Print this page

Баграт Шьынқәба иаԥхьарақәа

Лаҵара 16, 2025 123

 

Аԥсны жәлар рпоет – 108 ш.

Аԥсуа бызшәа цқьала, ахьхьа-хьхьаҳәа еихышәшәо иаԥҵоу зырҿиамҭа ссирқәа рыла ҳаԥсуа доуҳатә культура, литература аҩаӡара ҳаразкыз Аԥсны жәлар рпоет, ашәҟәыҩҩы, аҵарауаҩ-лингвист, аиҭагаҩ, афольклорист, афилологиатә ҭҵаарадыраақәа ркандидат, Аԥсны аҭҵаарадыррақәа Ракадемиа академик, Ҟабарда-Балкариатәылеи Адыгатәылеи жәларқәа рышәҟәыҩҩ, Асоциалисттә Џьа Афырхаҵа, Д.И.Гәлиа ихьӡ зху Аҳәынҭқарратә премиеи «Ахьӡ-Аԥша» аорден актәи аҩаӡареи  занашьоу, СССР-и Аԥсны рышәҟәыҩҩцәа Реидгылақәеи Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгылеи ирылаз,ауаажәларратәи аҳәынҭқарратәи усзуҩы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба диижьҭеи 108 шықәса аҵра инамаданы, уи иирамшы маи 12 аҽны, анышә дахьамадоу аҭыԥахь, ибаҟа амҵан ашәҭқәа шьҭарҵарц имҩахыҵит есышықәсеиԥш уажәгьы.

Уахь имҩахыҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Иусбарҭа аиҳабы Беслан Ешба, Аԥсны Жәлар Реизара аиҳабы Лаша Ашәба,Аԥыза-министр Владимир Делба, Аԥсны акультура аминистр Даур Ақаҩба уҳәа аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа аӡәырҩы ашәҟәыҩҩцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа убас егьырҭгьы.

Ашәҭқәа рышьҭаҵара ашьҭахь, Аԥсны ашәҟыҩҩца Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг Аԥҳазоу Б.Шьынқәба диижьҭеи  108 ш. аҵра иазкыз аусмҩаԥгатә аартуа Аԥсны жәлар рпоет  дызгәалазыршәарц имҩахыҵыз Аԥсны  анапхгара, аԥсуа интеллигенциа рхаҭарнакцәа, арҵаҩцәа, ашколхәыҷқәа зегь иҭабуп ҳәа реиҳәеит. «Аԥсуа доуҳатә культура  зырҿиамҭа ссирқәа рыла изырбеиаз Б.Шьынқәба есышықәса имшира маи 12 аҽны, уи игәалашәара ахьӡала хаҭала, «Баграт Шьынқәба иаԥхьарақәа рыԥхьарала  еиҿкаау аконкурс амҩаԥгара традициан иаԥҵахеит. Аԥхьаҟагьы иаԥҵахоит Б.Шьынқәба ихьӡ анаунагӡатәразы аусмҩаԥгатәқәа» – иҳәеит, уи аганахьала Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аусзуҩцәа ирылшо зегь шыҟарҵо азгәаҭо.

Баграт Шьынқәба ихаҭареи ирҿиареи  дырзааҭгыло, уи «Аԥсуа Пушкин» – ҳәа ишишьҭаз азгәеиҭеит, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Расоциациа ахантәаҩы, апоет, апублицист Владимир Занҭариа.

Апоет Анатоли Лагәлаа дрыԥхьеит Б.Шьынқәба иажәеинраалақәа. Аусмҩаԥгатә иацҵо ашколхәыҷқәа Аԥсны жәлар рпоет иажәеинраала лыԥшаахқәа ианрыԥхьа ашьҭахь, уи игәаларшәараз имҩахыҵыз зегьы аҭынхацәа рыхьӡала иҭабуп ҳәа рарҳәеит Б.Шьынқәба имаҭа Аԥсны Афырхаҵа Леуан Миқааи Аԥсны Афырхаҵа Апаллон Шьынқәбеи.

Анаҩс, ашәҟәыҩҩ  хатәра игәаларшәара иазкыз «Баграт Шьынқәба иаԥхьарақәа» захьӡыз аконкурс мҩаԥган И.Папасқьыр ихьӡ зху  Амилаҭтә библиотека аҟны.

Ахәылԥаз аҿы Амилаҭтә библиотека аиҳабы Борис Ҷолариа  уахь имҩахыҵыз «бзиала шәаабеит» –ҳәа раҳәо ианааирт ашьҭахь, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла ахантәаҩы Вахтанг  Аԥҳазоу иқәгылараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит иналукааша апоет, ашәҟәыҩҩы, ауаажәларатәи аҳәынҭқарратәи усзуҩ Б. Шьынқәба имшира аҽны итрадицианы ипоезиа азааҭгылара, азхьаԥшра иазкны имҩаԥааго, уи ипоезиа иамшны  мацара акәымкәан Аԥсуа бызшәа иамшны иушьартә ишыҟоу.

Ахәылԥаз аҟны минуҭктәи аҿымҭрала дыргәаладыршәеит мышқәак раԥхьа зыԥсҭазаара иалҵыз Аԥсны жәлар рышәҟәыҩҩы Алықьса Гогәуа.

Анаҩс, ажәеинраалақәа рыԥхьара хациркит апоет Дмитри Габалиа. Уи дрыԥхьеит, зегь бзиа  еицаабо, ҿырҳәалагьы шамахамзар, зегьы ирдыруа Б.Шьынқәба иажәеинраала «Ажәа», иара убас «Амҳаџьыраа ргарашәа» – аурысшәала  еиҭаганы.

Апоет  Гәында Кәыҵниа-ԥҳа ажәеинрааа аԥхьарахь диасаанӡа лықәгылараҿы ажәалагала ҟалҵеит Адунеизегьтәи апоезиа амш шыҟоу  еиԥш, хаҭала, Баграт Шынқәба имшира маи 12 арыцхә – Аԥсуа поезиа иамшны ишьақәырӷәӷәахарц азы, иара  убас,  Б.Шьынқәба ихьӡ зху апремиа аԥҵахарц. Анаҩс, уи даԥхьеит Б.Шьынқәба илирикатә жәеинраала.

«Б.Шьынқәба  дызмоу ажәлар ԥсра рықәӡам. Уи ибызшәа аԥшӡара, аҳаракыра, аҵаулара ҳмырӡааит» – лҳәеит апоет Гәында Сақаниа-ԥҳа.

Апоет Заира Ҭҳаиҵыкә-ԥҳа лықәгылараҿы, дазааҭгылеит хаҭала, Б.Шьынқәба ихаҭара, уи иуаҩра иадҳәалаз лгәалашәарақәа еиҭалҳәеит гәадурала.

Ахәылԥаз аҿы, Б. Шьынқәба ирҿиамҭақәа рыԥхьара инаҷыдангьы аҭыԥ рыман ажәа ԥхақәеи, ажәа ҟәандақәеи. Б.Шьынқәҿба иԥсҭазаареи ирҿиаратә мҩеи инарҭбааны ирзааҭгылан.

Апоетцәа: Вл.Занҭариа, Гә.Сақаниа-ԥҳа, А.Лагәлаа, В.Аԥҳазоу ирымдан ажәеинраалақәа ирыԥхьеит Аԥснытәи  аҳәынҭқарратә университет астудентцәеи  Аҟәатәи актәии аԥшьбатәии рыбжьаратә школқәа рҵаҩцәа.

Аиашазы, ахәылԥаз мҩаԥысит алахҿыхра ацны. Уи ахыркәшамҭаз, аконкурс иалахәыз зегьы ирыҭан агәаларшәагатә ҳамҭақәа.

Алиса Гәажә-ԥҳа