Ари ақалақьаҿ имаҷҩымкәа аԥсуаа нхоит. Аха урҭ раӷьырак Сҭампыл, Адаԥазар, Ҳандеқь, Диузџье, Каисери, Сивас, Соргәын, Алаџьа, Чорум, Есқьишьеҳир, Инегиол, Бурса, Измит, Қьевқьен, Гебзе уҳәа рҟынтә инеиз роуп. Урҭ нхараҳәа Анталиаҟа изиасыз аусуразы ауп. Араҟа еиҳа иҭынчроуп, еиҳа иԥшӡароуп, аусура аԥшаарагьы еиҳа имариоуп ҳәа азырԥхьаӡоит.
Анталиа инхо аԥсуаа ркультуратә хеидкыла алахәылацәа 70-ҩык рҟынӡа инаӡоит. Урҭ акы анымҩаԥырго иаарыԥхьоит егьырҭ Кавказ еиуоу амилаҭ рхаҭарнакцәагьы. Дара еилых рымаӡам, хылҵшьҭрала еизааигәаӡоу жәларны рхы рыԥхьаӡоит. Аԥсуаа рхеилак хаз ҷыдала еиҿкаауижьҭеи хышықәса роуп иҵуа. Аха изыхьӡахьоу маҷӡам. Акультуратә хәышҭаара аусура зырхыџ-хыџуа роуп уи анапхгаҩы Шаамиль Махариа, ихаҭыҧуаҩ Қьерым Аанба, қәрала иреиҳабацәоу Сервет Ҭарба, ашәҟәыҩҩы Фатих (Аҭан) Тәанба, Аԥсны аибашьра иалахәыз Ирдуан Мыҭ уҳәа убас аӡәырҩы.
Иазгәаҭатәуп, Анталиа еицыз Аԥснытәи агәыԥ алахәылацәа: сара Екатерина Бебиа, сыԥшәма Заур Ҭырқьба, саҳәшьа Фатима Бебиа, саҳәшьаԥҳа Мактина Адлеиба ҳхатә харџьала ҳашцаз. Уахь ҳцара Қьерым Аанба. Уи Аԥсны дыҟан, ҳаибадырит. Иаҳбарҭахеит игәблышьа, аԥсуаразы ихәыцшьа. Иара иоуп иҳазҳәаз Анталиа аԥсуаа еидызкыло акультуратә хәышҭаара шыҟоу.
Еиуарас иҟоу – еибабароуп! Досу ҳахьгылоу аҭыԥаҿ иҳалшо амаҷ ҟаҳҵар, ҳдунеи ҭбаахоит, ҳдоуҳа ҵаулахоит, ҳаибабара иазҳауеит. Аимадара, аибабара – цҳауп ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа Аԥсны разааигәатәразы. Дара рыда ҳара ҳдунеи бжоуп. Ла иабо – хы иаԥсоуп! Абрҭқәа хықкыс иҟаҵаны ауп амҩа ҳзықәлаз Анталиаҟа.
Анталиа аҳаиртә баӷәазаҿы ҳара иаҳԥылеит Қьерым Аанбеи Шаамиль Махариеи. Урҭи ҳареи ҳаибабара акырӡа агәбылра ацын, игәышьҭыхган. Ҳааргеит асасааирҭа «ONNotel» аҟны, иагьҳарҳәеит ари аԥшәма адыг жәлар рхаҭарнак Мураҭ Аидын шиакәу. Асасааирҭа аномерқәа ҳзылхын ахә акыр ирмаҷны. Мураҭ Аидын Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет дҭан, аха далымгакәа Ҭырқәтәылаҟа ахынҳәра иқәшәеит. Даараӡа дпатриот дууп.
Анталиа ҳаҟанаҵ зегь раасҭа ҳгәаҿы инхаз уаҩуп Қьерым Аанба. Уи еиԥш Аԥсны азы згәы былуа иԥшаара уадаҩуп. Қьерым Аанба иабду иоуп Аԥсны иқәҵыз. Иара издырӡом иалкаан иарбан ҭыԥу Аԥсны иахьынхоз, иахьынтәықәҵыз. Амҳаџьырра аамҭазы Аанаа гәыԥҩык Ҭырқәтәылаҟа ицеит, гәԥҩык Нхыҵ-Кавказҟа. Иахьа Аԥсны Аанба зыжәлоу ҳәа уаҩ днымхеит. Черкесск дынхоит Али Аанба ҳәа аӡәы заҵәык. Уаҳа макьана уаҩ дырзымԥшаац. Қьерым иазиԥхьаӡоит Аанааи Маанааи еизаигәоу жәлоуп ҳәа, аха урҭ зынӡа еижәлантәқәоуп ҳәа ашьақәырӷәӷәара ицәыуадаҩуп. Аанаа ҭауад хылҵшьҭрақәоуп ҳәа иԥхьаӡоуп. Насгьы даара зхы ҳаракны избоз, иагьыџьбараз, алеишәа змаз, аиашара иашьҭаз, аԥсуара ныҟәызгоз, изыԥшныз, зоура-зыҭбаара ыҟаз жәлоуп ҳәа иалкаан. Урҭ аӡәы иҿаԥхьа зхы лазмырҟәуаз, зегьы рҟны иалкааз, зҳәатәы ылҵуаз, иаԥхьагылаҩцәаз ракәны рыӡбахә рҳәоит.
Амҳаџьырра ианцоз Қьерым иабду Иақәыԥ Аанба иҭаацәара шьақәгылан ԥшьҩы аишьцәеи ԥшьҩы аиҳәшьцәеи рыла. Нхарҭа ҭыԥс иахьалырхыз Диузџье, Ефҭениа ауп. Усҟан ари ақыҭаҿ нхарҭа ҭыԥс иалырхит Иақәыԥ ицны иааз иашьцәа, иаҳәшьцәа, иҭынхацәа, игәакьацәа. Иара иоуп досу ирызхашаз адгьылқәа рзызшаз. Уи нас Аанаа рқыҭа ҳәа иашьҭан. Аанаа даҽа шьоукгьы Каисери ақыҭахьгьы ицаз ыҟоуп. Даҽа џьоукы Белиаџьеқь, нас Есқьишьеҳир ақыҭахь ицеит. Усҟантәи аамҭазы Ҭырқәтәыла ицоз аибашьра аҟны иҭахеит Қьерым иабду Иақәыԥ иашьцәа ҩыџьа. Урҭ рызқәаҭыԥ ахьыҟоугьы еилкаам. Қьерым иабду иашьцәа руаӡәк Маҳҭы ихьӡын, иаҳәшьа Абидаҭ лыхьӡын. Ҭырқәтәала хьыӡҷыдас «Аԥсуа Иақәыԥ» ҳәа зарҳәоз Қьерым иабду Иақәыԥ заа иԥсҭазаара далҵит. Усҟан Қьерым иаб Иашьар дхәыҷын, иаб аарла дигәалашәон. Севгьи Ҳаруан-иԥҳа Қапба Диузџье ииз дреиуан. Иашьар Аанбеи Севгьи Қапбеи ирыхшеит иагьырааӡеит хәҩык ахшара, аишьцәа ԥшьҩык: Қьерым, Қьенан, Ҳаақан, Мевльуд, раҳәшьазаҵә Севда. Арҭ зегьы ашкол ахь ицаанӡа излацәажәоз аԥсуа бызшәа акәын, аҭырқәшәа зынӡаск ирыздыруамызт. Ашкол ахь ианца ауп аҭырқә бызшәа анырҵаз. Уи аамышьҭахьгьы, рхатәы бызшәа рхамышҭырцаз Қьерым иашьцәеи иаҳәшьцәеи дара-дара апсышәала еицәажәоит иахьа уажәраанӡагьы.
Анталиа ҳара хаҟанаҵ ҳаҭааит ақалақьаҿ инхо аԥсуаа ркультуратә хеидкыла. Араҟа аилатәараҿы иаартын Аԥсны аԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба изку абиуст. Уи авторс дамоуп Анталиа инхо аскульптор, адизаин Емер Ҭраԥшь. Аиԥылара аартуа акультуратә хеидкыла аиҳабы Шаамель Махариа иҳәеит ас еиԥш акультуратә центр Анталиа иаԥҵоижьҭеи хышықәса шҵыз, аԥхьатәи амш инаркны хықәкыс ишрымаз Владислав Арӡынба изку абиуст абра аргылара. Уи аартра амш аҽны Аԥснынтәи асасцәа ахьырҭоу агәахәара шырнаҭо. Абиуст аартраз ҳнаԥхьан абиуст автор Емер Ҭраԥшьи сареи. Уи сара сзы иҭакԥхықәра дуун. Уаҟа автор Емер Ҭраԥшь иҳәеит ари абаҟа аус адулара агәахәара ду шинаҭоз еиԥш игәы шарԥшаазгьы, Владислав Григори-иԥа Арӡынба заа идунеи ахьиԥсахыз иахҟьаны. Аскульптор Емер Ҭраԥшь иҳәеит ас еиԥш иҟоу абаҟақәа хыԥхьаӡара рацәала иҟаҵаны Аԥсныҟа ашьҭра хыкәкыс ишимоу, уи иара ихатә ҳамҭаны Аԥсны школцыԥхьаӡа иҟазаарц шиҭаху. Абиуст аартра ашьҭахь иқәгылеит ари акультуратә хәышҭаараҿы еиҿкаау аҿар рыкәашаратә ансамбль алахәылацәа. Аԥсуа культуратә хәышҭаараҿы аԥсуа бызшәа ашкол аартуп. Аԥсшәа длырҵоит Анталиа инхо ашәҟәыҩҩы Фатих (Атан) Тәанба иԥшәмаԥҳәыс, Апсны иааӡаз Емма Ҳагба.
Анталиа инхо аԥсуаа дрылкаан ихьӡ сҳәарц сҭахуп Фатих (Атан) Тәанба. Уи занааҭла декономиступ, аха уи инаваргылан дыҭҵааҩуп. Диит Дербент ду, Хикметие ақыҭаҿы. Аԥсны аибашьраан Ҭырқәтәылантәи Аԥсны иацхраауаз рхеилак далан. Аԥсны аибашьра ашьҭахь Аҟәа араион ахадара рҿы економистс аус иуан. Аамҭаказы Москва дынхон, уаҟа аус иуан. 2001 шықәса раахыс Анталиа инхоит иҭаацәеи иареи. Фатих Тәанбеи Емма Ҳагбеи ирааӡеит ҩыџьа ахшара. Фатих Тәанба аурыс бызшәа идыруеит. Инапы иҵыҵхьеит имаҷымкәа ашәҟәқәа. Убарҭ иреиуоуоуп «Ҭырқәтәылатәи аԥсуаа» захьӡу. Ашәҟәы Мирод Гәажәба игәалашәара иазкуп.
Анталиа инхо аԥсуаа қәрала иреиҳабу Сервет Ҭарба даараӡа Аԥсны азы игәы былуеит. Иашьа гәакьа Оскан Ҭарба Голландиа дынхоит, ирлас-ырлас Аԥсныҟа даауеит.
Иара убас араҟа инхо аԥсуаа рҟынтә Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра иалахәыз иреиуоуп Зџьан Чокәуа, Ирдуан Мыҭ икьаҿу. Ирдуан Мыҭ дырхәхьан, уажәгьы ихәрақәа иныруеит.
Иалкаан иазгәасҭарц сҭахуп Аиҭақьин Баӷба аспорт азҟаза шиаку. Ҳара Анталиа асасааирҭа ҳандәылҵны иаҳҭааз аԥсуаа аԥсшәа ахьраҳҳәоз дҳавсны дышцоз ҳцәажәашьҭыбжьы иаҳан, ҳшаԥсуааз еилкааны дхынҳәит. Аԥсшәа ҽеила издыруамызт, аха иидыруаз ахәыҷы ала ихы ҳирдырит. Уи нахыс Аиҭақьин Баӷба Анталиа ҳаҟанаҵ имҩаԥаҳгоз аиԥыларақәа рҟны днеиуан, дҳацын. Уи гәахәара дуун ҳара ҳзы. Ари ахҭысгьы ишьақәнарӷәӷәоит аԥсуа дахьыҟазаалак ибызшәа, имилаҭ рахь игәы шбылуа.
«Аԥсуаа ахьынхо атәым тәылақәа рҟны снеицыԥхьаӡа еиҳагьы мцаны исыцралоит ҳахьеицәыхароу, рыдгьыл иаҟәыган иахьынхо иацу ахьаа. Даргьы ҳагуп, ҳаргьы ҳрыгуп. Хаиҟәыгара ҳара ҳрыцҳара ауп. Аха ашьа ахала аҽадыруеит ҳәа, ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа ибзиаӡаны ирдыруеит Аԥсны рыдгьыл шакәу, ԥсадгьылда анхара шуадаҩу. Аиҭанеиааира даараӡа аҵакы дууп. Уи ршьа арҿыхоит, рдақәа ирҭахәмаруа иалагоит рбызшәа иацу ахаара...», – ҳәа азгәеиҭоит, Анталиа ҳаҟазааразы Заур Ҭырқьба.
«Арҭ, ауаа рыблақәа ҭырхаха иаҳахәаԥшуан иаҳҳәарызеи ҳәа. Аԥсны азы ргәы шыбылуа рхы-рҿы иқәабаауан. Ирҳәоз ажәақәа адунеи ахаан исхашҭуам. Аԥсшәа ибзиаӡаны изҳәо ыҟоуп. Иззымҳәогьы џьара ажәак ҳзеилкаандаз ҳәа ҳажәа иацклаԥшуан. Ҳбызшәа ҳзеиқәырхар, уи цҳас иаҳзыҟалон ҳаибабаразы, ҳаигәныҩразы. Абызшәа анаҳзеиқәмырха ҳаимаздо ҟалаӡом... Рыцҳарахоит, ҳаицәыӡуеит...», –лҳәеит лгәы хьаауа Фатима Бебиагьы.
Акыраамҭа ҳгәалашәараҿы иаанхоит Анталиа ҳаҟазаара, ҳагәбылра рыцзаауеит наӡаӡа уаҟа иаланхо ҳџьынџьхылҵшьҭрақәа.
Екатерина Бебиа,
апрофессор, ажурналист