥшатлакә ааха знаҭаз Ольга Атавина лыҩны. Лара илҳәеит лыҩны аԥхасҭа ӷәӷәа шаиуз, лааигәара игылоу асасааирҭа маҷ иахнашәаз ахыб ахәҭақәак лара лыҩны ахыб ишынеибакәыз ааха ӷәӷәа шанаҭаз.

«Маи 10 азы аԥшаӷәӷәа ҵысит. Аҩны ҳаҟан, даара ҳшәеит. Ианааиқәтәа агәарԥ ахь ҳҭыҵит, ара икажьын аԥша ихнашәаз ахыб ахәҭақәа», – лҳәеит лара. Ольга иазгәалҭеит адырҩаҽныҵәҟьа аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы аусурақәа ишрылагаз. Ахыб рыԥсахит, абри азы ҭабуп ҳәа шралҳәо анапхгареи аргылаҩцәеи.

«Иҭабуп ҳзықәшәаз арыцҳараҿы ҳхала ҳахьаанырмыжьыз», – лҳәеит лара.

Иааидкыланы Гәдоуҭа араион аҟны ааха роуит аобиектқәа 28, убрахь иналаҵаны анхарҭа ҩнқәа 27, Мгәыӡырхәа ақыҭан абжьаратә школ.

Акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Ахада иеиҳәеит араион аҟны арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа зегьы ахыркәшара ишазааигәахо.Аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы ихарџьуп 16, 5 миллион мааҭ. Заанаҵтәи ахәшьарақәа рыла, аԥхасҭа зауз ахыбқәа рзеиԥш мҽхакы иартәоит 3, 5 нызқь метр ԥшьыркца.

Лыхны ақыҭан иаартхоит ахы иақәиҭны аиқәԥаразы азал ҿыц. Бадра Гәынба акапиталтә ргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамсаниа адҵа ииҭеит Гәдоуҭа араион ахь абыржәтәи иныҟәара аан. Аспортзал ҟаҵахоит ақыҭа ахадара азалқәа руак аҟны.

Ахы иақәиҭны аиқәԥаразы Аԥсны зҽаԥсазтәыз азыҟаҵаҩ Нарчоу Лазба даара деигәырӷьоит ақыҭа аҟны абри аҩыза аспортзал ахьыҟало. «Сентиабр 1 азы иазгәаҭоуп Лыхнашҭа ахы иақәиҭны аиқәԥара аганахьала рҽахьазыҟарҵаша азал аартра. Аусурақәа ҳрылагахьеит. 100-ҩык раҟара ахәыҷқәа азал ахь аныҟәара рылшоит», – иҳәеит иара.

Аҳәынҭқарра Ахада иара убас рнапы ианиҵеит абри ахыбра ахаҿреи афоиеи ирыгу-ирыбзоу ҟарҵарц. Бадра Гәынба иаҵишьит арҽеира-еиҭашьақәыргыларатә усурақәа анынарыгӡауа ҳасаб шазутәу ари ахыбра атәыла аҭоурых-культуратә ҭынха аобиектқәа рахь ишаҵанакуа, убри аҟнытә ишеиқәырхатәу уи архитектуратә ҷыдарақәа.

Ахада иара убас дахәаԥшит уаанӡа аҭыԥантәи ачаи фабрика иатәыз ԥасатәи ахәыҷбаҳчақәа рхыбра. Уажәы урҭ рҭагылазаашьа даара ибааԥсуп. Гәынба акапиталтә ргылара усбарҭа аиҳабы инапы ианиҵеит урҭ рҭагылазаашьа ҭиҵаарц, Лыхны ақыҭан ахәыҷбаҳча ҿыц аадыртырц.

Бадра Гәынба дыҟан Лыхны ақыҭан ахшара рацәа зааӡо Чеботариоваа рыҩнаҭаҿы. Маи 10  аҽны рыҩны ахыб ахнашәеит, аха анапхгара уи еиҭашьақәдыргылеит. Гәынба акапиталтә ргылара аиҳабы инапы ианиҵеит аҩны иагу-иабзоу ҟарҵарц, афымцацәаҳәақәа рыԥсахырц. «Аҩнаҭаҿы ԥшьҩык ахәыҷқәа ыҟоуп. Машәырк ҟамлартә еиԥш аусқәа еиҿкаатәуп», – иазгәеиҭеит иара.

Иара убас араион аиҳабы Валери Аҩӡба иабжьигеит анападкылаҩцәа адыԥхьаланы, аҩнымаҭәеи абзазаратә ҭехникеи раахәара аганахьала ахшарарацәа змоу аҭаацәа дрыцхраарц.  

Даҽа проблемакгьы ыҟоуп Лыхны – ақыҭа уахьналало ҭыԥк аҟны адгьыл ҳәазоит. Демир Гамсаниа иажәақәа рыла, араҟа аӡы мҩахгатәуп, амҩа акаҭран ықәҵатәуп, уи мызкы аҟара аҭаххоит.

Шықәсыки бжаки раахыс Гәдоуҭатәи араионтә хәышәтәырҭа хада аҟны акомпиутертә томограф аус ауӡом, аха уи еиҭашьақәыргылахоит. Ари атәы иҳәеит Бадра Гәынба ахәышәтәырҭа данаҭаа. Иԥсахтәуп арентгентә трубка. Иаҭаххоит 11 миллион инаркны 14 миллион аҟынӡа. Аҳәынҭқарра Ахада иақәиргәыӷит ԥарала ишеиқәыршәахо. Иааиуа амчыбжь азы зыхә ҳараку амедицинатә шьақәгыла аахәаразы аиқәшаҳаҭра анапы аҵаҩхоит.

«Ари даара зыхә ҳараку шьақәгыланы ишыҟоугьы, ҳтәылауаа ргәабзиара аганахьала акымзарак ҳаигӡом», – иҳәеит Гәынба. Иара убас уи иазгәеиҭеит ачымазара ҿкы – коронавирус аныҟаз Гәдоуҭатәи ахәышәтәырҭа акырӡа зҵазкуа аҭыԥ шааннакылаз.

Акьыԥхь иазирхиеит Б Қаџьаиа