Анцәагьы ауаагьы саҭарымҵааит абри еиԥш аиҿырԥшра ахьызгәаӷьуа, аха Иаса Қьырса дзыԥсахра дҟалара аиҳа, аԥсуаа Рҵеи Ду иҭыԥан ҽаӡәы дҟалар ауан ҳәа ицәыҵарҳәо схаҿы исзаагаӡом. «Саашәыкәыхшоуп!» — ҳәа иара иҟынтә лассы-лассы иҳаҳалоз ажәа, Анцәа аханатә ииҳәаз, нас Инцәахаз Ажәа амчхара аман, ҳҭоурыхи, иахьатәи ҳамши, ҳԥеиԥши зҿаԥхьа аамҭа мчыдоу реиларҭәа ссир иаҟәырҷахан. Уи агәра згаз ирылымшашаз рылнаршон, рхы иақәгәыӷуа иҟанаҵон.
Азқьышықәсақәа ирылсны даҽа зқьышықәсак аҟәара зҽадызхалоз уамеиқәаҵәа зхызгахьаз ажәлар, рыԥрақәа алыхәҭеиԥш ирӷӷаны илахжәаз амызгәыҭқәа ирыхшьны даҽа зқьышықәсак аҟәара аҟынӡа изынаӡозма уи ауаҩ иакәымзар? «Соуп» ҳәа ихәыцуаз шмаҷҩымызгьы, Анцәа Ду дырзылыԥхан, ажәлар игәра ганы рлахьынҵа знапы ианырҵашаз рҵеи дыдирбеит. Аԥсҭазаара – уаҵәхарц, Аԥсадгьыл – иацымхарц, Иацы, Иахьа, Уаҵәы кәаԥкаҿ еихьымӡарц, жәҩантәыла ахсаала ажәытәӡатәи ахаҳәеиқәҵара (Ешыратәи акромлех) ааигәа диит, изҳаит Владислав Арӡынба. Иаамҭа анааи ижәлар рлахьынҵа хәыҷи-дуи ҳәа еилызхуа адгьыл ԥҟаррақәа ракәымкәа, Ҳазшаз иҿаԥхьа зегьы еиҟаразтәуа жәҩантә ԥҟаррақәа рыла еиҿикаарц иӡбеит. Уи идыруан, ҳаӷеиҭа, зны амшын ду ҭабозар, аҵыхәтәанӡа ацәыкәбар шынхоз. Ауаҩы дуаҩызар дызлоу иуаажәлар рхыԥхьаӡара акәӡам иԥеиԥш зхьыԥшызааша, Ҳазшаз иҿаԥхьа зегьы еиҟароуп ҳәа изшьоз Владислав Аԥсны ахақәиҭра иԥсҭазаара ахҭниҵарц дыҟан.
Иџьасшьаӡом, уи изқәиклак иарбан усзаалак, абӷьыц ҿыц аҿы аҩра дахьаламгоз. Аҳәынҭқарра аиҿартәышьа аума, ибираҟума, игимнума шьаҭас, уасхырс, дац-ԥашәс ирымазар акәны иԥхьаӡон «Наунагӡа – Аԥсны!» еиҳау хәыцырҭа рымамзарц ижәлар. Алхрақәа ракәымкәа, жәлар ргәаҳәара иалҵшәаны Владислав Арӡынба илахьынҵахаз раԥхьагылара хаҭала ихьӡ-иԥша аҳаракра иахҭнимҵеит. Уи идыруан аханы атәара ихәҭоушәа ԥхьаӡаны уахь еихаз, аишәа аҵыхәангьы ҭыԥ изнымхар шауа, ухашәа хы мбо узхагыларц иақәукыз ажәлар рҳақ ушыланарҟуа, ушьҭыҵуазар урҭ урыцны, урывагылан ушьҭыҵуазарц шакәу.
«Шәаҟәыҵ, уара, уи инцәатәра, идунеи иԥсахит, иԥсы шәырҭынч» - ҳәа сазҳәаз, иаарӷьны: «Уи идунеи имԥсахӡеит, ижәлар ирзиӡбаз нагӡаны ибартә дзыҟамлеит азы иахьагьы уаҵәгьы дыбзаны ргәахәтәы иахьигӡарц ижәлар драԥхьагылазароуп!» - ҳәа иасҳәар акәхеит. Иаса Қьырса иԥсыбаҩ аџьар ианыхны ианырга иԥшаара иашьҭалаз «аԥсцәа рыгәҭа дзышәыԥшаауазеи, уи дыбзахеит, абзацәа рыгәҭоуп дахьыԥшаатәу» ҳәа шрарҳәаз игәаласыршәарц сҭаххеит уи аҵарауаҩ, аха сиҟәаҵит, игәаанагара иҿасмырхьит, дрыцҳасшьеит аҟароуп.
«Иирамш ыҟоуп, иԥсрамш ыҟам, адунеи дақәлахарц уи дшан» - ҳәа ацәаҳәа ззыскхьоу Владислав Арӡынба изқәаҭыԥ ахьыҟоу инеиуа ауаа рхыԥхьаӡара есышықәса иахьацло агәра унаргоит уи ԥсра шиқәым. Сара, ԥшьышықәса зхыҵуаз смаҭа хәыҷы: «Даду Арӡынба Аԥсны ахьыҟоу зехьынџьара дыҟоуп!» ҳәа Анцәа илирҳәаз ажәақәа рыла сыԥсы ҭоуп иахьагьы уаҵәгьы.
Геннади АЛАМИА,
апоет, ауаажәларратә усзуҩ