Print this page

Баграт Шьынқәба диижьҭеи 108 ш. ҵуеит

Лаҵара 12, 2025 50

Иахьа диижьҭеи 108 ш. ҵуеит Аԥсны Жәлар рпоет, Ҟабарда-Балкариеи Адыгеиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы Баграт Уасил-иԥа Шьынқәба.

Уи аҳаҭыраз ихьӡ зху ақалақьтә баҳчаҟны игылоу ибаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Аԥыза-министр Владимир Делба, Жәлар Реизара Аиҳабы Лаша Ашәба, атәыла Ахада Иусбарҭа анапхгаҩы Беслан Ешба, ҳреспублика арҿиаратәи аҭҵаарадырратәи уаажәларра рхаҭарнакцәа, абжьаратә школқәа рҵаҩцәа.