Аҧхьатәиқәа уи ихьӡ ақьиареи аиашареи иадырҳәалозҭгьы, егьырҭ ацәымшәар ауамызт хьаҵра зқәымыз иӡбамҭақәа. Ус егьыҟалеит, Аҧсны ампыҵахалара гәҭакыс иманы аҕа данақәла… Аҭоурыхтә ҵабырг иазхьаҧшызҭгьы иргәалашәарын Аҧсны ахаангьы аӡәы иҿаҧхьа ашьамхнышгылара аҟазшьа ишаламыз. Насгьы урҭ зазымхәыцит аибашьра аламҭалазы, усҟан Кавказ аҭагылазаашьа. Нхыҵ-Кавказынтәи Нарҭаа рхылҵшьҭрақәа азхиан рашьцәа рыцхраара.
Ҳара, Нхыҵ-Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа рыла ишьақәгылаз агәыҧ ду иалаз шьхала мацара ҳаауан агәҭынчымра ҳаманы, Аҧсны иаҿагылаз ҳанбарықәшәари ҳәа ҳаҧшын. Арыцҳара ду иҟалаз амҽхак аилкааразы Владислав Арӡынба иҟны ҳнеит, уи азхеит. Уи иблақәа ирхаҳбаалон зегьы: иҭахаз рызхьаара, ижәлар рыхӡыӡаара, аха убри аамҭазы хьаҵра ақәымкәа аҵыхәтәанынӡа ақәҧара дазхиан… Аибашьра цонаҵы уи ҳара дҳацын, Гагратәи ахырҕәҕәарҭаҿгьы, Гәымсҭатәи афронт аҟынгьы. Ажәыларақәа раан уи изхәыцра амч ҳаланаҵон, ихҧша ҳацын.
Еиҭаҳәашьа амам Владислав Григори-иҧа шаҟа дазгәдуны далацәажәоз Аҧсадгьыл ахьчаҩцәа иаадырҧшуаз афырхаҵара…
Иҧшьоу аиааира даара хәзмоу акоуп, избанзар уи алыршахеит аруаҩ изанааҭ змаз икомандаҟаҵарала акәымкәа, аҵарауаҩ, ажәытәи, аҿатәи, ҳаҧхьаҟатәи ҳҧеиҧши реиҧшьра зылшоз ауаҩ ила…
Аҧсуа жәлар рашьцәа зегьы ҳаигәырҕьоит урҭ иахьа зхы иақәиҭу ртәылаҿы иахьынхо иахьынҵуа. Ихадоу, абарҭқәа зегьы рыла зҿаҧхьа ауалҧшьа ҳаду ихамшҭроуп…
Муҳамед КЬЫЛБА,
Аҧсны Афырхаҵа