Print this page

Аишьцәа Гагәылиаа

Лаҵара 11, 2025 164

Германиа Асовет Еидгыла ианақәла аҽныҵәҟьа, Аԥсны аҵеицәа авоенкоматқәа рахь инеиуа иалагеит афронт ахь ирышьҭырцаз аҳәара ҟаҵо.

1941 шықәса ԥхынгәы 4 инаркны 19-нӡа 5 974 арзаҳал алаҵан. 16-17 шықәса зхыҵуаз арԥарцәа рықәра иацырҵон, афронт ахь ицарцаз.
Иаарту, ишьақәырӷәӷәоу адыррақәа рыла Аџьынџьтәылатәи еибашьрахьы Аԥснынтә ицеит 55 нызықьҩык инарыцны. Аԥсуаа еибашьуан – ажәҩан аҿы, амшын аҿы, адгьыл аҿы. Аибашьра аҟнытә ихнымҳәит 17 нызықьҩи бжаки.
Аха, ари ахыԥхьаӡара акырӡа еи­ҳауп зҳәо аҭо­урыхҭҵааҩцәагьы ыҟоуп. Избанзар, уи аамҭазы ирацәаҩын аԥсуаа харада ахара рыдҵаны иҭакыз, урҭ рхы ҿырхырцаз аибашьрахь ицон хатәгәаԥхарала. Ахараԥса здыз абаталионқәа ирхырыԥхьаӡалон. Уи иаанагоз, аибашьра рыԥсы ҭаны алҵшьа рымамызт ауп.
Ус иҟаз аҭаацәара иалҵыз роуп аишьцәа Александри Михаили Гагәылиаа. Урҭ раб, Давид Гагәылиа, Нестор Лакоба дизааигәан. Уи атәы лыҩуеит Екатерина Бебиа лышәҟәы «Инагоу ахьӡқәа» аҿы. Иҟоуп афотоҭыхымҭагьы, Нестор Лакобеи, Давид Гагәылиеи, Семен Гагәылиеи еидгыланы. Давид иҷкәын агәыбжьанытәи иареи ирӡын ашықәс еиқәаҵәақәа раан. Лыхны иахьынхоз иахцан иаанхаз егьырҭ Михаил ихәыҷқәагьы. Ран заа дрыԥхахьан аҟынтә урҭ ааӡара илгеит раб иаҳәшьа. Аҩнаҭа ашә аркын, ахара здыз аҭаацәара ҳәа ахьӡ рыхҵаны. Аибашьра ианалага, Давид иҷкәынцәа ҩыџьа, Александри Михаили рықәра аҵанакит. Ицеит афронт ахь. Урҭ хымз Баҭым иҟан. Аполитикатә репрессиа иаҵанакыз аҭаацәара аҟынтә иахьыҟаз, рыгәра ргомызт. Аха, аамҭақәак рнаҩс ишьҭын аибашьра ацәаҳәахьы.
Аишьцәа реибашьратә мҩа кьы­ԥхьуп «Ажәлар ргәалашәара» ҳәа хьӡыс измоу асаит аҿы. Гагәылиа Михаил Давид-иԥа ихьӡ ҳәоуп аԥшьбатәи аҳаиртә архәҭа арҟаԥшьыуаҩ ҳәа. Иара ианашьоуп ҩ-медалк. Аибашьра ианалага инаркны Михаил абаталион далан. Гәымшәак иаҳасабала ихы ааирԥшит. Илафҳәареи икәашареи рыла аруаа ргәалаҟазаара шьҭихуан. Ар ҟаԥшь ажәыларақәа анымҩаԥнагоз, уахи-ҽни аӷа ихы дацәымшәакәа адҵақәа наигӡон.
Михаил иашьеиҳаб Александр иакәзар, 739 ателеграфтә-аргыларатә рота далан 47 арратә хәҭаҿы, асержант еиҵбы, Аеҵәа ҟаԥшь аорденқәа ҩба ианашьоуп, иара убас, акыр амедалқәа.

Ихаҭара шьақәзыргыло ашә­ҟәаҿы иаҳәоит: Александр аи­башьра ра­ԥхьатәи амшқәа инаркны дҿырԥшыганы дшыҟаз, инапы ианыз адҵақәа зегьы шынаигӡоз. Еиҳарак иҽаликааит 1945 шықәсазы ианартәи ажәылараан.
Аишьцәа рҩыџьегьы Берлинынӡа инаӡеит, еибганы аибашьра иалҵит. Михаил аҩныҟа дхынҳәит 1946 шықәса рзы. Александр - ԥшьышықәса рнеиҩс, 1949 шықәса рзы. Александр иҭаацәа дҭахеит ҳәа акәын ишырдыруаз, ашәҟәы еиқәаҵәа рзаахьан.
Уи Лыхныҟа дшыхынҳәыз еи­ԥшҵәҟьа иџьынџь дахылеит, Давид Гагәылиа иҩнаҭаҿы иҿыцәаахьаз ахәышҭаара амца ҩаԥхьа еиқәылеит. Хара имгакәа аҭаацәара далалеит, динасыԥхеит Фениа Цыгәԥҳа. Урҭ ирхылҵит хә-ҩык ахәыҷқәа. Иара аколнхараҿы жәохә шықәса аус иуан, дбригадирын. Александргьы аҭаацәара далалеит. Иҵәҩаншьап мыӡит, ҩыџьа ахшара иааӡеит.
Арепрессиеи ҩ-еибашьраки зхы­згаз аҭаацәара иахьагьы Лыхны рџьынџь иахуп. Михаил иԥеиҳаб Заур аҭаацәара ду дахагылоуп. Абиԥарацыԥхьаӡа реибашьра рымоуп ҳәа, Заур аԥсуа жәлар рџьынџьтәылатә еибашьра даветерануп. 4-тәи Афон-Ешыратәи абаталион Гиви Смыр командирс дызмаз далан. «Саргьы аибашьра салагылан, аха дара ирыхҭыргази, ҳара иаҳхасызи узеидкылаӡом», - иҳәоит Заур. Михаил дызхысыз атәы аиҭаҳәара бзиа ибомызт рҳәоит аҭаацәарҿы.

Михаил иԥсҭазаараҿы ҩ-еибашьрак дырхаануп. Иҷкәын абџьар данаҵагыла, иҭаца ажәа лниҵеит, агәараҭа ашә шалмаркуа азы. Лара лабхәа дылгәаларшәо илҳәоит, даара дшыџьбараз, аха убри аан дышгәыбылҩыз. «Аҿаԥыц бзиа иҿан, акыраамҭа дцәажәон, аха зегьы ииҳәарызеишь ҳәа иажәа иазыӡырҩуан», - инацылҵоит Лариса Барцыц.
«Даара бзиа ҳаибон. Ибжьы шьҭыхны дҳацәажәаӡомызт, дсацәҳаны ҳәа ахаан исгәалашәаӡом. Саныхәыҷыз иҟәаҟәа сықәыртәаны сныҟәигон. Ашкол ахь днеиуан. Акласс анҭыҵтәи аурокқәа анҳамаз, ааԥхьара ирҭон аибашьра атема далацәажәарцаз. Иара абџьар бзиа ибаӡомызт, иаашәымхәан ҳәа ҳаиҳәалон. Игәалаҟазаара аныбзиаз аҭоурыхқәа сзеиҭаиҳәалон. Саргьы сҭаацәа рҭоурых аинтерес кны сазҵаауан», Михаил - дигәалаиршәоит иабду Дмитри.
Михаил иԥсҭазаара далҵит А­ԥсны жәлар рџьынџьтәылатәи аибашьра еилгарцаз хәыҷык шагыз, цәыббрамза 8, 1993 шықәса рзы. Александр иакәзар, идунеи иԥсахит 1989 шықәса рзы.
Аџьынџьтәылатәи еибашьра Ду аҿы ирацәоуп аԥсуаа рлагала. Ирацәоуп аҭоурыхқәа иаартым, зыӡбахә ҳәам. Аԥсны иалҵыз афронт аҿы иаадырԥшыз агәымшәаразы аӡәырҩы иазгәаҭоуп иреиҳаӡоу аҳамҭақәа рыла.
Аԥсуаа афронт аҿы адагьы, рлагала ыҟоуп атыл аҿы. Аибашьра цон Аԥсныгьы. Кавказ ахақәиҭтәра – аибашьра зегьы аҿы ихадаз аиааирақәа ируакын. Санчара, Марыхә, Клыхура ахыҵырҭақәа рыла анемец фашист иҽԥишәон Аԥсныҟа ааиразы, аха аӷа даанкылан. Анаҩс имҩаԥгаз ажәыларақәа ирыбзоураны Ԥсҳәы ҭарцәны, анемеццәа хьаҵыртә иҟаҵан.

Альбина Жьиба