Print this page

Афонд 15 шықәса ахыҵит

Мшаҧы 15, 2025 94

Сынтәа 1992-1993ш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рфонд иахыҵит 15 шықәса.

Уи шьақәырӷәӷәан Аԥсны аҩбатәи Ахада Сергеи Багаԥшь иаԥиҵаз аусԥҟала жьҭаарамза 29, 2010 шықәсазы. Ари арыцхә инамаданы, афонд ахантәаҩы, Леон иорден занашьоу Дмитри Ҭарбеи, уи ихаҭыԥуаҩ Леон иорден занашьоу Емзар Ашуеи, ихаҭыԥуаҩ Адица Цәышбеи амассатә информациа ахархәагақәа русзуҩцәа рзы еиҿыркааит апресс-конференциа.
Абраҟа иазгәаҭатәуп, хыхь иарбоу арыцхә адагьы, сынтәа 1992-1993ш. ш. рзтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аинвалидцәа ибиуџьеттәым рфонд ахантәаҩра азызуа русура рнапы алакуижьҭеи 5шықәса шыҵуа. Уи аамҭа иалагӡаны мҽхакы ҭбаала ари афонд аусмҩаԥгатәқәа нанагӡахьеит, иахьа уажәраанӡагьы анагӡара иаҿуп.
Афонд ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Емзар Ашуа инарҭбаан далацәажәеит, афонд аҿиареи аусушьеи шымҩаԥысуа. Зегь раԥхьаӡа дара ари афонд аҿы аусура ианалага, рнапы адыркит ԥаса афонд ахԥатәи аихагылаҿы иахьыҟаз аҟнытә Аԥсны аветеранцәеи аинвалидцәеи ирзымариахарц амҩахыҵра афонд акапиталтә ремонт азуны, шықәсыбжак ала актәи аихагылахь ииаргеит. Аҵыхәтәантәи хәышықәса афонд ахьӡ ада, аилазаара,аустав, аусушьа зегьы ԥсахуп. Иазгәеиҭеит, Аԥсны араионқәа зегьы рҟны афонд афилиалқәа аартны ишрымоу. Урҭ еиҳараӡак изеиҿкаау аҭыԥантәи аинвалидцәа актәи, аҩбатәи ргәыԥ змоу, изымаауа, араионқәа изҵазкуа рҟны идҵаалаларц азы ауп.
Аинвалидцәа ргәыԥ иаҵанакуа агәабзиара аганахь ала ацхыраара роуеит: ахаԥыцчаԥара, асанаториақәа рахь рышьҭра,аҽыхәышәтәра уҳәа ирацәаны. Иҟоуп аҷкәынцәа еиуеиԥшым аҽыхәышәтәразы 2-3 миллион зыхҭнырҵахьо, уахь иалоуп еиуеиԥшым ахирургиатә ԥҟарақәа. Дазааҭгылеит иахьынӡарылшо, ирыдҵаало аветеран мап ицәкны дшоурмыжьыц. Иазгәаҭатәуп, аҽыхәышәтәразы Аԥсны аҩныҵҟа еиԥш, уи анҭыҵгьы ишцало. Иара убас 2021 шықәсазы имҩаԥыргаз аицәажәарақәа рыла аҽыхәышәтәразы Ереванҟа амҩа аадыртит.
Ҳазну аамҭазы Аԥсны иҟоуп аветеранцәа 2850-ҩык. Урҭ ра­­хь­­тә шықәсык ирыдҵаалоит 1500-1600-ҩык. Иара убас иҳәеит, шықәсык Урыстәылаҟа аҽыхәышәтәразы ишырышьҭуа 500-ҩык инарзынаԥшуа аветеранцәа.
Иахьатәи ҳаамҭазы афонд аилазаараҟны иҟоуп 13-ҩык аусзуҩцәа, Аԥсны араионқәа рҟны хәҩы-хәҩыла аус руеит.
Аҳәынҭқарра аганахь ала аветеранцәа ацхыраара рырҭоит актәи агәыԥ азы –20 нызқь, аҩбатәи – 9 500 мааҭ , ахԥатәи –8 500 мааҭ.
Раԥхьаҟа ргәы иаанагоит ачымазцәа- аветеранцәа Аԥсны анҭыҵ имцакәа, араҟа рҽырхәышәтәлап ҳәа. Избанзар, инаҵшьны иазгәеиҭеит, аҳақьымцәа бзиақәа зыҩаӡара ҳараку аус шыруа агоспиталь аҟны,акызаҵәык ирыгу ацхыраара аҭахуп акапиталтә ремонт азы, амаругақәа рзы.

Стелла Сақаниа