Акамерақәа иадырбоит аццакыра, ацәаҳәақәа рхысра, ашәарҭадара амаҟақәа рымамзаара, амобилтә ҭел ала аицәажәарақәа автомашьына аԥсҟы кны.
Ԥсоуи Аҟәеи рыбжьара иқәыргылоуп акамера ҿыцқәа 23. Урҭ рылаԥш иҵшәом лада-ҩада иныҟәо автомашьынақәа. Иаарласны афотовидеорбара аппарат ҿыцқәа 20 ықәыргылахоит Аҟәеи Гали рыбжьара.
Ари аусмҩаԥгатә ҵакыс иамоу амҩаҿы амашәыртә хҭысқәа рхыԥхьаӡара аиҵатәра ауп.
«Ԥҟарак аиԥш, акамерақәа ахьықәдыргылауа аҭыԥқәа рҟны амашәырқәа рхыԥхьаӡара акырынтә илаҟәуеит. Ҳара хықәкыс иҳамоу амҩадуқәа рҿы ауаа рҭахара алмыршара ауп. Амашьынаныҟәцаҩцәа ҳрыԥхьоит ргәырҽанызарц, амҩаҿы аныҟәара аԥҟарақәа ирықәныҟәаларц», – иҳәеит Аҩӡба.