Аха 1-тәи акласс ахь санца сыргәыбзыӷны сыргеит. Акино ианалага, ашәақь кны абахә дшаавҵызҵәҟьа асолдаҭ, иаразнак сҩагылеит сдәылҟьаны сцарц. Саныҩагыла избеит сышьҭахь дыштәаз сырҵаҩы. Иҟасҵара сзымдыруа саанхеит, сырҵаҩы дныжьны ацара сацәыԥхашьеит.
Сышьҭахь итәаз сахьырԥырхагаз аҟнытә, утәа ҳәа рыбжьы гон. Абас акино абжа цаанӡа сшьара сзықәымлеит. Сырҵаҩы амҩаҿ дысԥылар, даҽа мҩак ахь сцон, сылцәыԥхашьон. Лара Чхамалиа Ксениа Кыҷын иԥҳа, схаҭа санырҵаҩызгьы сылцәыԥхашьон.
Схаан атетрад ацынхәрас аҟанҷааӡараҿы рхы иадырхәоз ақьаад ҟаҳҵон, ачернила ацынхәрас – амҵарбӷьи аџьамԥазиеи рхышәҭқәа еилаҳҵон. Ашьамаҟа ацәа еимаас иаҳзырӡахуан.
Аамҭа хьанҭан, аха забацәа аибашьраҿ иҭахаз ҳзы иаҳагьы ицәгьан. Сара сан, саб иашьцәа ирыхшазгьы лара илбар акәхеит. Санду лыҷкәынцәа 3-ҩык аибашьра ду аан хабарда ибжьаӡит. Лара лықәрахь дшыҟамызгьы лыблақәа ирымбо длашәхеит. Аха зегь акоуп, сан иаашар, амра гылаанӡа, аколнхарахь дцар акәын. Зыбла иамбоз санду лхала дышьҭан, саб иашьцәа ирыхшаз ашколахь иныҟәон. Сара аҭаҭын ахьылҷаҷуаз сылгеит, хәбаҟа шықәса схыҵуан. Схы шсырхәмаруаз амла санакы, аҵәыуара салагеит. Ианысмуӡа, сан слыман ддәықәлеит, аха уаҟа иҷаҷуаз Ҟаитанба Пуц, сан длаӷьит, макьана агудок абжьы мгац, бышцо рбар, бдырӡуеит, нас дызбода бхәыҷы ҳәа. Сара сахь дга, аԥши аҭаҭыни бышрылоу аӡәгьы бимбакәа бцоит, – лҳәеит уи. Ус иагьыҟалҵеит сан.
Ламшьаҵә Багаҭалиеи иаб иашьа иԥа Сиԥанеи еихагыланы ицәаӷәон. Агудок абжьы анга, Сиԥана хыхь дыҟан, ицәқәа шаауишьҭыз, Ламшьаҵә дизымԥшыкәа, дышнеиуаз зашҭа дҭысуаз Иуан дычмазаҩын, дызбап ҳәа дахьыныҩналаз, дхәарҭамкәа даниба, уи аҟара атәаха имамызт, деиқәыкны дцеит. Ламшьаҵәгьы дныҩнаххит дибарц. Мпахьшьыла деихаҿеиҳәахьан, аха иԥсы ҭан аҟнытә, иқьышәаҿ ҭыԥк ԥшааны, аҳауа шигоз аниба, ампахьшьы анамих, «уф гәышьа» – симшьуаз уара ҳәа иҳәеит. Ари аиԥш иҟоу аиҭаҳәара захәҭоу ҳәа сгәы иаанаго убри ауп: иахьа ҳазлаҟоу пату ақәҵатәуп, иаҳаракгьы аҿар, ахәыҷқәа аамҭа ирымоу рхы иархәаны аҵараҿы ақәҿиарақәа аадырԥшлароуп. Абас аамҭа цәгьа аан ауаа рхы иагыжьны, аибацәа ирыцхраауан, ирзыцәаӷәон, ирзырашәон.
Сара сан Лимо Қаџьаиа, лаҳәшьа лхаҵа Данелиа Алиоша пату зқәыз уаҩын. Уи даара дсыхәон. Аҵара акы салгар, ҽакы сазикуан. Иара ибзоуроуп хԥаҟа диплом ахьышьҭысхыз.
Иара убас, ацхыраара ду ҳаиҭон Ӷәада инхоз Қәыҭи Агәхаа – саб иаҳәшьа лхаҵа. Санхәыҷыз, Ӷәада саныҟаз, Қәыҭи игәылацәа рыӡбахә аниҳәоз избандаз ҳәа сгәы иснаҭон, убри аҟара иҳаракны, акрыгымкәа дрыхцәажәон.
Абра избеит аԥсуа ичеиџьыка шаҟа патула иазныҟәоз. Астол аҿы иантәаз арыжәтә рҽадыршьуамызт. Уи моу, рхәы ирымҵазгьы иқәҳаҳа ирфомызт. Излацәажәозгьы раарыхра зеиԥшрахаз, иҭаргалаз, изхьымӡац, рырахә-рышәахә, рышьхымӡа акәын.
Иахьа ԥыҭҩык анхацәа рцақәа ҭыкка игылоуп, аԥсуа хаҵа ицәтәымыз иҟан-ианым ҳәауа идәықәугьы ыҟоуп. Аԥсуа нхаҩы ица ҭәызароуп, убас – ишьамаҟа, иԥсаса, ишьхымӡа. Ус иҟоу маҷым Арасаӡыхь ақыҭан. Убасҟан ауп аԥшәмаԥҳәыс лгәалаҟара бзианы асасцәа данырԥыло.
Сара сан асасдкылара бзиа илбон, шәхак иадамзаргьы, асас ихәы лҵәахуан, асасцәа риара хиан.
Сан аҟыбаҩ ҷыда лыман. Ԥшьҩык ахәыҷқәа рааӡара, зыбла иамбоз ланхәа, аҩны, аколнхара усқәа зегьы дрыхьӡон. Ахацәа ахьмаҷыз азы лыцәқәеи луӷәи еиқәын, аколнхара дгьылқәа лцәаӷәон, лара леиԥш ицәаӷәон лҩызцәа Ԥуц Ҟаитанбеи Олиа Габниеи.
Ҳаибашьра ашьҭахь сгәылацәа ахьцоз срыцымцеит, исылымшеит саб иџьынџь, иџьабаа здыз ныжьны ақырҭуа иҩнашә аартра. Иахьагьы сахьхәым. Макьанагьы ихынҳәыр изҭаху рыҩнқәа гылоуп.
Арасаӡыхь ааныжьны ицахьаз џьоукы Аџьамԥазра, Шьалодиа Дочиа иҿы ианнеи, шәџьынџьқәа рҿы шәаху, иншәыжьхьоу ҳәа данрызҵаа, – уашьа ҳақәицеит ҳәа иарҳәеит. Усҟан сара ақыҭа хадас сыҟан. Иара дцама ҳәа дразҵааит, мап ҳәа аниарҳәа, аиаша ҟаиҵеит, аҵеи дзырааӡо ахәышҭаарамца имырцәац ауп ҳәа аҭак риҭеит.
Сара саб иеиҭаҳамҭа аҳа иахьакәым игылоуп, ахаҭагьы аҩарахьы ахы кыднаҵеит, аха исцәыхьамҭоуп аԥҟара.
Камыгә Багаҭелиа Аҟәа ихатә ҩны иман, убас – аусурҭа бзиагьы. Аха Арасаӡыхь иаарыхны аԥш игон. Аӡәы дизҵааит: – уара ухы аџьабаа заурбои, уԥара-ушьара уеиқәшәоуп ҳәа аниеиҳәа, – аџьармыкьаҿ иаархәаз ашыла ала абысҭа анырулак иарбанцыфазаалак исуҭалакгьы исыгәакьаӡам. Снапала иаасрыхуа цыфада исуҭаргьы исызгьамоуп иҳәеит.
Ҭагалара ианалгалак, анхацәа бригада-бригадала ҩнаҭакаҿы еидтәалон. Ҳҿа-маҿа, ҳаарыхра абзиаразы инаҳхааит, асас ихәы ҳаҩнаҭа иагымзааит ҳәа иныҳәон.
Ҳанцәажәо, зегьы аԥсуара ҳахныҳәоит, аха ахаҭа еилкааны аӡәгьы издыруам, ԥыҭҩык ҳҵарауаа алаҳамҵозар. Аԥсуара ииашаны еилаҳкаауазар, аимак-аиҿак маҷхон, иахьа иаҳԥыло ахәымгарақәа ҟаломызт. Сқәыԥшра аамҭазтәи ауаа хазынақәа, ҵара рымамкәа ԥсыуа ҵасла иааӡан. Астолаҿы арыжәтә пату ақәырҵон, аамҭа ргон, рҽадыршьуамызт. Ирымҵаз афатәгьы аԥсуара аныԥшуа акәын ишырфоз.
Убас иҟаз рацәаҩӡан, аха Бганба Мышьа икрыфашьа, ирыжәтә жәышьа, уи адагьы иусушьа, ихымҩаԥгашьа аԥсуаразы иҿырԥшыга бзиан. Аколнхара ахантәаҩраҿы, ақыҭа ахадараҿ даныҟаз, аӡә игәы нимырхеит, ибжьы адәахьы уаҩы имаҳаит.
Арасаӡыхь ақыҭан Қапаа рымарда иахьагьы аҳаблақәа ирылукаартә иҟоуп. Ҭеиҭыԥшлагь, ҟазшьалагь уаҩы дырҿыԥшыртә иҟан Қап Ӡаӡ, Қап Ӡыкәыр. Рцәажәараан ражәақәа еихышәшәон, иахьа ус шамаха иуԥылом.
Ашкол ҳанҭаз директорс даарышьҭит Нхыҵ-Каказынтәи Капов зыжәлаз. Уи аниаҳа, Ӡаӡ дааны ихы аниирдыруаз, даниацәажәоз 70 шықәса шцахьоугьы, исгәалашәоит. Қапба Котики Қапба Вовеи рацәак исеиҳамызт, аха реиҳабацәа ирҿырҵааз аԥсуара рылыжжуа иҟан. Ашкол адиректор Қапба Џьоф Пахәала-иԥа аус ицура маншәалан – идырра ҳаракын, аԥсуа ламысла дыхиан.
Сабду Дигәа Дочиа усҟантәи ала дынхаҩ наган. Арахә бзианы иааӡон аҟнытә Ҭхьына инхоз Думаа Нестор исеиҳәахьан: – дад, уара уабду икамбашьқәа аӡынра аӡмах иҭатәоит. Изаныз алақәа асас данааиуаз иеишуамызт, аха ԥшәымак дрыцымкәа ашҭа иҭрыжьуамызт. Ӡаӡ Дарсалиа иҩымҭаҿы ишигәалаиршәо ала Гәыԥ аизараҿы дҩагылан ақырҭуа меншевикцәа имҩаԥыргоз аполитика даҿагыланы дцәажәеит. Иҷкәынцәа ахҩыкгьы аибашьра ду аҿ ишҭахахьазгьы, игәы каижьуамызт. Сықәра шынаскьахьоугьы, ҳаԥсадгьыл иаҭаххозар, абџьар скуеит иҳәон.
Ақырҭуа-аԥсуа еибашьра иалагаанӡа иҟалараны иҟаз заа еилызкааз Гогиа Резо Шәарах иԥеи, Бганба Хәыхәыт Шьаликәа-иԥеи, Анцупови еиҿыркааит агвардиа. Уи рҽаладырхәит ахацәа зегьы, рџьабаагьы рацәоуп.
Ажәытәтәи аибашьра аветеранцәа патугьы рықәын, ражәагьы акын. Иахьагьы Аԥсны ахақәиҭра азаазгаз зегьы ажәлар пату шәықәырҵоит, шәыхшара шәылаҽхәоит, аха маҷк аидгылара шәыгуп. Аибашьраан аӡәк еиԥш шәшыҟаз шәҟалароуп иаҳҭаху.
Сара схаан ҵара рымаӡамкәа рхымҩаԥгашьа, аиҳаби-аиҵби реизыҟазаашьа даара иссирын. Сахьахәаԥшуа, ҳара аиҳабацәагьы иаҳхароу ыҟоушәа избоит. Баша ирҳәомызт аԥсуаа: иушәаҳәашьоу сыкәашашьоуп ҳәа. Ҳара аиҳабацәа иҵегьы ҳҿабызшәа ҳархаар ҳҿаргьы иаҳа аиҳабацәа ирцәыԥхашьо иалагоит. Патула аҳаҭыреиқәҵара, патула аицәажәара, аихаҵгылара ари аԥсуара ҵәатәышьаҟас иаҵагылоуп.
Аԥсшәа зауҳәаз аҭак уиҭоит, дуцәҳар уицәҳауеит. Еснагь иаҳгәалаҳаршәалароуп Баграт Шьынқәба ицәаҳәақәа: «Аԥсуаа ҳаугозар ҳара ҳтәы хазуп. Ҳара ҳхазы аҵкыс џьоукы рзы ҳразуп». Ус ҳанзыҟала, аӡы ахьышьҭрахь ишыгьежьуа аиԥш, ҳхьышьҭра ҳҭалоит.
Иура Дочиа
Арасаӡыхь ақыҭа