Print this page

Анапхгарахь ашәқәа аартуп

Мшаҧы 15, 2025 144

Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра ашьҭахь Аԥсны аҳәынҭқарратә, ауаажәларратә, аполитикатә ԥсҭазаараҿы зеиԥш ҳамбац ахҭыс ҟалеит.

Лахьы иаԥшны ҳәа акәымкәа, аҿар дыррала, ҟыбаҩла, хшыҩҵаррала аԥышәара иахыжьны, аҳәынҭқарраҿы анапхгаратә ҭыԥқәа рахь амҩа рзаартра. Уи азы еиҿкаан аконкурс «Аԥсны акоманда», алҵшәақәа еихшьалан ааигәа

Еилкаахеит аконкурс «Аԥсны акоманда» аҟны аиааира згаз. Ари аконкурс мҩаԥган аԥеиԥш змоу анапхгаҩцәа раарԥшреи рыдгылареи рзы, атәылаҿы акадртә резерв аԥҵаразы. Урҭ 22-ҩык ыҟоуп. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба раԥхьа 4-ҩык Аԥсны аҭакԥхықәра зцу амаҵура ҭыԥқәа ишырхадыргыло атәы реиҳәеит. Иара убас, аконкурс иалахәыз дрықәныҳәеит, иаҵишьит аиааира еснагь аҭакԥхықәра ду шацу.

«Аԥсны иахьабалак – аҳәынҭсектор, амуниципалтә, ауаажәларратә усхкқәа, аекономика еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рҟны аиҭакра дуқәа рымҩа ианылеит. Аиҭакра дуқәа ракәзар, урҭ еснагь хадара рзыруеит абаҩхатәра злоу, зымч-зылша ӷәӷәоу, аԥшьгамҭа ҿыцқәа цәырызгауа ауаа, ауадаҩрақәа, аҭакԥхықәрақәа ирцәымшәауа. Иахьа урҭ шәара шәакәхеит. Издыруеит, шәара шәыҩнуҵҟа иҟоуп егьырҭ атәылақәа рҟынтәи аконкурс ахь иааз, избанзар ишәҭахуп шәыԥсадгьыл ахь ахынҳәра, уи бзиарак азыҟаҵара. Ари ашьаҿа ҳаҭыр ақәаҳҵоит, ҳашәзыԥшуп ауадаҩрақәа ирзыхиоу зегьы. Арҭ ахымшк шәара шәзы  имариаз ԥышәарамызт. Агәра згоит, урҭ шәара шәшеидыркылаз, «акоманда ацәаныррақәа» шдырҵысыз. Шәарҭ ҳтәылаҿы еиӷьу аиҭакрақәа зылшауа мчны шәыҟоуп. Аԥсны аизҳазыӷьаразы аҽеидкылара ҳазыхиоуп. Шәҿаԥхьа ишьҭоуп иҵегьы ахы аус адулара, ари ахьӡ – ҳамҭа мацаран акәымкәа, ҭакԥхықәра дууп. Агәра жәга, шәара шәахь адҵақәеи аҭахрақәеи иаҳагьы ишьҭыҵуеит. Агәра хасҵоит, аконкурс «Аԥсны акоманда» мчыс иамоу уи алшарақәа шракәу. Насгьы аиааира згаз рзы мацара акәымкәа, иахьа иреиӷьхаз рсиаҿы зхы зымбаз рзгьы. Еиҭасҳәоит, ҳтәыла шәаҭахуп, ҳаргьы иаҳҭахуп шәара шәидеиақәа, шәымч шәылша, шәзанааҭдырра. Иааҳалшо ҟаҳҵоит урҭ қәнагала ахархәара роурц азы».

Аиааира ргеит 22-ҩык, урҭ рахьтә 17-ҩык хацәоуп, 5-ҩык ҳәсоуп. Зегьы иреиҳауп 31-35 шықәса ирҭагылоу рыҩнуҵҟа аиааира згаз. Урҭ 9-ҩык ыҟоуп, 26-36 шықәса ирҭагылоу рахьтә – 5-ҩык, 36-40 ш – 3, 18-25, 41-45 шықәса зхыҵуа рахьтә – ҩыџьа-ҩыџьа, 46-50 шықәса – аӡәы. Урҭ аус руеит еиуеиԥшым ахырхарҭақәа рыла, аха иаҳарак аҳәынҭқарратә маҵзуреи аҿар рполитикеи рҟны.

Аконкурс анеихыршьалоз Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аиааира згази афиналистцәеи амаҵурақәа рыдигалеит:

«Сара даара гәахәара снаҭоит шәара шәдырра ахьынӡаҳараку. Шәарҭ шәахьтә дарбанзаалак аӡәы иламҩашьо адыррақәа шәымоуп – аиааира згаз рыҩнуҵҟа аиԥш, иара убас афиналистцәа шәганахьалагьы. Ӷәӷәалаҵәҟьа агәра згоит, аконкурс ишышьақәнаргылаз акадртә резерв ӷәӷәа. Урҭ рҿаԥхьа занааҭла, маҵурала ашьҭыҵразы ашәқәа зегьы аартхоит. Иахьа ҳҳәынҭқарра аҭоурых аҿы адаҟьа ҿыц ааҳартуеит. Исыӡбеит иахьанатә раԥхьатәи ашьаҿақәа еихаҳгарц. Аконкурс «Аԥсны акоманда» аихшьалақәа рыла, шәарҭ шәахьтә шьоукы ирыдаагалоит амаҵурақәа» – иҳәеит атәыла Ахада.

Убас, аиааира згаз Иаҭыр Ажьиба идгалоуп Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аппарат анапхгаҩ иҭыԥ, Аԥсырҭ Ҵәыџьба – афинансқәа Рминистрра аказна аусбарҭа анапхгаҩы иҭыԥ, Баҭал Мышәба – Аԥсны аенергетикеи атранспорти Рминистрра хадара азура, аконкурс анапхгаҩы Ҭарашь Ҳагба иакәзар, Аԥсны Аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ иҭыԥ аҟны аҿар рполитика напхгара азура.

Аԥсны Аҳәынҭқарраҿы Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ ҷыда Михаил Шургалин иазгәеиҭеит, абас еиԥш иҟоу аконкурсқәа лшәабзиала жәларбжьаратәи аусеицуразы, атәылақәа рбжьара аԥышәеимдаразы лшараны ишыҟоу.

«Аконкурс «Аԥсны акоманда» Аԥсны иаҭахижьҭеи акрааҵуан. Аҿар маҷҩымкәа гәахәарыла, сара иахьынӡаздыруала, уи аус рҽаладырхәит. Абас еиԥш аусмҩаԥгатәқәа иалдыршоит абаҩхатәра, амч-алшара, активра аазырԥшуа акадрқәа ралԥшаара. Аконкурс анымҩаԥысуаз уаҩы ибон дарбанзаалак имоу аԥышәа, ахала аусура илшоу-илымшоу. Иҟалап, аԥхьаҟа дара рхаҭақәагьы ирывагыланы аус зуа рҩызцәа қәыԥшцәа рзы иабжьгаҩцәангьы иҟалар», – иҳәеит Михаил Шургалин.

Аиаара згаз аҳамҭақәа ранашьараан, аконкурс иалахәыз рахь ихы нарханы ауаажәларратә проектқәа рзы Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Иусбарҭа Аиҳабы Сергеи Новиков иҳәеит.

«Ҩымзи бжаки рыҩнуҵҟала, Аԥсны анапхгара, аплатформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла», Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Владимир-иԥа Путин рыбзоурала Аԥсны иаҭан аконкурс амҩаԥгашьа аԥҟарақәа. Раԥхьаӡа иргыланы, аҿар ашәҟәқәа аларҵеит, аԥышәарақәа ирхысит, командакны рҽеидыркылеит, нас афинал ахь икылсит. Абригьы ишьақәнарӷәӷәоит Аԥсны алшарақәа иртәыланы ишыҟалауа. Афиналгьы – ари нҵәамҭам, ари лагамҭоуп. Мшәан, шәара шәтәыла амаҵура ишацышәҵац иацышәҵалоит, агәра згоит шәара шәыгәҭакқәа зегьы рынагӡара шшәылшауа», – иаҵишьит Сергеи Новиков.

Апрезиденттә платформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла» адиректор хада Андреи Бетин иаҵишьит аиааира згаз, афинал ахь инеиз зегьы аҵара ҷыда ишахысуа «Сенеж» аҟазаратә усбарҭаҿы.

«Апрограмма инақәыршәаны, уаҟа еиуеиԥшым аусхкқәа знапы рылаку анапхгаҩцәа рԥышәа рымардоит. Агәра згоит, ари апрограмма ишалнаршауа аԥышәа аизакра, иара убас Аԥсны ауааԥсыра рыбзазаразы иаҳагьы лҵшәа бзиала, хырҳарала аусура. Аконкурс ахыркәшарахь инеиз ироуз аԥхьахә хада – ари иагьдипломым, иагьҳамҭам, ари иӷәӷәоу, еилаҵәоу ауаажәларра ирыхәҭакны аҟалара алшара ауп», –  иазгәеиҭеит иара.

«Аԥсны акоманда» алҵшәақәа еихшьалан Аҟәа, апрель 11-13 рзы. Аконкурс иалахәыз еиуеиԥшым анапхгаратә хырхарҭақәа аус рыдырулон. Урҭ аздырхиеит аекспертцәа, рыхгьы бзианы иаадырԥшит.

Аконкурс аҟны аиааира ргеит

1.Ажьиба Иаҭыр Рауф-иԥа

2.Аршба Беслан Дмитри-иԥа

3.Аршба Константин Алеқсеи-иԥа

4.Ашәба Саид Борис-иԥа

5.Вартикиан Анжелика Оҭар-иԥҳа

6.Гогиа Едуард Оҭар-иԥа

7.Гогохиа Анана Кахабер-иԥҳа

8.Гәыниа Анна Иван-иԥҳа

9.Ӡиӡариа Ҳамида Адгәыр-иԥҳа

10.Кокосқьыр Георги Олег-иԥа

11.Маршьан Лаша Владимир-иԥа

12.Амқәаб Ҭеимураз Зураб-иԥа

13.Минасиан Роберт Рафаел-иԥа

14.Попов Виачеслав Владимир-иԥа

15.Сангәылиа Сергеи Станислв-иԥа

16.Ҭарба Нури Даур-иԥа

17.Ҳагба Демид Роман-иԥа

18.Хәытаба Инал Лаврент-иԥа

19.Ҵнариа Саид Беслан-иԥа

20.Цыбулевскаиа Маиа Васили-иԥҳа

21. Чапанӡе Георги Џьамбул-иԥа

22.Ебжьноу Саид Емиль-иԥа

«Аԥсны акоманда» аконкурс аԥшьигеит Аԥсны Ахада Бадра Гәынба. Уи шьаҭас иаиуит Урыстәылатәи аԥышәа, иара убас апрезиденттә платформа «Урыстәыла – алшарақәа ртәыла», «Урыстәыла аԥызаҩцәа» ҳәа анапхгаҩцәа рконкурс. Аиҿкааратә еилакы хадара азиуит аҿари аспорти русқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарратә еилакы ахантәаҩы Ҭарашь Ҳагба.

Арзаҳалқәа рыдыркылон февраль 12 инаркны март 21 азынӡа. Иааидкыланы иазыԥхьагәаҭан аконкурстә еицлабрақәа х-етапк. Иаларҵеит арзаҳалқәа 3 293.

Урҭ рхыԥхьаӡараҿы еиҳан аспециалистцәа қәыԥшцәа. Урыстәылатәи аган инхарҭәааны аметодологиатә, аконсультациатә цхыраара анаҭон. Ишаҳбаз аиԥш аҵыхәтәантәи аетап аҟны алахәылацәа рылшарақәа ахәшьара рырҭон аексперттә жиури. Дарбанзаалак алахәыла иоуит идыррақәа ирықәнагаз ахәшьара.

Аиааира згаз ирзыԥшуп атәыла аҳәынҭқарратә усбарҭақәеи аилахәыра дуқәеи рҟны аԥышәа арҳара, акырӡа зҵазкуа акакәхоит аҳәынҭнапхгареи аменеџьменти рганахьала иналукааша Урыстәылатәи аекспертцәа рԥышәа ахархәара.