Уаҟа икьыԥхьын аибашьҩы, Гәдоуҭа араион Калдахәара ақыҭан ииз, иааӡаз Мирод Кьаӷәса-иԥа Амԥар изкны ажурналист Б.Аџьынџьал ианҵамҭа.
Иара хабарда дыбжьаӡит ҳәа дыԥхьаӡан, аха Б.Аџьынџьал Ленинград даныҟаз, машәыршәа дрықәшәеит аԥшыхәҩы ицеибашьуаз – 67-тәи ахысратә дивизиа 719-тәи ахысратә полк аԥшыхәра напхгара азҭоз Николаи Семион-иԥа Карнопелови, иара убри адивизиа 3-тәи артиллериатә полк ахырманшәалаҩ, асҭаршына Анатоли Лев-иԥа Смирнови. Урҭ ражәабжьқәеи СССР атәылахьчара Аминистрра Архив хада адокументқәеи рыла, ажурналист Мирод Амԥар иеибашьратә фырхаҵаратә мҩа иазкны аповест иҩит. Абар, урҭ ирҳәоз.
– 67-тәи ахысратә дивизиа, – еиҭеиҳәон аветеран А.М.Смирнов, – еиҿкаан 1941 шықәсазы еилаԥыххааз архәҭақәа ирцәынхаз рыла. Адивизиа иалалеит 9-тәи, 452-тәи, 719-тәи ахысратә полкқәа, 2-тәи артиллериатә полк, аимадара абаталион уҳәа егьырҭгьы. Ҳара аӡиас Свир арӷьаратәи ахықә ҳахьчон, егьи аган аҿы– афашистцәа. Ахырӷәӷәарҭа ацәаҳәа ахы акуан еицырдыруа Лодеитәи адәы инаркны, Свир инаваҵаны Ладогатәи аӡиа аҟынӡа, Ленинград 30 километр иазааигәаны.
Ҳнапы ианыз афронт ахәҭа аҟынӡа иааӡон 451-тәи, 719-тәи, 9-тәи аполкқәа рыԥшыхәҩцәа рфырхаҵара аӡбахә. Абри араион аҟны (хышықәса иреиҵамкәа) урҭ рџьабаа даара ихьамҭан, есымша аԥсра абла иҭаԥшуан – аштаб есҽны иаиулар акәын аӷа, игәҭакқәа ртәы зҳәоз адырраҭарақәа, абри аҟнытә аԥшыхәцәа афронт ацәаҳәа иахысны, иааиԥмырҟьаӡакәа, ишәарҭаз аԥшыхәрақәа мҩаԥыргон. Арахь 400-500 метра иҭбааз аӡиас арсра рықәшәон. Ирԥылон иԥахыз адаҷ еикәарҳәқәа, аминақәа. Абарҭ зегьы иргәылсны «абз» ааргар акәын…
Усҟантәи аамҭазы артиллериатә полк аԥшыхәҩыс сыҟан. Ҳадҵа акакәын – аӷа дахьыҟаз, дахьтәаз, дахьцоз-дахьаауаз ҳалаԥш иҵшәар ҟалашьа амамызт. Свир дырыр, Ленинград ахьчара иаҳагьы ибааԥсхон.
– Афронт ҳазхылаԥшуаз ахәҭаҿы имаҷымызт аԥшыхәцәа гәымшәацәа. Убарҭ дыруаӡәкын зыхьӡ легендахаз 712-тәи аполк иатәыз Амԥар. Ихьӡ аибашьцәа ишырҿыҵакыз ирҿыҵакын. Даара дисҭахын убри ауаҩ дызбарц.
Зны, 1942 ш. ианвар азы акәу, февраль азы акәу сгәалашәом, саргьы сызлаз гәыԥҩык аибашьцәа ҳнеит афырхацәа-аԥшыхәцәа рнышәҩнахьы. Уа дыҟан иаргьы, аукы, еинаалак, ашьхарыуаҵәҟьа. Абыржәы акәын адҵа нагӡаны даныхынҳәыз, «абзқәа» ҩба ааигеит. Акомандаҟаҵаҩцәа аҳамҭа ду ианаршьеит, иарбану схашҭит акәымзар.
Уи аӡәгьы имч иқәхомызт. Деиҿамсын, ибаҩ ицәыласын, дхаҵаҵәҟьан, ихы инапаҿы иҟан. Иҩыза иеиқәырхаразы ихы деигӡомызт. Иеиҳабацәа инапы ианырҵоз ирласны, хьаҳәа-ԥаҳәада инаигӡон. Ҽнак зны, 7-тәи ар акомандаҟаҵаҩцәа иаалырҟьаны ирҭаххеит «абз». Акомандир Крутиков хаҭала днеит 719-тәи ахысратә полк аштаб ахь, иҳәеит баша «бзык» акәымкәа, аофицер дшырҭаху, насгьы аштаб датәызаршкәу.
Адҵа анагӡара инапы ианырҵеит Амԥар. Рацәак ҵуамызт даҽа дҵа хьанҭак нагӡаны дхынҳәижьҭеи, иԥсы ишьар акәын. Абри аԥҟара аԥшыхәраҿы аӡәгьы еилеигомызт. Аха Амԥар иаразнак дақәшаҳаҭхеит.
Аԥшыхәцәа машәыр рмыхьырц азы асапиорцәа аминақәа, даҷла еибаркыз ахкаарақәа рыцқьаны излацоз амҩа аадыртуан. Убарҭқәа рыдагьы, автоматла еибыҭаз агәыԥ ҷыда, «абз» азы ицоз агәыԥ, зеиԥшҟамло егьыҟам ҳәа, хара-хара рылаԥш рхын. Амԥар иакәзар, шамахамзар ихала дцон.
Ҩаха-ҩымш ҵит, аха дыҟам. Дҭахеит, мамзаргьы еиҳа еицәаз, аҕа димпыҵашәеит ҳәа агәаанагарақәагьы ацәырҵра иалагахьан.
Хаха-хымш ааҵуаны, ашамҭазы дхынҳәит ашьа ихьшы, ашәыта даганы, имаҭәа-иҩыҭәа ҧыжәжәаны. Диаҧцаны дааигеит дзықәшәаз цқьа зхахьы иззаамгацыз аштабтә офицер, ишьҭахьҟа инапқәа ҿаҳәаны.
Ашьҭахь Амҧар ихаҭа убри атәы еиҭеиҳәон. Иҟалаз убри акәзаап, афашистцәа дгәарҭеит. Амҩа кны итәаз игәы иҽанӡамкәа дырҿаҳаит. Ишьҭахьала автомат шьхәала ианис, ихдырра ицәыӡит. Аштаб ахь дыргарацы ҩыџьа адҵа нарыҭаны анемец офицер џьара дцеит. Дырҳәазаны игара ишаҿыз, аҧшыхәҩы ихдырра ааит. Али-ҧси рыбжьара дзықәшәаз еилкааны, аӡәгьы имырбакәа, имагә иавҵаз аҳәызба ҭҧааны, дызгоз аҩыџьагьы ахәитәит. Нас абна иҽеиҭеит. Убри аамҭазы афашистцәа рҭыҩраҿы еилагьежьрахеит. Ари ахьыҟалаз аҭыҧ зегьы хәыц-хәыц еимырдеит, аха Амҧар дырзымҧшааит.
Ианааиқәтәа аҧшыхәҩы абна дылҵит. Абџьар иҭахын. Илаҧш дыҵашәеит имҩасны ицоз ашкәакәа-финцәа иреиуаз, абџьарла еиқәных иҟаз аофицерк. Амҧар иҧсы ӡаны, уи адгьыл днаҟареитәит уаҳа ихы дзымҩахо, иавтомат ихыхны, аӡәгьы ихы имырбакәа аштаб ахь дкылсит. Арахь ҩаха-ҩымш ачаҕьа иҿахьы инеимгацызт, зны-зынлагьы иқәлашьцон.
Ишарккон, аштаб аҩнуҵҟа лашан, аха уахьынтә аӡәгьы ддәылҵуамызт. Аҵыхәтәаны аофицерк даацәырҵит. Данизааигәаха, Амҧар хьшьыцбаҵас дижәлеит, адгьылгьы изқәа наирбеит. Анемец дҿаҳәаны, кьынтыжәқәак иҿы инҭаџьгәаны ижәҩахыр днықәыжьны, аӡиас ахь ихы ирхеит. Ахықә аҟынӡа даннеи, «абз» қдык инадҳәаланы, иҵааршәха иҟаз аӡы дырны иара итәқәа рахь дкылсит.
Ари аныҟалаз 1944 ш. алагамҭазы ауп. Даҽа дҵак нагӡауа, аҕа итыл рҽагәылахаланы, еицыз агәыҧ рыҧсы ршьарц азы инатәеит. Убри аамҭаз иаацәырҵит х-ҩык афашистцәа. Амҧар иреиҳәеит ҩыџьа раҩрыжьырц, ахҧатәи автомат зкыз дырҳәынҷарц. Аха алеитенант Гнедиков аҧсраҩынҵәара имуит, ари аоперациа напхгара азҭо сара соуп ҳәа аӡәы дизымӡырҩит. Автоматла ҩыџьа лаишьҭит, аха иаанхаз ахҧатәи дахьӡеит дара ртәқәа адырра рызҭашаз аракета аушьҭра. Ари ҟалеит аӡиас ахықә ҩышәҟа метра инацәыхараны. Афашистцәа ари адгьыл ҽыҭ минала идрыҧхит.
Аҕа иҳақәҿиеит ҳәа иҧхьаӡаны, ажәыларахь деихеит. Агәыр каршәзар иубаратәы ракетала идырлашеит, ҳабла ишабоз аҧшыхәцәа ирыкәшо иалагеит. Урҭ ржәылара маҷк еиқәдыртәеит, аха ҳартиллеристцәа еилыркаауан аҧшыхәҩцәа рымч шақәымхоз. Амҧар ҕәҕәала дырхәит, дхәын Гнедиковгьы. Амҧар аҧшыхәцәа ирыдиҵеит Гнедиков дрыманы ихьаҵырц, иара ихаҭа ишихьчауа, ахымца ихашҟа иганы.
Аҧшыхәцәа ирҭахын ихәра ҿаҳәаны дыргарц. Аха иара имуит.
– Слахьынҵа абра иӡбахоит. Шәхьаҵ, сара шәсыхьчоит.
Аҧшыхәцәа маҷк инаскьахьан еиҧш, агран ата атҟәацыбжь раҳаит. Иҧсы шҭоу дыркырцаз афашистцәа аникәша, гранатала иҽҧижәеит. Убри аҽны иҭахеит иҩызцәа гәакьацәа Дима Василиев, Жениа Захаров.
Афронт анаҩс, звольт ҳаракыз афымцацәаҳәа ииасуан. Урҭ зхьынҳалаз агәашьақәа руак аҟны дыкнарҳаит ҳаргьы даабартә еиҧш. Радиола игәырҕьаҵәа ирҳәон ҳфырхаҵа иҭархара шрылшаз.
Изларылшазеи афашистцәа Амҧар иҭаҧшыхәра. Иҟаларын дырдыруазҭгьы. Изааӡарызеи, иҟан ачарҳәаҩцәа, Аҧсадгьыл чарҳәара азуны аҕа ишҟа ииасуазгьы.
Адивизиа зегь азы ари цәыӡ дуун. Амҧар иҧсы ҭаны аҧшыхәцәа данҳалагылаз, ҳашҟа ииасуан уи ихымшаҭара, игәаҕьра, ихаҵара.
Иҟалаз зегь раасҭа ихьааигон аполковник Мешков. Иӡбеит иага иуадаҩхаргьы, Амҧар иҧсыбаҩ аҕацәа рнапаҿы иаанимыжьырц. Адивизиаҿтәи аҧшыхәцәа гәыҧҩык уи нарыгӡеит.
Амҧар анышә даҳҭеит 719-тәи аполк ахьгылаз, аиашьаратә нышәынҭраҿы ар рҵасала ҳаҭыр-пату иқәҵаны.
Ҳполк аҟны – асолдаҭ инаиркны акомандир иҟынӡа – Амҧар ҳаҭыр иқәырҵон, ҧшыхәҩык иеиҧш, уаҩык иеиҧш дзыҧсаз рдыруан.
Исыздыруам, аибашьра ҟалаанӡа ҧҳәызбак бзиа дибозу-димбозу, аха афронт аҿы бзиа дибон ҧҳәызбак, аригь маӡала. Абар Елена Никонор-иҧҳа Никитина-Фомина лышәҟәы:
«Зны, ҧшыхәра ицаанӡа Володиа Макаров сара сҿы дааит, шәҟәыкгьы сышҟа инаирххеит. Ихтны саҧхьеит: Макаров инапҩымҭа, арахь исацәажәо Амҧар иоуп.
– Иаанагозеи ари? – сеикәашәаны сиазҵааит.
– Амҧар бзиа бшибо беиҳәарц иҭахын, – аҭак ҟаиҵеит Макаров.
– Мшәан, ари уара унапҩымҭа ауп?
– Ааи, изҩыз сара соуп, избанзар Амҧар ицәыуадаҩуп урысшәала аҩра, дсыҳәеит изызҩырц, ажәақәа зегьы зтәу иара иоуп.
– Иоумҳәаӡеи уареи сареи ҳаизыҟазаашьақәа ртәы. Изакәи еилауҟәаҟәо? – снаигәыдлеит.
– Еилкаа Лена, – сырҭынчра дналагеит иара.
– Абыржәы егьи ахықәахь амҩа ҳақәлоит адҵа ҕәҕәа ҳаманы. Исҭахымхеит игәы исырхьырц. Блатәаны аҭак изҩы, аха игәыбамыскәа. Ҳаибганы ҳхынҳәыр ак ҳаӡбап.
Аҧхьа сшәаҟьеит, Макаров исеиҳәаз цқьа саназхәыц, ашәҟәы изызҩит гәыкала сшизыҟоу ала, дызқәло амҩаҿы аманшәалара изеиҕьасшьеит. Иаҵазҩит: – «Уаҳәшьа хәыҷы» ҳәа, избанзар аӡҕабцәа «саҳәшьцәа хәыҷқәа» ҳәа дрышьҭан. Сеиликаап ҳәа сақәгәыҕуан.
Усҟан ихынҳәит, кьыс рымамкәа адҵа нагӡаны. Убри ашьҭахь Амҧар иҟнытә Макаров ашәҟәқәа анысзааигалоз аҭак ишаҵазҩыц еиҧш иаҵасыҩуан.
Зны ҳаҧшыхәра аштаб аҟнытә адҵа ҳаманы ҳашцоз, ҳамҩа кны итәаз аҕацәа рыгәҭа ҳалашәеит. Иҧсыда-инхада ҳәа аидыслара ҕәҕәа ҳаман. Ҳкомандир Карнопелов ҕәҕәала дхәын, убраҵәҟьа дҭахеит Амҧар афронтаҿтәи иҩыза гәакьа Володиа Макаров…
Аибашьра аветеранк иаҳасабала сахьнеиуазаалак – апионерцәа рҿы аума, аџьатә коллектив рҿы аума, – аибашьра атәы аҿар ианырзеиҭасҳәо , Амҧари уи ицеибашьуази ргәалашәара аӡбахә мҳәакәа саҩымсыц.
Абасоуп сара Володиа Амҧар дшыздыруаз.
Аҳәара ду ҟасҵоит Амҧар иҭаацәа, иашьцәа, иаҳәшьцәа асалам цаҳәцаҳә сызрышәҭарц. Гәыҩбрак рмоуааит рашьа аҧсуа жәлар рҵеи Иҧсадгьыли ижәлари шимырҧхашьаз ала. Ирдыруазааит Аиааира Ду ихы шақәиҵаз Свир аӡнырцә ахықәан».
Мирод Амҧар 1943 шықәсазы ианашьан «Аеҵәа ҟаҧшь» аорден. Уи аҧхьа, 1942 ш. азы – «Агәымшәаразы» амедал.
Сара, абарҭ ацәаҳәақәа зыҩуа, аибашьра Ду аан иҭахаз, хабарда ибжьаӡыз Аҧсны аҵеицәа рыҧшаара сашьҭоуижьҭеи акрааҵуеит. Рыцҳарас иҟалаз, урҭ рацәаҩуп. Гәык-ҧсыкала ҭабуп ҳәа расҳәоит Б.Аџьынџьали 719-тәи ахысратә полк аветеран А.Л.Смирнови дара рыбзоурала иахьеилкаахаз Аҧсадгьыл апатриотцәа ируаӡәкыз, Аҧсны аҵеи Мирод Амҧар илахьынҵа
(А.Ҭариа ишәҟәы «Аҕа итыл аҟны ашьоуцәа» (урысшәала) аҟнытә).
Акьыԥхь
иазирхеит Б. Қаџьиа