Print this page

Ацәыргақәҵа

Хәажәкыр 28, 2025 124

Ааигәа Аҟәа иаатит ажәабатәи Жәларбжьаратәи ацәыргақәҵа  Липецктәи Аԥснытәи  асахьаҭыхҩцәа қәыԥшцәа алархәны.

Ари ацәыргақәҵа аиҿкаара азоуроуп Липецктәи ахәыҷтәы сахьаҭыхратә школ В. И. Сурков ихьӡ зхуи Аԥснытәи ахәыҷтәы ҟазаратә Ҩны  «Аинари» ирыбжьоу русеицура.

Иазгәаҭатәуп, шықәсырацәалатәи русеицура иалагӡаны еиҿкаан еиуеиԥшым жәаҩа цәыргақәҵа, имҩаԥган аҟазара-классқәа, арт-пленерқәа.

Ари ацәырқәҵаҿы иӡырган еиуеиԥшым атематикақәа рыла иҭырхыз аҭыхымҭақәа. Мызкы аҩныҵҟа  иаарту ацәыргақәҵа иаҭаан ирбарц рылшоит аҟазара абзиабаҩцәа зегьы.