Аџьынџьтәылатә еибашьра ахы инаркны аҵыхәтәанынӡа иагәылсыз, Берлинынӡа инеиз, зашьцәа х-ҩык аибашьраҿы хабарда ибжьаӡыз дреиуоуп Очамчыра араион Ԥақәашь ақыҭа иалҵыз Ҷыка Ԥачлиа.
Ԥақәашь ақыҭа анхацәа Зафас Ԥачлиеи уи иԥшәмаԥҳәыс Хьыфа Сабекиаԥҳаи ирааӡон ааҩык ахшара, хә-ҩык аԥацәеи, хҩык аԥҳацәеи. Унеишь-уааишь ҳәа зарҳәоз Зафас Ԥачлиа ихшаара аԥсыуак ишиқәнагоу еиԥш, иԥацәа агәымшәареи, аԥсуареи рылаҵаны иааӡеит. Аӡә еиҳа аӡә ҭеиҭыԥшла далукаауа иҟаз арԥарцәа рыҽырбара аамҭа иҭагылан Аибашьра Ду ианалага. Усҟантәи аамҭазы 33 шықәса ирҭагылаз, аишьцәа ргәыбжьанытә - Ҷыка Ԥачлиа аҭаацәара аԥиҵахьан, иман ҩыџьа ахшара– аԥеи аԥҳаи. Ԥақәашьтәи арԥыс аибашьра ихьӡеит Асовет Еидгыла архәҭақәа руак аҟны арра дшахысуаз. Араҟа иҳәатәуп усҟантәи аамҭазы игәҩанны арра шырхыргоз, уажәеиԥш ашкол ишаалгалак ирыԥхьомызт . Еибашьра иргеит Ҷыка иашьцәа хҩыкгьы- Аугьен, Алиоша, Џьгәыз. Зегь иреиҳабыз рашьа Самсон заҵәык даанхеит раб игәараҭаҿы, уи афронт ахь дрымгаӡеит иқәреи игәабзиареи ирыхҟьаны.
Аишьцәа аԥшьҩыкгьы анаҩстәи рлахьынҵа аҵыхәтәанынӡа иҭҵааӡам. Аугьени, Алиошеи, Џьгәызи хырхарҭак аҟны еицеибашьуан. Иҟоу адырраҭарақәа рыла Кьерч амцеилашыра зегьы иалсит, аха ирлахьынҵахаз, иахьҭахаз еилкааӡам иахьа уажәраанӡагьы. Урҭ ахҩыкгьы аибашьра аҟынтәи ихнымҳәӡеит, ибжьаӡит хабарда. Аԥшьбатәи рашьа Ҷыка иакәзар, ажәыларақәа зегьы дрылахәын. Ихылҵшьҭра ирымоу аинформациа маҷ хаҭәааӡам, еибашьратә мҩа цкьа еилкааӡам. Ирдыруала, далахәын 1943 шықәса рзы Курск аҭарцәра хықәкыс иҟаҵаны, Ар Ҟаԥшь ихацдыркыз, мызкы еиҳаны ицоз ажәылара, иара убасгьы 1944 шықәса анҵәамҭазы имҩаԥысуаз, «Багратион» ҳәа хьӡыс измаз Белоруссиа аҭарцәразы ҷыдалатәи аоперациа. Ҷыка Ԥачлиа иеибашьратә мҩа иалагӡаны акырынтә иоухьан ахәрақәа, игәабзиара цқьагьы ишьақәгылаанӡа иара ҩаԥхьа деиҭагьыжьуан афронт ахь. Аха, ари аоперациаҿы иоуз ахәра даара иӷәӷәан, насгьы зықьҩыла асолдаҭцәа аҭахара ианаҿыз аамҭазы, зегьы ирыхьӡаны ацхыраара рыҭашьа абаҟаз. Асанитарцәа аԥсцәа адәы ианықәыргоз, Ҷыкагьы азеиԥш ԥсыжырҭахь иргоз дрыларҵеит. Иҭахаз анышә ианарҭоз машәыршәаҵәҟьа игәарҭеит аԥсуа еибашьҩы иԥсахәага шҭаз. Иара ахәышәтәырҭахьы днаргеит, уаҟа аҳақьымцәа ирылшеит Ҷыка Ԥачлиа аԥсцәаҳа димпыҵкәкәааны аԥсҭазаарахьы иргьежьра. Игәабзиара ашьақәыргылара ус имариамхеит, агоспиталь аҿы акраамҭагьы даанхеит. Аха, ихәра шьааӷьаз деиҭагьежьит афронт ахь. Ҷыка Зафас-иԥа Ԥачлиа днаӡеит Берлинынӡа, уаҟа атҟәара дақәшәоит.
Уи аамҭазы, агәырҩа иафаз Хьыфа Сабекьиаԥҳа лԥацәа х-ҩык хабарда ишыбжьаӡыз атәы зҳәоз ашәҟәеиқәаҵәақәа рзаахьан. Дыбзагәырҩаны дрыман зыӡбахә рзымдыруаз агәыбжьанытә-Ҷыка. Дук хара имгакәа иаауеит даҽа лахьеиқәҵаратә шәҟыкгьы, уи иаҳәон Ҷыка иоуз ахәра иахҟьаны дышҭахаз. Аибашьра анеилга анаҩсгьы, аибашьра зегьы иахысыз, данҳәынҷаз аргәаҟрақәа зхызгаз аԥсуа солдат атҟәара дахьақәшәаз азы хьырхәрак аҳасаб ала Донбасс арацәаҵхра дышьҭын. Иара аҩныҟа даныгьежьыз 1948 шықәса рзы ауп.
Ҷыка Ԥачлиа аибашьра дыҟанаҵы ишьҭахьҟа, иҭаацәараҿы агәаҟра ду ҟалеит. Аҩны амца акын далаблит иԥа хәыҷы. Уи иахҟьаны Ҷыкеи иԥшәмаԥҳәыси еицынхартә уаҳа изыҟамлеит. Шықәсқәак рнаҩс иаԥиҵеит аҭаацәара. Иааигаз Вера Какәбааԥҳа деибан, лыԥшәма Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы хабарда дыбжьаӡит, илыман ԥшьҩык ахшаара. Ҷыкеи Вереи ирыхшеит хә-ҩык, ԥшьҩы аԥҳацәеи аԥеи. Иааидкыланы, аҭаацәараҿы ирызҳауан жәаҩык ахшаара. Аибашьра ду ашьҭахь, аҭынч ԥсҭазаараҿы зыуаажәлар акыр аџьабаа рзызбахьаз Ҷыка Ԥачлиа аныҳәаҩ ихы идиныҳәалартә-ихшази, имаҭацәеи рыла деиҵыҩҩы дшыҟаз иалагеит аԥсуа-қырҭуатә еибашьра. Уи аҟны дҭахеит ииааӡаз иԥа Сергеи Шәқьериа.
Ҷыка Ԥачлиа ақәра ду ниҵит, иԥсҭазаара далҵит шәышықәса данырзааигәаз. Есышықәса Аиааира амшныҳәазы аиҳабыра рҟынтә адныҳәаларатә шәҟәқәа изаауан. Ари ажәабжь афырхаҵа ихылҵшьҭра иахьа еизҳазыӷьаны иҟоуп. Ихшаара, имаҭацәа, урҭ ирыхшаз уҳәа рҵакыра даара иҭбаауп. Рабдуи уи иашьцәеи рфырхаҵара атәы рдыруеит, рҭаацәара иаҵагыло абиԥара ҿа ирзеиҭарҳәоит. Уи ахшыҩҵак шьақәырӷәӷәо саргьы ишәзеиҭасҳәоит уаанӡа зыӡбахә рымҳәацыз ԥшь-ҩык аибашьцәа рҭоурых.